https://sputnik-abkhazia.info/20220429/zyzhlar-irakhagylaz-alashbei-chachba-igalashara-aayrazy-apress-konferentsia-maysit-1038884788.html
Зыжәлар ираԥхьагылаз: Қьалашьбеи Чачба игәалашәара аҳаҭыразы апресс-конференциа мҩаԥысит
Зыжәлар ираԥхьагылаз: Қьалашьбеи Чачба игәалашәара аҳаҭыразы апресс-конференциа мҩаԥысит
Sputnik Аҧсны
Қьалашьбеи Чачба, XVIII ашәышықәса анҵәамҭеи XIX ашәышықәса алагамҭеи рзы Аԥсны аҳра ныҟәигон, иара зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыл ахақәиҭра иазызкыз аԥсуа... 29.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-29T14:12+0300
2022-04-29T14:12+0300
2022-04-29T14:14+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1d/1038881843_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_d4a5c0a7b8357435ce8769af769c04ed.jpg
АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба диижьҭеи 275 шықәса аҵра инамаданы Sputnik апресс-центр аҟны апресс-конференциа мҩаԥган мшаԥымза 29 рзы. Апресс-конференциа иалахәын: аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа, Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь."Азқьышықәса иргәылсны иаагоу ҳҭоурых иагәылиаауан зыжәлар реиқәырхареи, зыԥсадгьыл ашәарҭара иацәызыхьчоз аԥызацәа. Убарҭ рыгәҭаны дгылоуп Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба. Аҳра аниуаз аамҭазы дызҭагылаз ауадаҩрақәа шшәарҭазгьы, ихықәкы анагӡара илшеит. 1806 шықәсазы аҭырқәа ар Аԥсны ианақәлоз, иара 25 нызқь ар еизганы урҭ раанкылара илшеит", - иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа.Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа ааигәа ААУ имҩаԥысыз Қьалашьбеи Чачба диижьҭеи 275 шықәса аҵра иазкыз астол гьежь аихшьала ҟаҵо, иазгәеиҭеит, зыжәлар аӡеибафара иалызгаз Аԥыза изкны иахьа уажәраанӡа аусмҩаԥгатәқәа шымҩаԥырымгацыз, насгьы иҳәеит Қьалышьбеи аҳра шиуаз ижәлар рлахьынҵа шьаҭанкыла аҽеиҭакра амҩа иананыз аамҭазы.Қьалашьбеи Чачба игәалашәаразы имҩаԥысраны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, иазԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. Лаҵарамза 2 рзы асааҭ 17 рзы, иара даныршьыз амш аҽны, иаартхоит Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа, иара убас асааҭ 17:00 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны идырбахоит Аԥсуа аҿар ртеатр иқәнаргылаз аҭоурыхтә спектакль "Қьалашьбеи" ацыԥҵәаха. Аҿар ртеатр анапхгаҩы Аслан Еныкь иазгәеиҭеит раԥхьаӡакәны аспектакль шықәыргылаз 2018 шықәсазы, уинахыс 30-нтә иддырбахьан. Иара иажәақәа рыла, ахәаԥшцәа ӷәӷәала ирылаҵәеит уи аамҭа иалагӡаны."Аспектакль "Қьалашьбеи" еснагь еиднакылоит ахәаԥшцәа рацәаҩӡаны. Гастроль ҳасабла Нхыҵ Кавказ акырынтә ҳаҭаахьеит, зегьы ирныруеит аҩымҭа, ргәаҵанӡа инеиуеит, ари еицаҳзеиԥшу ҭоурыхуп", - иҳәеит иара.Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба диит 1747 шықәсазы. Аԥсны аҳра дахагылан XVIII ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа инадыркны. Аԥсуа ҭоурых аҟны ӷәӷәала ишьҭа нижьит. Ҭырқәтәыла аҟынтәи ахьыԥшымра аиуразы, Урыстәыла аимпериеи Аԥсни реимадарақәа амҩақәа разылхра дашьҭалеит. 1806 шықәсазы Сҭампыли Аԥсни реизыҟазаашьақәа рҵыхәтәа ԥиҵәеит, уи иалнаршеит иара ихьыԥшым аҳак иакәны ишьақәгылара. Аурыс-аҭырқәа еибашьраан 1806-1812 шш. рзы Қьалашьбеи Урыстәыла аимпериа дадгылеит, усҟантәи аамҭазы Кавказ иахылаԥшуаз азҭоз аурыс аҳра иатәыз анапхгареи иареи реизыҟазаашьақәа шыманшәаламызгьы.Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба дыршьит Аҟәа лаҵарамза 1808 шықәса рзы.Қьалашьбеи Чачба зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыл ахақәиҭра иазызкыз аԥсуа политикцәа дыруаӡәкын, иара еснагь ижәлар ринтересқәа дрықәныҟәон, ҩ-империа дук дышрыбжьагылазгьы, ҟазарала ихатәы политика мҩаԥигон.
https://sputnik-abkhazia.info/20220427/alyshbei-chachba-diizhei-275-shysa-ara-iazku-astol-gezh-aau-ay-imaysit-1038853621.html
https://sputnik-abkhazia.info/20180119/atourih-aarpshra-achart-rteatr-rikurgilamta-kyalashbei-1022940916.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1d/1038881843_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_da3928b22a5f35699ef87ead7cf6f732.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Зыжәлар ираԥхьагылаз: Қьалашьбеи Чачба игәалашәара аҳаҭыразы апресс-конференциа мҩаԥысит
14:12 29.04.2022 (ирҿыцуп: 14:14 29.04.2022) Наала Гәымԥҳа
Sputnik акорреспондент
Қьалашьбеи Чачба, XVIII ашәышықәса анҵәамҭеи XIX ашәышықәса алагамҭеи рзы Аԥсны аҳра ныҟәигон, иара зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыл ахақәиҭра иазызкыз аԥсуа политикцәа дыруаӡәкын.
АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба диижьҭеи 275 шықәса аҵра инамаданы Sputnik апресс-центр аҟны апресс-конференциа мҩаԥган мшаԥымза 29 рзы.
Апресс-конференциаҟны иалацәажәеит Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба аҳра аниуазтәи аамҭақәа, усҟантәи Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа, еиуеиԥшым ауадаҩрақәа рыӡбараҿы илшара, ижәлар реидкылара.
Апресс-конференциа иалахәын: аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа, Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь.
"Азқьышықәса иргәылсны иаагоу ҳҭоурых иагәылиаауан зыжәлар реиқәырхареи, зыԥсадгьыл ашәарҭара иацәызыхьчоз аԥызацәа. Убарҭ рыгәҭаны дгылоуп Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба. Аҳра аниуаз аамҭазы дызҭагылаз ауадаҩрақәа шшәарҭазгьы, ихықәкы анагӡара илшеит. 1806 шықәсазы аҭырқәа ар Аԥсны ианақәлоз, иара 25 нызқь ар еизганы урҭ раанкылара илшеит", - иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа ааигәа ААУ имҩаԥысыз Қьалашьбеи Чачба диижьҭеи 275 шықәса аҵра иазкыз астол гьежь аихшьала ҟаҵо, иазгәеиҭеит, зыжәлар аӡеибафара иалызгаз Аԥыза изкны иахьа уажәраанӡа аусмҩаԥгатәқәа шымҩаԥырымгацыз, насгьы иҳәеит Қьалышьбеи аҳра шиуаз ижәлар рлахьынҵа шьаҭанкыла аҽеиҭакра амҩа иананыз аамҭазы.
"Зыжәлар ахьыԥшымра мҩа рзалызхыз Қьалышьбеи илшеит ҩ-империак - Аурыс империеи Османтәи аимпериеи риааира. Даара ашәарҭара дышҭагылазгьы, хьаҵра ҟамҵакәан, ихала имҩаԥигон аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика. Аԥсҳа Леон ишьақәиргылаз аԥсуа аҳра иара дшьаҟаны даҵагылеит", - ҳәа иҳәеит Сослан Салаҟаиа.
Қьалашьбеи Чачба игәалашәаразы имҩаԥысраны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, иазԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. Лаҵарамза 2 рзы асааҭ 17 рзы, иара даныршьыз амш аҽны, иаартхоит Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа, иара убас асааҭ 17:00 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны идырбахоит Аԥсуа аҿар ртеатр иқәнаргылаз аҭоурыхтә спектакль "Қьалашьбеи" ацыԥҵәаха.
Аҿар ртеатр анапхгаҩы Аслан Еныкь иазгәеиҭеит раԥхьаӡакәны аспектакль шықәыргылаз 2018 шықәсазы, уинахыс 30-нтә иддырбахьан. Иара иажәақәа рыла, ахәаԥшцәа ӷәӷәала ирылаҵәеит уи аамҭа иалагӡаны.
"Аспектакль "Қьалашьбеи" еснагь еиднакылоит ахәаԥшцәа рацәаҩӡаны. Гастроль ҳасабла Нхыҵ Кавказ акырынтә ҳаҭаахьеит, зегьы ирныруеит аҩымҭа, ргәаҵанӡа инеиуеит, ари еицаҳзеиԥшу ҭоурыхуп", - иҳәеит иара.
19 Ажьырныҳәа 2018, 16:19
Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба диит 1747 шықәсазы. Аԥсны аҳра дахагылан XVIII ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа инадыркны. Аԥсуа ҭоурых аҟны ӷәӷәала ишьҭа нижьит. Ҭырқәтәыла аҟынтәи ахьыԥшымра аиуразы, Урыстәыла аимпериеи Аԥсни реимадарақәа амҩақәа разылхра дашьҭалеит. 1806 шықәсазы Сҭампыли Аԥсни реизыҟазаашьақәа рҵыхәтәа ԥиҵәеит, уи иалнаршеит иара ихьыԥшым аҳак иакәны ишьақәгылара. Аурыс-аҭырқәа еибашьраан 1806-1812 шш. рзы Қьалашьбеи Урыстәыла аимпериа дадгылеит, усҟантәи аамҭазы Кавказ иахылаԥшуаз азҭоз аурыс аҳра иатәыз анапхгареи иареи реизыҟазаашьақәа шыманшәаламызгьы.
Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба дыршьит Аҟәа лаҵарамза 1808 шықәса рзы.
Қьалашьбеи Чачба зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыл ахақәиҭра иазызкыз аԥсуа политикцәа дыруаӡәкын, иара еснагь ижәлар ринтересқәа дрықәныҟәон, ҩ-империа дук дышрыбжьагылазгьы, ҟазарала ихатәы политика мҩаԥигон.