Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахба Аԥсуа театр ҳамҭас иаҭаз китаитәи ахарԥшьақәа рҭоурых атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахба Аԥсуа театр ҳамҭас иаҭаз китаитәи авазақәа рҭоурых атәы
Анапаҵаҩра
Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр афоиеқәа руак зырҧшӡоз китаитәи афарфор иалхыз ахарԥшьақәа руак еиҭашьақәыргылоуп. Уи аҭоурых атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, актиор – Лаврик Ахба.
Ахарԥшьақәа аҭоурых ду рымоуп. Дара аҧсуа театр ҳамҭас иаиҭахьан еицырдыруа аҧсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба. Аԥсуа драматә театр актиор еиҭеиҳәеит, уи шыҟалаз атәы.
"Авазақәа аӡәы ҳамҭас ииҭеит Миха Лакрба. Атеатр аҿы иубилеик аан иара инаган иаанижьит ҳәа ауп ишыздыруа. Афоие аҿы аваза дуқәа ҩбеи ахәыҷыи агәҭа игылан. Аибашьраан авазақәа ыӡит. Атеатр актирсацәа Розита Ҭаниеи Маиеи Џьыкырбеи атеатр ашьҭахь иҟаз аҵәахырҭаҿ анышә иҵаҵаны иҵәахны ицеит. Аибашьра анеилга, ҳанааи дара ыҟамызт", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ахба.
Аибашьра ашьҭахь мызқәа ааҵуаны Лаврик Ахба џьоукы адырра ирҭеит Аҟәа аханы иҟоу ҩнык аҿы ахарԥшьақәа руак шырбаз абжа ԥҽны. Анаҩс уи ааган атеатр ахыбрахь. Ахарԥшьа ашьақәыргылара шалыршахаз атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0