Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа"

© Sputnik / Томас Тхайцук Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын
Ацәыргақәҵа  Ахатәы коллекциа Аҟәа иаартын - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2022
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" еицеиҿыркааит Ацәыргақәҵатә зал хадеи афонд "Амшреи".
АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Мшаԥы 11 азы ацәыргақәҵа "Ахатә коллекциа" аатит Ацәыргақәҵатә зал аҿы.
Арахь иааган шәкы инареиҳаны XVIII - XX ирыҵаркуа Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа, ахатә коллекциақәа рҿы иҵәахыз. Ацәыргақәҵа аартуа Азал адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит аартраз шықәсык рҽшаздырхиоз.

"Иҟалап Аԥсны раԥхьаӡа акәзар ари аҩыза ацәыргақәҵа анаадырт. Апроект еиднакылоит жәаба инарзынаԥшуа аколлекциақәа. Ацәыргақәҵа уникалуп, избанзар ара еидкылоуп акультуратә ҭынха еиуоу, иахьатәи аамҭа еиуоу, ижәытәтәиу европатәи агравиурақәа уҳәа. Дара ирзеиԥшу ахатә коллекциақәа иахьрыҵаркуоуп", - лҳәеит лара.

Апроект ахылаԥшҩы Баҭал Кобахьиа иҳәеит ихатә коллекциаҿы еизгоу аусумҭақәа, иара идунеи аниԥсахлак ашьҭахь Аԥсны Аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә галереиа иаиурц азы ауасиаҭ-шәҟәы шиҩхьоу.
Арсалиаԥҳа Хаҭалатәи аколлекциа азы: асахьаҭыхыҩ инаҩсгьы аколлекционергьы дфырхаҵоуп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Арадио
Арсалиаԥҳа "Хаҭалатәи аколлекциа" азы: асахьаҭыхыҩ инаҩсгьы аколлекционергьы дфырхаҵоуп
"Ари агалереиахь акәым. Ибзиоу ацәыргақәҵатә зал ахь. Ауаа ирбо-ираҳауа иахьыҟало, жәашықәсала асаба рықәыҩҩ имҵәахыкәа", - иҳәеит иара.
Акультура аминистр Даур Ақаҩба агәыӷра ааирԥшит агалереиа ҿыц ргылахап ҳәа.
"Зегьы ишәыдысныҳәалоит ахатә коллекциақәа рҿы иҟаз арҿиамҭақәа рбара ахьҳалшаз. Сгәыӷуеит ари ауснагӡатә ҵыхәтәантәим ҳәа" - иҳәеит иара.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

Ацәыргақәҵа  "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын - Sputnik Аҧсны
1/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

Ацәыргақәҵа  "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын - Sputnik Аҧсны
2/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

Ацәыргақәҵа  "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын - Sputnik Аҧсны
3/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

Ацәыргақәҵа  "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын - Sputnik Аҧсны
4/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

Ацәыргақәҵа  "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын - Sputnik Аҧсны
5/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

Ацәыргақәҵа  "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын - Sputnik Аҧсны
6/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

1/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

2/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

3/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

4/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

5/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

6/6

Ацәыргақәҵа "Ахатәы коллекциа" Аҟәа иаартын

Акультураз Аԥсны ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа иазгәеиеҭит иидыруаз аҟазауаа ари ацәыргақәҵаҿы зынӡа аҽакала ибартә ишааԥшыз.
"Аԥснытәи аҟазауаа адунеитә тенденциақәа ирыҵахом. Арҿиамҭақәа рыҩаӡара уеигәырӷьап. Ахатә коллекционерцәа роуп ҳаамҭазтәи арҿиара аиҳарак еиқәзырхахьоу", - иҳәеит иара.
Ацәыргақәҵа аартуп мшаԥы 22 аҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0