Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо Амшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2022
Анапаҵаҩра
Аиашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа мшаԥы 24 азы иазгәарҭоит Амшаԥныҳәа - Иаса Қьырса Ибзахара.
АҞӘА, мшаԥы 24-Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақьырсиан иашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәеи Амшаԥныҳәа азгәазҭо Аԥсны иқәынхо ажәлари дрыдныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада исаит.
"Амшаԥныҳәа ду адоуҳатә гәышьҭыхреи ауадаҩрақәа риааиреи иацхраауеит. Ари аныҳәамш азы ҳагәқәа аразреи гәырӷьарылеи иҭәызаауеит, агәалақәа зегь ҳханаршҭуеит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аҳәынҭқарра ахада Аԥсны жәлар рыгәҭакқәа рынагӡараҿы амчи алшеи рзеиӷьаишьеит, ҳтәыла акәзар - аҭынчреи аинҭәылареи.
Амшаԥныҳәа – ақьырсианцәа рзы ихадоу ныҳәароуп. Уаҟа иаарԥшуп ауаҩытәыҩсатә ҭоурых зегьы шьаҭанкыла изыԥсахыз ахҭыс – Анцәа иԥа, Анцәареи ауаҩреи еицызбаз Иаса Қьырса игылара. Иаса Қьырса Ацқьа Мариа дылхылҵит, аԥсыцқьала диит. Иара адгьыл даҭааит ауаа рыԥсқәа ҿихырц, Адами Евеи иҟарҵаз раԥхьаӡатәи агәнаҳа инаркны ауаа зегьы ирықәырҵаз агәнаҳарақәа рхихырц. Аԥсҿыхра алшахартә иҟалеит Иаса Қьырса харак имамкәа аџьар аҿы данкыдырҵа ашьҭахь: ихахьы игеит адунеи ауааԥсыра зегьы рыгәнаҳарақәа, Иара дхазҵаз, Иуасиаҭқәа ирықәныҟәо ажәа риҭеит жәҩангәашәԥхьара шырзаатуа.
Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи ҟалеит ахәаша, анышә дамадан аиудеиатә қьабзқәа инарықәыршәаны. Хымш рышьҭахь, иҵаҩцәа неит иԥсыбаҩ ахьынрыжьыз ахаҳәтә дамраҿы, аха дрымбеит… Анаҩс, рҿаԥхьа дцәырҵуеит дыбзаханы. Даҽа 40 мшы иара адгьылаҿ дыҟан, Иуахәама аԥызҵаз, ақьырсианра адунеи аларҵәара зҽазызкыз иҵаҩцәа абжьгарақәа рыҭауа.
Ажәабжьқәа зегьы
0