Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагратәи аробототехникцәа "Сириус" аҿы аԥыжәаратә ҭыԥқәа ааныркылеит

© Foto / Карина БлиноваРобототехники из Гагры заняли первое и второе места в "Сириусе"
Робототехники из Гагры заняли первое и второе места в Сириусе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2022
Анапаҵаҩра
Аробототехниказ амуниципалтә еицлабрақәа мҩаԥган арҵаратә центр "Сириус" аҿы Шәача, мшаԥы 16-17 рзы.
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи арҿиаратә центр "Исток" аробототехникеи IT-технологииақәеи рыклуб "Робонариум" аҵаҩцәа Шәача арҵаратә центр "Сириус" аҿы, аробототехниказ амуниципалтә еицлабрақәа рҿы аԥыжәаратә ҭыԥқәа ргеит ҳәа еиҭалҳәеит аклуб анапхгаҩы, арҵаҩы Карина Блинова.

"Аицлабрақәа мҩаԥысуан еиуеиԥшым аноминациақәа рыла. Ҳҵаҩы Аслан Мифтахов аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит "ирласны аизгаразы", Лев Алшәындба аноминациа "сумо" аҿы актәи аҭыԥ игеит. Ҳаклуб аҟынтәи аицлабрақәа ирылахәын 24-ҩык аҵаҩцәа 7-12 шықәса зхыҵуаз", - лҳәеит лара.

Блинова илҳәеит аицлабрақәа ишрылахәыз 200-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа Москва, Краснодатәи атәылаҿацә уҳәа Урыстәыла арегионқәа рҟынтә. Лара лажәақәа рыла, асеиԥш иҟоу аицлабрақәа рылахәхара аробототехникцәа ргәы ацԥыҳәо иҟарҵоит, рзанааҭ алхразгьы ихәарҭоуп.
"Сынтәа раԥхьаӡа акәны "Сириус" инеиз ари аусхк еиҳагьы аинтерес ркит. Ирбеит ацентр адура, ҳаамҭазтәи ахархәагақәа. Уаанӡа инеихьаз ракәзар, рылҵшәақәа еиҳагьы еиӷьыртәырц рҭаххеит", - еиҭалҳәоит Блинова.
© Foto / Карина БлиноваРобототехники из Гагры заняли первое и второе места в "Сириусе"
Робототехники из Гагры заняли первое и второе места в Сириусе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2022
Робототехники из Гагры заняли первое и второе места в "Сириусе"
"Сириус" аҿы ҵыԥхтәи аицлабрақәа раан аклуб "Робонариум" акоманда "Огонь" ахԥатәи аҭыԥ агеит.
Аицлабрақәа реиҿкаашьа Блинова ибзиаӡоуп ҳәа ахылҳәааит. Иазгәалҭеит аԥснытәи акоманда бзианы ишрыдыркылаз. Алахәылацәа зегьы ирыҭан асертификатқәа, аиааира згақәаз – адипломқәа, ахраҿақәа, аԥхьахәқәа.
Аклуб "Робонариум" аԥҵан 2020 шықәса абҵарамзазы. Иахьа уа 30-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рҽазыҟарҵоит. Карина Блинова лгәаанагарала, аробототехникахь аинтерес еиҳа-еиҳа иазҳауеит. Ацентр "Исток" аҿы сынтәа иалдыршеит акомпиутертә дырра, ацифратә рҿиара, апрограммеиҿкаара дырҵара.
© Foto / Карина БлиноваРобототехники из Гагры заняли первое и второе места в "Сириусе"
Робототехники из Гагры заняли первое и второе места в Сириусе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2022
Робототехники из Гагры заняли первое и второе места в "Сириусе"
"Робонариум" аҿы ирыгәҭакуп ароботехниказ аицлабрақәа Гагра реиҿкаара.
Блинова лажәақәа рыла, уи алшоит аматериал-техникатә лшарақәа рыҟазаараан.
Лара илҳәеит 2022 шықәсазы "Робонариум" ауадаҩрақәа шазцәырҵыз рзы ахыбра аганахьала. Аклуб еиԥмырҟьакәа аус ахьауша ахыбра амам, қьырала агаразы аԥарақәа азхом.
Госдума приняла закон о федеральной территории Сириус - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2022
Аԥсны
Аҿар адгылара рызҭо ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" "Сириус" иҭалоз аҷкәын ицхрааит
Ажәабжьқәа зегьы
0