Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Алацәажәара бзиа ибаӡомызт": Ленинградтәи аблокада иалахәыз Мас Канџьариа иҭоурых

© Foto / Канџьариаа рҭаацәаратә архив аҟынтәМас Канџьариа
Мас Канџьариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭа иааӡаз Мас Ҳаџьараҭ-иԥа Канџьариа илахьынҵан ҩ-еибашьрак арылахәра - Карелиа-финтәии Аџьынџьтәылатәи аибашьра Дуи. Аԥсуа арԥыс иеибашьратә мҩа анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Мас Ҳаџьараҭ-иԥа Канџьариа 1939 шықәсазы аррамаҵурахьы иԥхьеит. Аԥхьанатә иара Ленинградтәи аобласт аҟны ирратә уалԥшьақәа наигӡон, устәи иҩызцәа дрыцны дышьҭын Карелиа-финтәи аибашьрахь. Аха уи аҿы аԥсуа ҷкәын иеибашьратә мҩа нымҵәеит. 1941 шықәсазы иалагаз Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ахь ддәықәҵан. Уи ашықәсан цәыббрамзазы Ленинградтәи аблокада агәҭа далашәеит. Мас Канџьариа автоматчикцәа рывзвод акомандаҟаҵаҩыс даман. Ленинградтәи аобласт, ақыҭа Красное ҳәа иахьашьҭоу анемец ԥшыхәҩы дҭарханы хра злаз ақьаадқәа инапахьы иааигеит. Ԥшыхәҩыс агәыԥ дацны аӷацәа рыгәҭа агәымшәареи афырхаҵареи аарԥшуа, хаҭала х-ҩык анемец фашистцәа аанкыланы аштаб ахь инеигеит. Ивзвод аҟны ҟәыӷарыла имҩаԥигаз акомандаҟаҵарала 40-ҩык аӷацәа ҭархан, 22-ҩык асолдатцәеи офицарки тҟәан. Мас Канџьариа аибашьраҟны иааирԥшуаз агәаӷьразы ианашьан "Аеҵәа ҟаԥшь аорден".
© Foto / Канџьариаа рҭаацәаратә архив аҟынтәМас Канџьариа
Мас Канџьариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Мас Канџьариа
Ленинград аблокада иҭакын 1941 шықәса цәыббрамза инаркны 1944 шықәса ажьырныҳәамзанӡа. Мас 1943 шықәсазы ахәра ӷәӷәа иоуз иахырҟьаны амцашыра далган. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду далҵны аҩныҟа данаа, иан Зиза Қаԥшьԥҳаи иаб Ҳаџьараҭ Канџьариеи рыдунеи рыԥсаххьан. Иашьа Арсиҭ ари аибашьраҿы хабарда дыбжьаӡит. Иаҳәшьазаҵә Цица дыҩнрахахьан. Аҭаацәа ирызгылаз ақәацә хылаԥшрада ианаанха, амца иалаблит. Мас дидикылеит иаб иашьа Ҳаџьмеҭ.
© Foto / Канџьариаа рҭаацәаратә архив аҟынтәАрсиҭ Канџьариа
Арсиҭ Канџьариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Арсиҭ Канџьариа
"Саб аибашьрантәи даныхынҳә, дахьынхоз имамызт азы иаб иашьа иҩны дигеит. Анаҩс ауа-аҭынха рыцхыраарала хазы аҩны ҿыц издыргылеит. Уи аамҭазы иара аус иуан Џьырхәатәи абжьаратә школ аҟны, алагарҭатә-арратә ҽазыҟаҵаразы амаҭәар мҩаԥигон. Абраҟоуп дахьлаԥшықәиҵаз аиҵбыратәи акласс арҵаҩы Анна Аџьԥҳа. Уинахыс аԥҳәызба лымҵарсра игәы иҭаикит, иагьиқәҿиеит", - иҭаацәаратә ҭоурых далацәажәоит Мас иԥа Русҭан Канџьариа.
 Рустан Конджариа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2019
"Уахаҟара быԥшӡаны бсымбацт": Русҭан Канџьариа ирҿиаратә мҩа
Мас ҟазшьала дыџьбаран, аха убри инаваргыланы даара длафҳәаҩын. Ақыҭаҟны ацәгьеи абзиеи раан иганаҿы итәар рҭахын зегьы. Акзаҵәык, аибашьра атема далацәажәаӡомызт, аха зны-зынла аветеранцәеи иареи анеиқәшәалоз, уи иазхьамԥшыр ауамызт. Ленинградтәи аблокадаҟны иара дицын Зосим Гәбаз захьӡыз Мгәыӡырхәатәи арԥыс.
"Саб аибашьра алацәажәара бзиа ибаӡомызт. Аха иҩызцәа анеизалоз игәалашәарақәак дырзааҭгылон. Ҳарҭ ҳхәыҷқәан, аха иеиҭеиҳәоз ҳлымҳа кыдҵаны ҳазыӡырҩуан. Изныкымкәа иара иӡбахә иҳәахьан ицеибашьуаз Зосим Гәбаз. Даара агәымшәара злаз уаҩын ҳәа дихцәажәон. Зосим саб ила шааԥшуаз ауп дышҭахаз, инапалагьы анышә дамаидеит Ленинградтәи аобласт иахьаҵанакуаз ҭыԥк аҟны. Аԥсныҟа даныхынҳә, Мгәыӡырхәа дцаны Гәыбзаа аиашьара адырра риҭеит иҟалаз шыҟалаз азы. Уинахыс Зосим иҭаацәа Мас ҭынхаҵас дырбон. Шықәсқәак раԥхьа Зосим Гәбаз игәакьацәа ирылшеит иԥсыбаҩ аҩныҟа аагара", - ҳәа аҭоурыхтә хҭыс дазааҭгылоит Русҭан Канџьариа.
Мас иԥа, иахьагьы игәы иҭымҵуа иаб иҟынтә иаҳаз иреиуоуп Ленинград аблокада ианҭакыз ауаа зҭагылаз ахлымӡаах атәы. Аӷа ихымца анаҩс зықьҩыла амлеи ахьҭеи иагеит. Мас ила ишабоз солдатк ацгәы иԥыхьашәан, уаха исфоит ҳәа икәа иҭартәаны игеит. Ауаа аҳәынаԥқәагьы ирывсуамызт.
"Ишьыз асолдаҭцәа ианрыхҭыгәлоз, саб ибон џьоукы-џьоукы рыжьқәа амхны ишыҟаз. Дара зфоз аԥстәқәа ыҟамызт, насгьы иҵарыз акала ржьахәҭақәа шамхыз еилукаауон, уи иаанагоз, имлашьуаз ауаа ирхыгамызт ауп. Саб аибашьра иазкыз акинофильмқәагьы арыхәаԥшра ицәыуадаҩын, егьараан длаӷырӡашуа ауада ддәылҵхьан", - игәалашәоит аԥа.
Мас Канџьариеи Анна Аџьԥҳаи фҩык ахшара рааӡеит. Аб ахәыҷқәа рганахь дыџьбаран, рхымҩаԥгашьеи рҵареи дацклаԥшуан.
© Foto / Канџьариаа рҭаацәаратә архив аҟынтәМас Канџьариа
Мас Канџьариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Мас Канџьариа
"Лымкаала адунеи ахсаала ҳирҵон. Аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа ҳарбо мацара егьырҭ атәылақәагьы ахьыҟаз ҳаиҳәон. Саб амузыкагьы бзиа ибон, атромбон арҳәара дазҟазан. Аурокқәа рышьҭахь ҳиршәаҳәон, ҳиркәашон. Уахынла ҳанеилатәоз, ахәыҷқәа ҳаицлабуан ҳаб ишьапы зыӡәӡәода ҳәа. Сара насыԥс иансоулоз, ишьапқәа асапын анархьысшьуаз, ахқәа ахьилалаз ихәрақәа сыԥхьаӡон. Урҭ жәаф ыҟан. Ихьыр ҳәа сшәаны ԥшьаала акәын сшалакьысуаз", - еиҭеиҳәоит аԥа.
© Foto / Канџьариаа рҭаацәаратә архив аҟынтәМас Канџьариа
Мас Канџьариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Мас Канџьариа
Мас Канџьариа Ленинградтәи аблокада дахьалахәыз азы Асовет ҳәынҭқарра ҳамҭала далыркаахьан. Аамҭа-аамҭала амашьынақәа "Запорожец", "Жигули" ҳамҭас ирҭахьан. Мас идунеи иԥсахит 66 шықәса анихыҵуаз. Уи аамҭазы иара аус иуан Дәрыԥшьтәи ахәшәтәырҭаҿы анхамҩатә хәҭа аиҳабыс.
Ажәабжьқәа зегьы
0