https://sputnik-abkhazia.info/20220413/aministrtsa-reilazaara-afymtsamch-akharkharazy-akha-ytsa-shanargyleit-1038625289.html
Аминистрцәа реилазаара афымцамч ахархәаразы ахәԥҵәа ҿыцқәа шьақәнаргылеит
Аминистрцәа реилазаара афымцамч ахархәаразы ахәԥҵәа ҿыцқәа шьақәнаргылеит
Аиҳабыра ишьақәдыргылеит афымцамчхархәаҩцәа ркатегориақәа жәаба. Урҭ досу рхатәы тариф роуеит. 13.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-13T10:15+0300
2022-04-13T10:15+0300
2022-04-13T10:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
аԥсны аенергетика апроблемақәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/14/1031491042_0:0:3000:1688_1920x0_80_0_0_6e522056b4148e852dee8383e19b5393.jpg
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара афымцамч ахархәаразы ахәԥҵәа ҿыцқәа шьақәнаргылеит ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи рзы ҳәа адырра ҟалҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы.Ақәҵара амчра аиуеит 2022 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.Озган ишылҳәо ала, афымцахархәара агәаҭагақәа ззықәгылам ахатәхаҿқәа атариф ҿыц ала 90 копеи ршәароуп киловатт-сааҭк азы, агәаҭагақәа ззықәгылоу – 70 копеи киловатт-сааҭк азы.Агәабзиарахьчара, аҵара русхк иаҵанакуа икоммерциатәым аиҿкаарақәа 80 копеи киловатт-сааҭк азы иршәалароуп, аихамҩатә транспорти Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазеи – 70 копеи киловатт-сааҭк азы, Анхамҩа-коммуналтә нхамҩа аиҿкаарақәеи анаплакқәеи – 70 копеи, аиуристтә хаҿқәеи ахаҭалатә наплакыҩцәеи – 1,40 мааҭ киловатт-сааҭк азы.Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥаразоужьра змоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи абиуџьеттә усбарҭақәеи – 1,50 мааҭ ршәоит, дара абарҭ аусбарҭақәа, аха аҭыԥантәи абиуџьетқәа рҟынтәи аԥаразоужьра змоу – 1,20 мааҭ.Афымцамчхархәарала иныҟәо ақалақьтә транспорт аобиектқәа - 40 копеи ршәоит, ирезидентым ахархәаҩцәа - 1,80 мааҭ, акриптовалиута зырҳауа - 3,60 мааҭ (аиҳабыра амаининг азин ҟарҵар).Ахәԥҵәақәа еиҭакуп Аԥсны фымцамчхарала аиқәыршәара аоптимизациаз ауснагӡатәқәа рыплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа, Аекономика аминистрра, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра рақәшаҳаҭхарала.
https://sputnik-abkhazia.info/20220216/anba-afymtsamch-akharkhara-akha-aiakra-dalatsazheit-1037606921.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0c/14/1031491042_271:0:3000:2047_1920x0_80_0_0_5d10d722fd481318b8c6a25a9237e5f2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аԥсны аенергетика апроблемақәа
Аминистрцәа реилазаара афымцамч ахархәаразы ахәԥҵәа ҿыцқәа шьақәнаргылеит
Аиҳабыра ишьақәдыргылеит афымцамчхархәаҩцәа ркатегориақәа жәаба. Урҭ досу рхатәы тариф роуеит.
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара афымцамч ахархәаразы ахәԥҵәа ҿыцқәа шьақәнаргылеит ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи рзы ҳәа
адырра ҟалҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы.
Ақәҵара амчра аиуеит 2022 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.
Озган ишылҳәо ала, афымцахархәара агәаҭагақәа ззықәгылам ахатәхаҿқәа атариф ҿыц ала 90 копеи ршәароуп киловатт-сааҭк азы, агәаҭагақәа ззықәгылоу – 70 копеи киловатт-сааҭк азы.
Агәабзиарахьчара, аҵара русхк иаҵанакуа икоммерциатәым аиҿкаарақәа 80 копеи киловатт-сааҭк азы иршәалароуп, аихамҩатә транспорти Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазеи – 70 копеи киловатт-сааҭк азы, Анхамҩа-коммуналтә нхамҩа аиҿкаарақәеи анаплакқәеи – 70 копеи, аиуристтә хаҿқәеи ахаҭалатә наплакыҩцәеи – 1,40 мааҭ киловатт-сааҭк азы.
Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥаразоужьра змоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи абиуџьеттә усбарҭақәеи – 1,50 мааҭ ршәоит, дара абарҭ аусбарҭақәа, аха аҭыԥантәи абиуџьетқәа рҟынтәи аԥаразоужьра змоу – 1,20 мааҭ.
Афымцамчхархәарала иныҟәо ақалақьтә транспорт аобиектқәа - 40 копеи ршәоит, ирезидентым ахархәаҩцәа - 1,80 мааҭ, акриптовалиута зырҳауа - 3,60 мааҭ (аиҳабыра амаининг азин ҟарҵар).
Ахәԥҵәақәа еиҭакуп Аԥсны фымцамчхарала аиқәыршәара аоптимизациаз ауснагӡатәқәа рыплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа, Аекономика аминистрра, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра рақәшаҳаҭхарала.