Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Лакәарԥҳа еиҭалҳәеит Мгәыӡырхәа аекологиатә клуб иаусушьоу атәы

Лакәааԥҳа еиҭалҳәеит аекологиатә клуб Мгәыӡырхәа иаусушьоу атәы
Анапаҵаҩра
Аекологиатә проект анапхгаҩы Есма Лакәарԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Мгәыӡырхәа ақыҭаҟны аԥсабара азҵаарақәа ирыдҳәалоу апроект аԥсҭазаара ишаладырҵәо, хықәкыс ирымоу атәы.
"Ауааԥсыра аклиматтә шәарҭарақәа рыршьцылара азырҳара" захьӡу аекологиатә проект аусура иацнаҵоит ҳтәыла ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟны. Убас, аԥхаррақәа ҟалеижьҭеи еиҳа мҽхакы ҭбаала ауснагӡатәқәа мҩаԥырго иалагеит апроект иалахәу.
Нанҳәа 2021 шықәсазы Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҟны еиҿыркааит аекологиатә клуб. Уи аҟны имҩаԥыргоит аԥсабара иадҳәалоу иаарту аурокқәа, апрактикатә усумҭақәа. Ааигәа ақыҭаҟны имҩаԥыргеит акциақәа: ашкол ашҭаҟны аҵлақәа еиҭарҳаит, атәарҭақәа дыргылеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0