Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Путин Аԥсны ахадеи уи ажәлари Аиааира Ду 77 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел переговоры с президентом Белоруссии А. Лукашенко
Президент РФ В. Путин провел переговоры с президентом Белоруссии А. Лукашенко - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада афронти атыли рветеранцәа гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ақәранҵыра ду.
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аиааира Ду амш 77 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Молдавиа, Ҭаџьикисҭан, Тырқәменисҭан, Узбекисҭан, Донецктәи Жәлар Рреспублика, Лугансктәи Жәлар Рреспублика рхадацәеи рыжәларқәеи, иара убас Қырҭтәылеи Украинеи рыжәларқәеи. Абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
Путин иазгәеиҭеит Аиааира Амш аҽны аџьабаа дуӡӡа збаз, ашьа казҭәаз аибашьцәеи атыл иазааԥсози иҭабуп ҳәа шрарҳәо, патуқәҵара ду шырзаадырԥшуа анацизм аилаԥыххаара ахьрылшаз азы.

"Иахьа ҳара зегьы азеиԥш уал ҳаҵагылоуп - адунеи атәылақәа жәпакы рҿы ауааԥсыра арыцҳарақәа рацәаны ирзаазгахьаз анацизм аиҭаҿиара алҳмыршароуп. Иахьатәи аамҭазы аҵак ду амоуп аибашьра ашықәсқәа раан иҳахҭаагаз, ҳазнысыз аҭоурых, ҳзеиԥш доуҳатә беиарақәа, ҳаиҩызара, ҳаиашьара атрадициа бзиақәа ԥхьаҟа игыло абиԥарақәа рымадара, дырдырра", - ҳәа ануп анацҳамҭақәа рҟны.

Владимир Путин абиԥара ҿақәа ирзеиӷьеишьеит дара рабацәеи рабдуцәеи ирыԥсаханы иҟаларц.
Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа рхадацәа рахь инаишьҭыз адныҳәаларақәа рҟны Путин иазгәеиҭеит урыстәылатәи аруаа, урҭ рабдуцәа реиԥш, рыжәҩахыр еибыҭаны рыдгьылқәа анацистцәа рҟынтәи рхақәиҭтәразы ақәԥара ишаҿу.
Ажәабжьқәа зегьы
0