Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Нанбеи Ешбеи Султан Сосналиев изкны

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Нанбеи Ешбеи Султан Сосналиев изкны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Закан Нанбеи Аԥсны Афырхаҵа, аԥырҩы Виачеслав Ешбеи арадио Sputnik аҿы еиҭарҳәеит Султан Сосналиев иџьабаа, илагала аиааираҿы.
Аԥсуа ар раԥхьаӡатәи реинрал, Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден Актәи аҩаӡара занашьоу Султан Сосналиев мшаԥы 23 рзы ихыҵуазаарын 80 шықәса.
"Аԥсны аҟазаареи аҟамзаареи ҳәа азҵаара анықәгыл, иааирԥшит агәаӷьра ду, Кавказ зегьы аҟынтә аибашьцәа идгыланы иааит. Владислав Арӡынбеи иареи еидгыланы Аԥсны ар ашьапы иқәдыргылеит. Аԥсны аинралцәа еидгыланы аиааира ҳдыргеит, уи еиҳау аҳамҭа Аԥсны иамаиуц. Зегь реиҳа ҳамҭа дус иара ииԥхьаӡоз, иҟаиҵаз аԥсуа жәлар аҳаҭыр ахьақәырҵаз ауп", - ҳәа азгәеиҭеит Ешба.
Леон иорден занашьоу Закан Нанба игәалаиршәеит Султан Сосналиев аибашьра аҩбатәи амш аҽны автобусла хатәгәаԥхарала аибашьцәа иманы дшааз.
"Аибашьра ишалагаз зегьынџьара ирмаҳаӡацызт Султан аибашьцәа иманы данааи", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0