Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа ақалақь агәҭа игылоу ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа иҟоу адырра иахҟьаны амҩақәа аркуп

© SputnikВ Гудауте пришло сообщение о заминированном здании
В Гудауте пришло сообщение о заминированном здании - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2022
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ашәахтә маҵзура ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа зыхьӡ зымҳәаз адырра ҟаиҵеит аҩаша мшаԥы 19 азы.
АҞӘА, мшаԥы 19- Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ақалақь агәҭа игылоу ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа иҟоу адырра иахҟьаны Афырхацәа рпроспекти, Адыгааи, Ӡиӡариеи амҩақәа рыла амашьынақәа рныҟәара аанкылоуп.
Ахҭыс иақәшәаз Алина лажәақәа рыла, иҟалаз еилылкааит ҭынч ахыбра шәдәылҵа ҳәа зҳәаз АҶА аусзуҩцәа рҟынтәи.
"Иҟалазгьы ҳзеилымкааит. Еизаракахь ҳаарыԥхьоз џьаҳшьеит. Анаҩс ари агәаҭеира аабеит", - лҳәеит лара.
Арҭҟәацга аҵоуп ҳәа ззырҳәаз "Аԥснеимадара" ахыбра ауаа дәылыргеит, амилициа акәшаны игылоуп. Аҟәантә асапиорцәеи акинологцәеи ирыԥхьеит. Макьаназ ахыбра амина аҵаҵәҟьоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәам.
Ажәабжьқәа зегьы
0