https://sputnik-abkhazia.info/20220428/yrtyla-urystyla-iaagylany-abati-afront-aanartuam-1038856345.html
Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы "аҩбатәи афронт" аанартуам
Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы "аҩбатәи афронт" аанартуам
Уаанӡа Украина ахада Иофис ахада иабжьгаҩ Алексеи Арестович аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла арратә операциа иаҿнаҵы Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи архынҳәыр ауеит... 28.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-28T09:39+0300
2022-04-28T09:39+0300
2022-04-28T09:39+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102957/73/1029577370_0:198:2939:1851_1920x0_80_0_0_a831707283564113c713bf2773d2d550.jpg
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik. Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы "аҩбатәи афронт" аанартуам ҳәа азгәарҭеит атәыла анапхгара. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Қырҭтәыла, атәыла аԥыза-министр Иракли Гарибашвили иажәақәа шьаҭас иганы.Гарибашвили иҳәеит аибашьра далагар шауаз 2008 шықәсазы агха ду ҟазҵаз уаанӡатәи ахада Михаил Саакашвили, иахьа атәыла анапхгараҿы дыҟазҭгьы. Ачынуаҩ иажәақәа рыла, Саакашвили Қырҭтәылаҟа дхынҳәит амчра ахҳәаразы. Уи иаанагоз даҽа еибашьрак аҟалара акәын.Аԥыза-министр иҳәеит Қырҭтәыла иахьатәи анапхгара аибашьреи уи иацу арыцҳарақәагьы даҽазнык ахгара шырҭахым.Уаанӡа Қырҭтәыла асанкциақәа ирыдымгылеит аекономикатә мзызқәа ҵаҵӷәыс иааганы. Иракли Гарибашвили иҳәеит арҭ асанкциақәа Қырҭтәыла ажәлар ирԥырхагахоит ҳәа.Ари аӡбара аоппозициатә партиа "Иаку амилаҭтә ҵысра" аҿагылоит. Атәыла анапхгара ргәаанагарала, урҭ аибашьра амҩа мап ацәыркуам.
https://sputnik-abkhazia.info/20220301/yrtyla-aar-aama-anaeit-asni-aakhy-uastylei-rakh-amchra-akhy-ishanamyrkho-azy-1037865144.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102957/73/1029577370_105:0:2834:2047_1920x0_80_0_0_be5855cfba5a3d41934102fad8c2f35d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
урыстәыла, ажәабжьқәа
Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы "аҩбатәи афронт" аанартуам
Уаанӡа Украина ахада Иофис ахада иабжьгаҩ Алексеи Арестович аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла арратә операциа иаҿнаҵы Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи архынҳәыр ауеит ҳәа.
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik. Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы "аҩбатәи афронт" аанартуам ҳәа азгәарҭеит атәыла анапхгара. Абри атәы
аанацҳауеит Sputnik Қырҭтәыла, атәыла аԥыза-министр Иракли Гарибашвили иажәақәа шьаҭас иганы.
"Аҩбатәи афронт ҳәа акгьы аартхом. Даҽа еибашьрак Қырҭтәыла иҟалом. Ари ҳара ҳпозициоуп", - ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.
Гарибашвили иҳәеит аибашьра далагар шауаз 2008 шықәсазы агха ду ҟазҵаз уаанӡатәи ахада Михаил Саакашвили, иахьа атәыла анапхгараҿы дыҟазҭгьы. Ачынуаҩ иажәақәа рыла, Саакашвили Қырҭтәылаҟа дхынҳәит амчра ахҳәаразы. Уи иаанагоз даҽа еибашьрак аҟалара акәын.
Аԥыза-министр иҳәеит Қырҭтәыла иахьатәи анапхгара аибашьреи уи иацу арыцҳарақәагьы даҽазнык ахгара шырҭахым.
Уаанӡа Қырҭтәыла асанкциақәа ирыдымгылеит аекономикатә мзызқәа ҵаҵӷәыс иааганы. Иракли Гарибашвили иҳәеит арҭ асанкциақәа Қырҭтәыла ажәлар ирԥырхагахоит ҳәа.
Ари аӡбара аоппозициатә партиа "Иаку амилаҭтә ҵысра" аҿагылоит. Атәыла анапхгара ргәаанагарала, урҭ аибашьра амҩа мап ацәыркуам.