Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахеиқәырхара аурокқәа: ашколхәыҷқәа рзы Бзыԥтәи аҩхааҿы аекоквест имҩаԥган

© Foto / Астанда ДженияУроки выживания
Уроки выживания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2022
Анапаҵаҩра
Бзыԥтәи аҩхааҿы аекоквест мҩаԥган ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсабара" аԥшьгаралеи Аԥсны АҶА ацхырааралеи.
АҞӘА, мшаԥы 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи ашколхәыҷқәа рзы Гагра араион Бзыԥтәи аҩхааҿы аекоквест мҩаԥган ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Шәачатәи аекозыҟаҵаҩ Екатерина Максимова.

"Аекоквест мҩаԥысуан аныҟәарақәа рсезон аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны. 35-ҩык ахәыҷқәа адырратәии аинтерактивтә формалеи иддырҵон ииашаны аныҟәарақәа шымҩаԥгатәу, уахь згара аҭаху, аԥхьатәи амедицинатә цхыраара шымҩаԥгатәу, амца шеиқәҵатәу, амшьамбақьала шыргылатәу. Ахәыҷқәа атеориаҿ акәым, аԥсҭазаараҿ лабҿаба ари зегьы дырбан", - ҳәа лҳәеит Максимова.

Лара илҳәеит акциа ишадгылаз Аԥсны АҶА. Аиқәырхаҩцәа еиҭарҳәеит аныҟәарақәа рылагаразы амш зеиԥшразар акәу, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ахымҩаԥгашьа шаҭаху, ауаҩы амра ихы иасыр иҟаҵатәу, рнапы-ршьапы ааха аиур, аткьац ишанҵатәу, ахәыҷқәа иддырбеит аӡы арсраан аӷбашаха ахы ишархәатәу аҟазара-класс.
Экологическая акция в селе Мгудзырхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2022
Аԥсны
Мгәыӡырхәатәи ашколхәыҷқәа 40 ликвидамбар еиҭарҳаит
Аиҿкааҩцәа иара убасгьы иалацәажәеит аныҟәарақәа раан аԥсабара мҟьашьырц ахымҩаԥгашьа. Ақәыԥшцәа ирабжьыргеит зныкхархәаратә ачысмаҭәа рымгарц уи аԥсабара анырра бааԥсны иахьанаҭо азы.

"Ахәыҷқәа реиҳараҩык уаанӡа аныҟәарақәа ирылахәымхацызт, иагьрыздырамызт. Ари дара рзы хра аиуеит. Аиқәырхаҩцәа оумашәа ирбеит ахәыҷқәа заҟа ирласны ишьҭыркаауаз ирҳәоз", - ҳәа лҳәеит аекозыҟаҵаҩ.

Максимова лажәақәа рыла, аԥснытәи аекологиатә еиҿкаара "Аԥсабара" аус ацура далагеит хәышықәса раԥхьа, Шәачатәи амилаҭтә парк аҿы аус анылуаз.
Акциа мҩаԥыргеит апроект IRCCR аҳәаақәа ирҭагӡаны. Апроект аладырҵәоит ЕАР аҿиара Апрограммеи жәларбжьаратәи аҿиаразы Швециатәи амаҵзуреи.
Аԥсны аҩнуҵҟа "Аԥсабара" аклубқәа хәба аус руеит, Мгәыӡырхәеи Шьашьикәареи рышколқәа, Гагратәи ашкол №1, Пицундатәи ашкол №2, аекологиатә центр "Аԥсабара" рышьаҭала.
Ажәабжьқәа зегьы
0