Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Донбасс иҟоу аҭагылазаашьа иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Донбасс иҟоу аҭагылазаашьа иазкны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аԥснынытә Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуа арԥарцәа рҭагылазаашьа, игәаанагарала аоперациа ҷыда арасҟаамҭа изцо, насгьы аминистрра асаит ахакерцәа анажәла ашьҭахь иалахьынҵахаз.
Аԥсны ахада идҵа инақәыршәаны Аԥснынтәи Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуа рзы инаган агәыҳалалратә цхыраара. Ашықәс иалагазар хәынтәуп аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Донбассҟа ицоижьҭеи агәыҳалалратә цхыраара аҳасаб ала.
Лев Кәыҵниа аиҿцәажаәараҿы иҳәеит, Донбасс аҭагылазаашьа шыхьанҭоу атәы.
"Ҳарԥарцәа рхы бзианы иаадырԥшуеит. Аԥсны аибшьараан ишыҟаз еиԥш сменала апозиҵиакәа рахь ицоит. Ацәыӡ иҳауз агәыԥжәара рнаҭеит. Абаталион аҿы аԥсуаа рыдагьы иҟоуп егьырҭ амилаҭқәагьы, дара зегьы аӡәк еиԥш еидгылоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр избан иҷыдоу аоперациа асҟаамҭа изцо ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит, Украина ибзианы иазыҟаҵаны ишыҟаз, уи иадгыло атәылақәагьы шмаҷым.
"Урыстәыла аруаа ишәахәтоу аус рызуам, аҭынч уааԥысыра ҭамхарцаз. Украинатәи ар ауаа рыла рҽыҵәахны ауп ишеибашьуа", - ҳәа иҳәеит Кәыҵниа.
Лев Кәыҵниа иара убасгьы еиҭеиҳәеит, ахҵәацәа дырҩегьыхь Апсныҟа раагара иацу ашәарҭара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0