Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анцәа илаԥш хаа ҳагымзааит: Амшаԥныҳәа иацу абеиареи Ҳаиҳа зымчу имҵаныҳәареи

CC0 / / Пасха
Пасха - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Анапаҵаҩра
Лыхны ақыҭан инхо Лаврент Сақаниа иҭаацәа Мшаԥныҳәа ишаԥыло, иарбан ҵасқәоу иахьанӡа еиқәырханы иааргаз, абарҭқәа ртәы шәаԥхьарц ишәыдаагалоит анаҩстәи ҳматериал аҟны.
Сынтәа ақьырсиан дунеи зегь аҿы хәажәкыра 7 азы излагаз 40 мшы ицоз Ачгара ду хыркәшахеит. Иахьа ақьырсиан динхаҵаҩцәа зегьы Мшаԥныҳәа иаԥылоит, иаҭаауеит ауахәама, иадыркуеит ацәашьқәа, идырхиоит аныҳәатә еишәа.
Аԥсуа жәлар Амшаԥныҳәа раԥылашьа иамоуп ахатәы ҷыдаратә знеишьа. Шьоукы иаадыртуеит аҳаԥшьа, аныҳәатә еишәа дыргылоит, шьоукы идыргылоит ирыцәцахьоу ргәакьацәа рзыҳәан аишәа. Мшаԥныҳәа амҩаԥгашьа аԥсуа ҭаацәараҟны аивгарақәа шрыбжьоугьы, еидызкыло акоуп: уи иаҳхылаԥшхәу Анцәа ду имҵаныҳәара.
Пасхальные куличи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Амшаԥныҳәа аԥылара ақыҭеи ақалақьи рҿы
Лыхны ақыҭан инхо Лаврент Сақаниа иҭаацәараҿгьы Амшаԥныҳәа иаԥылоит, аҳаԥшьа хдыртуеит. Аҳаԥшьа ахатә ҭоурых амоуп, уи аилкааразы аҭаацәа рабацәеи урҭ рабдуцәеи знысыз амҩа аилкаара ҳҽазаҳшәеит.
Лаврент Сақаниа иабду Ҳазгьери Сақаниеи уи иԥшәма Макрона Гобечиаԥҳеи рҭаацәараҟны ирааӡон ԥшьҩык ахшара: хҩык аԥҳацәеи рԥазаҵә Џьынџьықьи. Анцәа ишиҳәара иҟаз ҭаацәан, Аҷандара ақыҭа инхон. Аха XIX ашәышықәсазы ҳажәлар рзы ихырҵәагахаз амҳаџьырра ацәқәырԥақәа руак Џьынџьықь иҭаацәарагьы аҵанакит, Ҭырқәтәылаҟа иқәымҵыр ада ԥсыхәа рмоуит.
"Иҟарҵахуаз, ас еиԥш аҭагылазаашьа цәгьа ианҭагыла, аҭаацәа рҽааидыркылан, Ҭырқәтәылаҟа иӡхыҵырц амҩа инықәлеит. Аха Баӷмаран ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ азааигәара инеиуаны аҭаацәа реиҳабы илымшазт, иԥсҭазаара далҵуеит, иара уаҟагьы джуп иахьа уажәраанӡа", - ҳәа аҭаацәаратә ҭоурых ҳацеиҩылшеит иахьатәи аҩнаҭа аԥшәмаԥҳәыс Инга Наӡаӡе-Сақаниа.
© Sputnik / Наала ГумбаСақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
Обряд моления абхазов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Сақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
Иаанхаз Ҳазгьери иԥшәмаԥҳәыс лхәыҷқәа ԥшьҩык лгәыдыҳәҳәала Ҭырқәтәылаҟа иӡхыҵит. Иахьнанагаз ирыхҭысыз аџьамыӷәа цәгьа атәы лыԥсы ҭанаҵы далацәажәомызт лҳәоит Инга. Шықәсқәак рышьҭахь Макрона илыӡбоит лыҽӡаны, лхәыҷқәа лыманы Аԥсныҟа дхынҳәырц, уи ахҭыс атәы еиҭаҳәо, Инга иазгәалҭоит:
"Макрона лхәыҷқәа лыманы, лыԥсы ӡаны, Амшын еиқәа дыӡхыланы дшаауаз, аҭырқәцәа лыхьӡеит, дагьырытҟәеит. Аха лара илулак лашьцәа Гобечиаа рахь адырра ҟалҵеит. Ари заҳаз аишьцәа ааизан, аҭырқәцәа ахьы рыҭаны иҿырхит раҳәшьеи уи лхәыҷқәеи", - лҳәоит лара.
Макрона Ҭырқәтәыла дыҟанаҵы аԥсылман дин лыдылкылар акәхеит, иахәҭоу аԥҟарақәагьы дрықәныҟәон. Аҭаацәа ирызцәырҵит азҵаара ӷәӷәа - жәытәнатә аахыс имҩаԥыргоз аԥсуа иҵас, иқьабз, иныхақәа аԥсылман дин иаҿагылон, аха еилкааны ирдыруан ус баша инахар шамуаз, излауаз ала ишеиқәырхатәыз.
Пасхальный кулич - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2020
Аҿиара, аизҳара иатәуп: аԥсуаа имҩаԥырго Амшаԥы аҷыдарақәеи атрадициақәеи
"Макрона аԥсылман дин анлыдылкыла ашьҭахь, аҩнаҭа ирымаз ажьира, аҳаԥшьа мап ацәылкуа далагеит, избанзар лдин уи иаҿагылон - зыԥсы ҭоу аԥстәы ашьакаҭәара, арыжәтә ажәра ҟаломызт. Иазылхтәын амҩа иаша, Анцәа иҿаԥхьа иакәым рамхаҟаҵар ҳәа иацәшәон аиҳабацәа", - ҳәа лҳәоит Инга.
Ас еиԥш аҭагылазаашьа ианҭагыла, аиашьара Сақаниаа ааизан, ирыӡбеит изызныҟәго, аԥсуа иныха ду иахәҭоу ахылаԥшра ззаҭо Ҳазгьери ижьира игәараҭа иаҿыганы иргарц.
"Сабхәа иҳәоны исаҳахьан, убасҟан аиашьара иатәыз аӡәы даарылҵын: "Дад, ари ацҭәы алухыр ҟалаӡом, уи аҵкьыс аӡәгьы игәы нмырхакәа, ажьира сара исымазааит, сара изгоит, сахныҳәалоит", - ҳәа иҳәан иара иаҿигеит.
Аха аҭаацәа ирзаанхеит аҳаԥшьа, уи аҿыгара залшомызт, избанзар аҟәырҷаха амамызт. Аҭаацәа абжаҩык ргәы шынамӡозгьы, аҳаԥшьа ныҟәыргон.
Ашықәсқәа цеит, дызҳаит Ҳазгьери имаҭа Џьынџьықь-иԥа Манча. Манча аԥсылман дин дацәыхаран зынӡа, уимоу, ауахәама иадҳәалоу апапҵара агимназиа дҭалеит, даналгоз, ирҭеит апапмаҵзура аныҟәгаразы азин изҭоз ахьтәы џьар адаҷ наҵхны.
© Sputnik / Наала Гумба Сақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
Празднование пасхи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Сақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
"Ари збаз сабхәа иаҳәшьадуцәа каамеҭ ҟарҵеит, ҳара ҳаԥсылманны, ҳашьа иԥа ақьырсианра шԥаидикылеи ҳәа. Иаарымуит, уи акәхеит, сабхәа ауахәама иазирхынҳәит ихьтәы џьар", - ҳәа лҳәоит Инга Наӡаӡе-Сақаниа.
1915 шықәсазы Ҳазгьери ихылҵ Аҷандара ақыҭа иалҵны, Лыхныҟа нхара ииасит.
"Сабхәа Лыхныҟа нхара даныиасуаз, аҳаԥшьа анышә иҵаз ԥҽны, еимаԥсаны иҟаиҵеит. Избанзар ус иаанужьыр ҟаломызт, иҵасмызт рҳәеит. Ҿыц нхара дахьааиз, адгьыл ԥҟаны, аҳаԥшьа ҿыц дахныҳәаны иҵеиҵеит", - ҳәа еиҭалҳәоит Инга.
Манча иԥшәмаԥҳәыс иахәҭоу ала аҳаԥшьа амаҵ азылуан есышықәса.
"Мшаԥы ауха санхәа аҵх агәҭаны, асааҭ жәаҩа рынахыс, акахьы аус анауаз, амажәа акәаҳара далагон, аха уи аус ахь днеиаанӡа, аӡы лықәылҭәон, нас дныҳәаныԥхьаны лус напы алыркуан. Илшәыз лымаҭәа дацклаԥшуан, аиқәаҵәа злаз лшәылҵар ҟаломызт, еиҳа еиӷьалшьон ашәҭқәа зныз аҵкы анылшәыз, ма ипашәӡа иҟаз акы азылкуан", - ҳәа лгәалалыршәоит лара.
© Sputnik / Наала ГумбаСақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
Обряд моления абхазов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Сақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
Инга иахьа уажәраанӡа аиҳабацәа ирҿылҵааз аҵас ныҟәылгоит. Ланхәа ишыҟалҵалоз еиԥш, Мшаԥы ауха амажәа лкәаҳауеит, ашәаӡа рҟәыҷны, аҵыбра аҭаны, имазеины иқәлыргылоит. Ашьыжь асааҭ хәба рзыҳәаны дҩагылоит, ачашә аӡра лҽыназылкуеит.
"Санхәа лхаан ашьха ицаны, аӡиас цқьа азааигәара ахәажәбӷьы ааргон. Ачуан ду аҟны иаҳжәуан, нас иааҭыганы иҳарбон. Аԥацхаҟны амца еиқәыз ааигәара ишьҭаз ахаҳәқәа бзианы иҳаршуан, уаҟа ирыԥхны иқәаҳҵон ахәажәбӷьқәа, хыхь иақәаҳҵон имбылуаз ақьаад, нас ҳамажәа еиҵыхны инаганы инықәаҳҵон, дырҩегь ахәажәбӷьы ала ихаҳҩон, аӡра ада ус амамкәа ҳаалгон", - ҳәа лҳәоит лара.
© Sputnik / Наала ГумбаСақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
Обряд моления абхазов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Сақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
Уи аамҭазы ахацәа рус иаҿуп, иршьуеит ақыжә. Аҳаԥшьахьы инеиуеит, уи иадгылар ҟалоит ахәыҷқәа, ахацәа, аҭаацәара иаламлацкәа аҩны иҟоу аҭыԥҳацәа, аҭацацәа адгылар ҟалом. Инаргоит аҩы, аџьыкхыш, уаҳа имцхәу аишәа иқәырҵар ҟалом.
"Сабхәа аҳаԥшьа ипашәӡа иҟаз ампахьшь хәыҷы ақәыршәны иман, иара мацара иазкын аԥҳал, аҩы злаҭихуазгьы хазын, ацәцақәа ҩынтә-хынтә ӡыршыла ирыӡәӡәон. Ҳаиҳабацәа иаҳдырбаз хақәныҟәоит иахьа уажәраанӡа, иаҳзымдыруа ҳәа акы ыҟазар, Анцәа ҳаҭаумҵан", - лҳәоит Инга.
© Sputnik / Наала ГумбаСақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
Обряд моления абхазов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Сақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
Аныҳәаҩ дныҳәоит Анцәа иахь ихы нарханы, иарӷьа напаҟны икуп аҵәца азна аҩы, ачашә агәы ҭирффоит, рышьтәа агәы-агәаҵәа хыхь иақәиҵоит, аҩы ақәиҭәоит, нас иҳәоит:
"Ачбеи Чачбеи лыжьхәыԥхьӡы абри еиҟьеиҩҵәҵәа абарҭ ирхьыгӡаны ирҿасҵаанӡа ажьхәаԥхьӡы шәааигәара имаиааит", - ҳәа наҳәаны, игылоу аныҳәаҿа ркуеит, акәац агьама рбоит.
Аҩы ауа-аҭахы ирзыршоит. Аҩы зшо ахацәа роуп, аҳәса ҭаԥшыр ҟалом. Мчыбжьык ашьҭахь, аҳәса рымшаԥ аҽны, иаанхаз аҩы ҭыганы, аҳаԥшьа даҭырцәуеит, иӡәӡәаны, ахы ларханы идыргылоит.
"Аҳаԥшьа аӡәӡәара ианалагалак, исгәалашәоит, санхәа аҩны дааҩнагьежьны чуан дук азна аилаџь луан: "Иахьа асасцәа ҳҭоуп, ҳныхахә ду ҳхылаԥшуеит ҳәа",- лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит Инга.
Аҭаацәа ныҳәаныԥхьаны ианалгалак, аҩныҟа игьежьуеит, аныҳәатә еишәа дырхиоит, акрырфоит, акрыржәуеит.
© Sputnik / Наала Гумба Сақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
Празднование пасхи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Сақаниаа рҭаацәа Амшаԥныҳәа ишаԥыло
Абасала, иаԥылоит ҳзыҿцәажәаз Сақаниаа рҭаацәара Амшаԥныҳәа, аԥсҭазаара акырынтә иԥнашәазаргьы, зегь акоуп ирылшеит рҭаацәа рҵас-рқьабз аиқәырхара. Алԥха рымазааит еснагь!
Ажәабжьқәа зегьы
0