https://sputnik-abkhazia.info/20220416/amshati-aarmyka-akultura-usut-y-gyma-iarban-aalyu-itsyrnagaz-1038682434.html
Амшаԥтәи аџьармыкьа: акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" иарбан аалыҵу ицәырнагаз
Амшаԥтәи аџьармыкьа: акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" иарбан аалыҵу ицәырнагаз
Sputnik Аҧсны
Сынтәа аиашахаҵаратә қьырсиан динхаҵаҩцәа Амшаԥныҳәа азгәарҭуеит амҽыша мшаԥы 24 азы. 16.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-16T13:17+0300
2022-04-16T13:17+0300
2022-04-16T13:26+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/10/1038681478_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_1b66b378b4bb138d8d43d7b850652749.jpg
АҞӘА, мшаԥы 16-Sputnik. Амшаԥтәи аџьармыкьа ҩмш имҩаԥысуеит лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа."Аԥсшьарамшқәа рзын ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа лассы-ласс имҩаԥаагоит. Уажәтәи маҷк аԥсахрақәа алаҳгалеит, иҳаӡбеит ахәаши асабши амҩаԥгара. Аџьармыкьа Амшаԥныҳәа иазкуп, араҟа ауаҩы иааихәар илшоит ақыҭанхамҩатә аалыҵ, аххылаз аиаҵәара, ашәырқалмышь, аҩнтәи акәтаӷь, аҩнытә ԥсаатә рыцқьаны уҳәа, ауаҩы ииҭаху рацәаны иалихыр илшоит. Иара убас, аџьармыкьа иалахәуп еиуеиԥшым аҩнымаҭәаз анапҟазацәа", - ҳәа азгәалҭеит лара.Амшаԥтәи аџьармыкьа иалахәу рыбжьара иҟоуп акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа бжьазмыжьуа еснагь зхы алзырхәуа, иара убас раԥхьаӡа акәны зҽалазырхәызгьы.Амшаԥтәи аџьармыкьаҿ ицәыргоу аалыҵ рыхәқәа лаҟәуп аџьармыкьақәа рыҟны аасҭа, уи адагьы аҭиҩцәа алшара рымоуп раалыҵ дара ирҭииртә еиԥш."Аахәаҩ аџьармыкьа даналоу агәырӷьара изцәырҵӡом, ара алшара рымоуп акагьы аарымхәаргьы иаҭааны абара, ирбаша ираҳаша рацәоуп", - лҳәеит лара.2021 шықәса ԥхынгәымза аҩшамҭазы, Аҟәа аихамҩатә аангыларҭа "Гәыма" аҟны гәыԥҩык активистцәа иаадыртуеит акультура-усутә ҭыԥ. Уи аахыс ари аҭыԥ Аԥсны иаҭаауа асасцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи рыбзиабара иаԥсахеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20211218/asny-akhada-akulturat-y-gyma-ay-imagaz-ayankhamat-aalya-rarmyka-daaait-1036814826.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/10/1038681478_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_d3110da56add99f1d898e2854a493fd3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Амшаԥтәи аџьармыкьа: акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" иарбан аалыҵу ицәырнагаз
13:17 16.04.2022 (ирҿыцуп: 13:26 16.04.2022) Сынтәа аиашахаҵаратә қьырсиан динхаҵаҩцәа Амшаԥныҳәа азгәарҭуеит амҽыша мшаԥы 24 азы.
АҞӘА, мшаԥы 16-Sputnik. Амшаԥтәи аџьармыкьа ҩмш имҩаԥысуеит лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа.
"Аԥсшьарамшқәа рзын ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа лассы-ласс имҩаԥаагоит. Уажәтәи маҷк аԥсахрақәа алаҳгалеит, иҳаӡбеит ахәаши асабши амҩаԥгара. Аџьармыкьа Амшаԥныҳәа иазкуп, араҟа ауаҩы иааихәар илшоит ақыҭанхамҩатә аалыҵ, аххылаз аиаҵәара, ашәырқалмышь, аҩнтәи акәтаӷь, аҩнытә ԥсаатә рыцқьаны уҳәа, ауаҩы ииҭаху рацәаны иалихыр илшоит. Иара убас, аџьармыкьа иалахәуп еиуеиԥшым аҩнымаҭәаз анапҟазацәа", - ҳәа азгәалҭеит лара.
© Sputnik / Томас Тхайцук Амшаԥтәи аџьармыкьа ҩмш раахыс имҩаԥысуеит акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны.
Амшаԥтәи аџьармыкьа ҩмш раахыс имҩаԥысуеит акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны.
© Sputnik / Томас Тхайцук Амшаԥтәи аџьармыкьа ҩмш раахыс имҩаԥысуеит акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны
Амшаԥтәи аџьармыкьа ҩмш раахыс имҩаԥысуеит акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны

Амшаԥтәи аџьармыкьа иалахәу рыбжьара иҟоуп акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа бжьазмыжьуа еснагь зхы алзырхәуа, иара убас раԥхьаӡа акәны зҽалазырхәызгьы.
"Амшаԥныҳәа иадҳәалоу аалыҵ рацәаны иҟоуп. Ирацәаҩуп раԥхьаӡа акәны ари аусмҩаԥгатә зхы алазырхәуа, ҳақәгәыӷуеит урҭ иахьатәи амш ргәалашәараҿ иаанхап, иргәаԥхап, анаҩсгьы аус еицаауп ҳәа. Ақыҭанхамҩатә аалыҵ иадҳәалан акы аныҟаҳҵо еснагь ҳара ҳрыдҵаалоит араионқәа рхадацәа, аҭыԥқәагь хәыда-ԥсада ирзеиҿаҳкаауеит. Иаҳҭахуп анхаҩы идыруазарц, иара иаалыҵ аҭираз ҳара ҳаҟны алшара шимоу", - лҳәеит Ҭыжәԥҳа.
Амшаԥтәи аџьармыкьаҿ ицәыргоу аалыҵ рыхәқәа лаҟәуп аџьармыкьақәа рыҟны аасҭа, уи адагьы аҭиҩцәа алшара рымоуп раалыҵ дара ирҭииртә еиԥш.
"Аахәаҩ аџьармыкьа даналоу агәырӷьара изцәырҵӡом, ара алшара рымоуп акагьы аарымхәаргьы иаҭааны абара, ирбаша ираҳаша рацәоуп", - лҳәеит лара.
2021 шықәса ԥхынгәымза аҩшамҭазы, Аҟәа аихамҩатә аангыларҭа "Гәыма" аҟны гәыԥҩык активистцәа иаадыртуеит акультура-усутә ҭыԥ. Уи аахыс ари аҭыԥ Аԥсны иаҭаауа асасцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи рыбзиабара иаԥсахеит.