Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украинатәи ар Донецк анефҭеизакырҭа ааха арҭеит

© Sputnik / Виктор Толочко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСовместное учение России и Белоруссии "Союзная решимость-2022"
Совместное учение России и Белоруссии Союзная решимость-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2022
Анапаҵаҩра
Ииасыз амш азы украинатәи аруаа ԥшьынтә Донецк, Кировтәи араион иалахысит артиллериала.
АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik.Украинатәи аруаа Кировтәи араион ианалахысуаз анефҭеизакырҭа ааха аиуит, астанциа маҷқәа ԥшьба русура ԥкуп иҳәеит Донецк ахада Алексеи Кулемзин Telegram-канал аҿы.

"Украинатәи аруаа Кировтәи араион ианалахысуаз Нефтианаиа амҩаҿ иҟоу анефҭеизакырҭа ааха аиуит, атрансформатортә станциа маҷқәа ԥшьба русура ԥкуп, 50-ҩык абонентцәа лашарада иаанхеит", – иҩуеит Кулемзин.

Уаанӡа Донецктәи Жәлар р-Республика ахымца аанкылара арежим акоординациаз Ацентр аҿы аҳәамҭа ҟанаҵеит украинатәи ар Донецк ишалахысуаз згәыцә 122 миллиметра ыҟоу артиллериала.
Уи адагьы, Донецк араионқәа руак, Петровски аҿы 18 трансформатортә станциа маҷ лашарада инхеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0