https://sputnik-abkhazia.info/20220426/aa-eiareit-gagra-any-auadaratsa-zmaz-abylra-aty--1038828889.html
АҶА еиҭарҳәеит Гагра ауадарацәа змаз аҩны абылра атәы
АҶА еиҭарҳәеит Гагра ауадарацәа змаз аҩны абылра атәы
Sputnik Аҧсны
Гагра Демерџь-иԥа имҩаду аҟны игылаз ауадарацәа змаз аҩны амца шакыз азы АҶА ашҟа адырра ҟалеит 12:35 аҩаша мшаԥы 26 азы. 26.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-26T20:39+0300
2022-04-26T20:39+0300
2022-04-26T21:06+0300
аԥсны
ахҭысқәа
гагра араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1a/1038827916_0:59:780:498_1920x0_80_0_0_d70a2e4f7c206f7a9bc2305f3794b1cd.jpg
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра амца зкыз ауадарацәа змаз аҩны асааҭ 15:00 азы ирызмырцәаӡацызт ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит, амцарцәаҩцәа ишрылшаз анхацәа рмазара ахәҭак аиқәырхара, иара убасгьы ааигәа игылаз ахыбрақәа рахь амца нармышьҭит. Амца арцәара цәгьахеит аҩны аӷәы иахьалхыз иахҟьаны. Иблыз аҩны аҟны инхоз Злата Симонова лгәаанагарала амцакра афымцацәаҳәақәа ирыхҟьазар ҟалоит. Ауадарацәа аҭаны абарак ҟазшьа змаз аҩны ргылан 1930-тәи ашықәсқәа рзы, уаҟа инхон 20-ҩык инреиҳаны. Аҩны Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә реабилитациатә центр абаланс аҿы иарбоуп. Шықәсқәак раԥхьа аҩны анхарҭазы ишәарҭаны ишьақәырӷәӷәан.Аҩны иҩназ зегьы арҭ ашықәсқәа рызҵаара рыӡбап ҳәа иԥшын, изныкымкәа атәыла анапхгара рахь идҵаалахьан, аха лҵшәа рмоуит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220426/gagra-auadaratsa-zmaz-any-blit-1038824804.html
гагра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1a/1038827916_19:0:762:557_1920x0_80_0_0_cd9b108dc69831e2d8fff1403ebcd1f5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ахҭысқәа, гагра араион
АҶА еиҭарҳәеит Гагра ауадарацәа змаз аҩны абылра атәы
20:39 26.04.2022 (ирҿыцуп: 21:06 26.04.2022) Гагра Демерџь-иԥа имҩаду аҟны игылаз ауадарацәа змаз аҩны амца шакыз азы АҶА ашҟа адырра ҟалеит 12:35 аҩаша мшаԥы 26 азы.
АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра амца зкыз ауадарацәа змаз аҩны асааҭ 15:00 азы ирызмырцәаӡацызт ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Амцарцәаҩцәа ианнеи аамҭазы, аҩны аҩбатәи аихагыла ахәҭаки алаӷәреи амца иамҽханакхьан. Амцарцәагатә машьынақәа ԥшьба аус руан, аха амцабз ирласны аҩны зегь иахыҵәеит. 21-ы аҩны идәылыргеит аӡгьы ааха имоуӡеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит, амцарцәаҩцәа ишрылшаз анхацәа рмазара ахәҭак аиқәырхара, иара убасгьы ааигәа игылаз ахыбрақәа рахь амца нармышьҭит. Амца арцәара цәгьахеит аҩны аӷәы иахьалхыз иахҟьаны.
Иблыз аҩны аҟны инхоз Злата Симонова лгәаанагарала амцакра афымцацәаҳәақәа ирыхҟьазар ҟалоит.
Ауадарацәа аҭаны абарак ҟазшьа змаз аҩны ргылан 1930-тәи ашықәсқәа рзы, уаҟа инхон 20-ҩык инреиҳаны. Аҩны Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә реабилитациатә центр абаланс аҿы иарбоуп. Шықәсқәак раԥхьа аҩны анхарҭазы ишәарҭаны ишьақәырӷәӷәан.
Аҩны иҩназ зегьы арҭ ашықәсқәа рызҵаара рыӡбап ҳәа иԥшын, изныкымкәа атәыла анапхгара рахь идҵаалахьан, аха лҵшәа рмоуит.