Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаиреилахәыракәа 21 асиа еиқәаҵәахьы ианырҵеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолёты в аэропорту Новосибирска
Самолёты в аэропорту Новосибирска - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Евроеидгыла асанкциақәа рҳәаа иҭагӡаны урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы ажәҩан анаркит.
АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik. Еврокомиссиа (ЕК) Евроеидгыла аҳаиртә шәарҭадараз асиа ианырҵеит Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоу 21 аҳаиреилахәырақәа ҳәа аанацҳауеит ЕК.

"Акомиссиа ЕЕ аҳаиртә шәарҭадараз аҳаиреилахәырақәа рсиа еиҭарҿыцит Европатәи астандартқәа ирықәшәом ҳәа. Абри ашьҭахь Еврокомиссиа Евроеидгыла аҳаиртә шәарҭадара асиа иаҵанаркит Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоу 21 ҳаиреилахәыра", - аҳәоит арелиз аҿы.

Мраҭашәаратәи атәылақәа Украина абџьархыхразы имҩаԥысуа аоперациа ҷыда инадҳәаланы Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа аларгалеит. ЕЕ Урыстәылаҟа аграждантә ҳаирпланқәеи, урҭ рыхәҭақәеи ралагалара азин ҟанаҵом.
Начало курортного сезона в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Мшаԥы 9 инаркны Урыстәылеи аиҩызаратә тәылақәа 52-еи рыбжьара аҳаиртә еимадара хацыркхоит
Ализингҭаҩцәа ракәзаргьы адҵа рыҭан хәажәкыра нҵәаанӡа уаанӡатәи аилаӡарақәа аԥырхырц. Азин ыҟам иара убасгьы аҳаирпланқәа ртехникатә маҵзура амҩаԥгара. Евроидгыла, ЕАА, Канада уҳәа атәылақәа урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы рыжәҩан адыркит.
Урыстәыла уи аҭакс аҳәаанырцә иҭагалоу аҳаирпланқәа рзы ахатәы жәҩан анаркит.
Ажәабжьқәа зегьы
0