Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҩыза лзы ажәа: лаҵара 8 рзы ашәаҳәаҩ Зоиа Аншԥҳа 90 шықәса лхыҵуазаарын

© Foto / предоставила Марина ЖибаАнсамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа
Ансамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсни Қырҭтәылеи зҽаԥсазтәыз рартистка, Ахьӡ-аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу Зоиа Константин-иԥҳа Аншԥҳа лаҵара 8 рзы 90 шықәса лхыҵуазаарын.
40 шықәса инарзынаԥшуа Зоиа Константин-иԥҳа лнапхгарала ашәа зҳәоз Марина Жьиԥҳа ҩыза гәакьас илԥхьаӡоз лнапхгаҩы дылгәаларшәо, лҟазаратә нысымҩа атәы ҳзеиҭалҳәеит.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Быжьҩык ахшара иреиҵбыз, Дәрыԥшь ақыҭан Константин Аншбеи Аника Сыҷынааԥҳаи ргәараҭаҟны ииз Зоиа ԥхьаҟатәи лҟазара ашьаҭа аҩноуп иахьакыз. Дара изынҭаацәаз жәлар ржәытә ашәақәеи амузыкатә рҳәагақәеи ирызҿлымҳан, иагьрықәҿион.
Аншаа рҭаацәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы арыцҳарақәа маҷымкәа ирхыргеит, аҭаацәара раб Константин 37-тәи ашықәсқәа раан Сталин иполитика далаӡит. Иԥацәа руӡәы Дикран Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны дҭахеит. Ахьаа иамҽхакыз Аника лхәыҷқәа лгәыҵаҳәҳәа ауаз ашәа анылымҳәоз ыҟамызт.
Ансамбль Кьиараз - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2020
Жәлар рашәақәа ирызҟазоу: ашәаҳәаҩ Џьамал Мархолиа иҭоурых
Аамҭа зегь акоуп иара атәы ҟанаҵоит. Аԥсҭазаара ԥхьаҟа иӷьацо иалагеит. Зоиа хәыҷы Гәдоуҭатәи ақырҭуа школ далганы, дҭалоит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа. Уи усҟан ақырҭқәа рнапаҟны акәын иахьыҟаз.
"Зоиа Константин-иԥҳа егьараан еиҭалҳәалон аԥсшьарамшқәа раан Дәрыԥшь лықәлацәа еизганы ачамгәыр арҳәара шыдлырҵоз, аха усҟантәи аамҭақәа раан аколнхара иазааԥсоз анхацәа рхәыҷқәа бжьылхуеит, быԥҳа даанкыл ҳәа лан илзашшуан. Аиҳабыратәи аклассқәа рахь даниас, Зоиа Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭахь ааԥхьара лоуит, аха ҩышықәса рышьҭахь инлыжьыр акәхоит лан лныҟәгара ахьлылымшаз инамаданы", - лҩыза лҭоурых еиҭалҳәоит Марина Жьиԥҳа.
Марина Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2018
Марина Жьиԥҳа: ашәа аныҟам, саргьы сыҟам
Зоиа Аншԥҳа лҵара аанлыжьит, аха уи аҿы лҟазара ҿахымҵәеит. Аԥҳәызба еиҳагьы агәазыҳәара лоуит арҿиарахь. Хара имгакәангьы ашкол данҭаз дызлахәыз Гәдоуҭатәи ачамгәырарҳәаҩцәа ргәыԥ ахь ҩаԥхьа ааԥхьара лиҭоит уи иахагылаз Алықьса Чычба. Аамҭак ашьҭахь Гәдоуҭа акультура апарк ашьаҭала еиҿылкаауеит лхатәы жәлар ринстументалтә коллектив, уи "Аԥсны зҽаԥсазтәыз" ҳәагьы ахьӡ ҳаракы ахырҵоит. Ари ансамбль СССР атәылақәа жәпакы рҿы агастрольқәа аманы иқәгылахьан. Иҭыҵхьан хыԥхьаӡара рацәала рашәақәа реизгақәа зныз апластинкақәеи акассетақәеи.
"Зоиа Аншԥҳа Аԥсни уи анҭыҵи деицырдыруан. Лара лҟазара иаҵашьыцуан иҳаланхоз ақырҭуа милаҭ. Зны жәлар рмузыкатә инструментқәа рарҳәаҩы Едраҭ Багаҭелиеи лареи Қарҭ афестиваль ахь ааԥхьара рыман. Убасҟан асценахь ицәырҵны аԥсуа ашәа ахы анадыркы, ақырҭуа зыӡырҩцәа еилауаҭырны акәтаӷьқәа ргәыдырҵо иалагеит. Зоиа дыԥҳәызбамзи, лгәы ҭҟьаны асцена нлыжьит, аха Едраҭ аҵыхәтәанынӡа икомпозициа наигӡаанӡа асцена дықәымҵӡеит. Ари ахҭыс даара ирԥхашьаганы иҟалеит қарҭаа рзы. Уи ашьҭахь аиҳабыра Зоиеи Едраҭи рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаҵо ирыҳәеит адырҩаҽны имҩаԥгахараны иҟаз аконцерт рхы аладырхәырц. Мап ркуа ианалагагьы, агәра ддыргеит амилициа аусзуҩцәа хылаԥшра шрырҭало. Ус иагьыҟалеит. Аԥсуа артистцәа рыҩныҟа аԥхьахәтә ҭыԥқәа рыманы ихынҳәит", - ахҭыс лгәалалыршәоит Марина Жьиԥҳа.
Зоиа Аншԥҳа 70-тәи ашықәсқәа раан Гаграҟа аусура даарышьҭуеит. Аԥхьанатә акультура аҟәша дахагылоит. Аамҭак ашьҭахь лгәаҳәарала ари амаҵура ныжьны Баграт Багаҭелиа напхгара зиҭоз афольклортә ансамбль аҟны ачамгәырарҳәаҩцәа ргәыԥ еиҿылкаауеит. Абрахь имҩахыҵыз раԥхьатәи ашәаҳәаҩцәа анаҩс жәлар рмузыкатә инструментқәа рарҳәара иалагаз иреиуахеит Марина Жьиԥҳа, Нана Сыҷынааԥҳа, Риммеи Фатимеи Барцыцԥҳацәа, Маиа Дбарԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа ари ансамбль Москвеи, Ленингради, Мински, Қарҭи уҳәа рҟны ажәлар рыбзиабара иаԥсахахьан.
© Foto / предоставила Марина ЖибаАнсамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа
Ансамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа  - Sputnik Аҧсны
1/3
Ансамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа
© Foto / предоставила Марина ЖибаАнсамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа
Ансамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа  - Sputnik Аҧсны
2/3
Ансамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа
© Foto / предоставила Марина ЖибаАсҭамыр Қьецба иганаҿы
Асҭамыр Қьецба иганаҿы - Sputnik Аҧсны
3/3
Асҭамыр Қьецба иганаҿы
1/3
Ансамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа
2/3
Ансамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа
3/3
Асҭамыр Қьецба иганаҿы
Аибашьра ашьҭахьгьы аколлектив тәамҩахә ҟамҵакәа аԥсуа культура аҿиара иазааԥсон. Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы рҿы имҩаԥысуаз афестивальқәеи аконкурсқәеи рҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ганы Аԥсны ахьӡ ҭыргон.
Зоиа Аншԥҳа лыԥшәма Аркади Цыгәбагьы 50 шықәса инеиҳаны сценак аҟны длыцықәгылан. Иара иахьагьы ансамбль "Кьараз" аҟны ахкынагӡаҩцәа дреиуоуп.
© Foto / предоставила Марина ЖибаАркади Цыгәба
Аркади Цыгәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2022
Аркади Цыгәба
Марина Жьиԥҳа лҩыза лыӡбахә ҳәо иазгәалҭеит аҟазарахь лшьаҿа анеихылга нахыс мҩақәҵаҩыс дышлымаз. Зоиа Константин-иԥҳа Аншԥҳа лыбзоурала Марина "Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка" ҳәа ахьӡ ҳаракы аҟынӡа днаӡеит.
Аԥсни Қырҭтәылеи зҽаԥсазтәыз рартистка Зоиа Аншԥҳа лынагӡарала еицырдырыз ашәақәоуп "Ҳаи, шьири, сукәыхшандаз", "Дубозар џьаракыр", "Гагра", "Илашьцеит, уан рыцҳа, адунеи", "Сыԥшалас" уҳәа.
© Foto / предоставила Марина ЖибаАнсамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа
Ансамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2022
Ансамбль Кьараз ахкынагӡаҩцәа
Зоиа Аншԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 2014 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0