Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла Польшеи Болгариеи рахь агаз анашьҭра ааннакылеит

© Sputnik / СтрингерКомплекс подготовки экспортного газа на Украине
Комплекс подготовки экспортного газа на Украине - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада иусԥҟа инақәыршәаны мшаԥы 1 инаркны урыстәылатәи агаз ахәԥса мааҭла ишәалатәуп.
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. "Газпром" Польшатәи аилахәыра PGNiG Болгариатәи аилахәыра "Булгаргази" рахь агаз анашьҭра ааннакылеит ҳәа аанацҳауеит аилахәыра асаит.
Арелиз аҿы иазгәаҭоуп мшаԥы 26 анҵәамҭаз "Газпром экспорт" ишамоуз мшаԥымзазтәи инашьҭыз агаз ахә мааҭла, аконтрагентцәа уаанӡа ахәшәара аҟазшьа шыԥсаххо азы адырра шрыҭазгьы.
"Абри инадҳәаланы "Газпром экспорт" "Булгаргази" PGNiG-и адырра рнаҭеит мшаԥы 27 инаркны иҟоу аԥҟара инақәыршәаны ахәшәара мҩаԥгахаанӡа агаз шаанкылахо", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
"Газпром" иара убасгьы аҳәамҭа ҟанаҵеит Польшеи Болгариеи ирылсны ахԥатәи атәылақәа рахь ицо агаз закәаншьаҭада ахархәара аиур, атранзит абри ахышәаҵышәала ишагырхахо.
Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла аганахьала асанкциақәа хыԥхьаӡара рацәала иаларгалеит Украинатәи аоперациа ҷыда ашьҭахь. Москва аҭактә уснагӡатәқәа аднакылеит.
Президент РФ В. Путин провел совещание по развитию агропромышленного и рыбохозяйственного комплексов - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2022
Путин ааԥхьара ҟаиҵеит аенергомҩангагақәа рынашьҭра ахырхарҭақәа ԥсахзарц
Владимир Путин хәажәкыра 23 рзы алаҳәара ҟаиҵеит Евроеидгыла атәылақәа рзы аԥкрақәа шалагалахо, адоллари аеврои мап рыцәкны агаз ахәшәара амааҭ ахь ишиагахо. Урыстәыла аилаӡарақәа рыхәԥса мшаԥы 1 инаркны мааҭла ирымшәар, ахыдҵақәа нармыгӡеит ҳәа ишьоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0