Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиҳабыра афымцамчхархәара анормативқәа шьақәдыргылеит

© Sputnik Лампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2022
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара ахатәхаҿқәеи аиуристтә хаҿқәеи рфымцамчхархәараз ахәԥҵәа ҿыцқәа шьақәнаргылеит. Ақәҵара амчра аиуеит ԥхынгәы 1 инаркны.
АҞӘА, мшаԥы 13 – Sputnik. Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылеит афымцамчхархәара агәаҭагақәа ззықәгылами иззықәгылоуи ахатәхаҿқәа рхы иадырхәо афымцамч анорматив узхымԥо хыхьтәи аҳәаа. Абри атәы лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы.
Росстандарт ввел новые правила проверки счетчиков - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2022
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара афымцамч ахархәаразы ахәԥҵәа ҿыцқәа шьақәнаргылеит
Озган илҳәеит аӡыни аԥхыни афымцамчхархәара аиԥшымзаара азгәаҭаны анорматив шеихшоу. Аӡын аамҭа ҳәа ишьоуп абҵара-хәажәкыра, аԥхын аамҭа ҳәа ишьоуп мшаԥы-жьҭаара амзақәа.
Ахатәхаҿқәа х-категориакны ишоуп: ауадақәа ирыҩноу (ақалақь аҿы), ахатәыҩнқәа ирыҩноу (ақалақь аҿы), ахатәыҩнқәа ирыҩноу (ақыҭаҿы).
Аҭаҩрахархәагақәа ззықәгылоу ахатәхаҿқәа рсоциалтә норма анаҩстәи атаблицаҿы иаагоуп:

Аҭаҩрахархәага змоу рзы афымцамчхархәара асоциалтә норма

Аӡынтәи аамҭа

Аԥхынтәи аамҭа

Ауада

700 кВт⋅с

500 кВт⋅с

Ахатәыҩны ақалақь аҿы

800 кВт⋅с

600 кВт⋅с

Ахатәыҩны ақыҭаҿы

950 кВт⋅с

650 кВт⋅с

Асоциалтә норма иазԥхьагәанаҭоит атариф (70 копеи). Анорма еиҳаны ахархәара зырҭо афымцамч ахәԥса аҭаҩрахархәага змам реиԥш ахәԥса ршәоит (90 копеи).
Озган илҳәеит абонентцәа реиҳараҩык иахьа аҭаҩрахархәагақәа шырзықәгылам, урҭ асоветаамҭаан еиԥш алашара аԥара шахыршәаауа. Ԥхынгәы 1 инаркны аҭаҩрахархәагәаҭага ззықәгылам ахатәхаҿқәа рхы иадырхәо афымцамч ахәԥса абас иршәалоит:

Аҭаҩрахархәага змоу рзы афымцамчхархәара асоциалтә норма

Аӡынтәи аамҭа

Аԥхынтәи аамҭа

Ауада

1200 кВт⋅с

840 кВт⋅с

Ахатәыҩны ақалақь аҿы

1500 кВт⋅с

1050 кВт⋅с

Ахатәыҩны ақыҭаҿы

1000 кВт⋅с

700 кВт⋅с

Аминистрцәа реилазаара ахатәхаҿқәеи аиуристтә хаҿқәеи рфымцамчхархәараз ахәԥҵәа ҿыцқәа шьақәнаргылеит. Ақәҵара амчра аиуеит ԥхынгәы 1 инаркны.
Ахәԥҵәақәа еиҭакуп Аԥсны фымцамчхарала аиқәыршәара аоптимизациаз ауснагӡатәқәа рыплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа, Аекономика аминистрра, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра рақәшаҳаҭхарала. Аплан инақәыршәан ахәԥҵәақәа еиҳа-еиҳа ишьҭыҵлоит хәышықәса рыҩнуҵҟа.
Ажәабжьқәа зегьы
0