Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиааира Ду амш аҳаҭыр азы Аҟәа Лаҵара 9 рзы агәырӷьаратә салиут ҟалоит

© Sputnik / Илона ХварцкияПраздничный салют на сухумской набережной
Праздничный салют на сухумской набережной - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳҭнықалақьи араионқәеи рҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аиааира Ду иазку агәырӷьаратә салиут ҟалоит Аҟәа амшынбаӷәазаҟынтәи Лаҵара 9 асааҭ 22:00 рзы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Аҟәа Лаҵара 9 рзы акультуратәи аспорттәи усмҩаԥгатәқәа рацәаны иҟалоит.
Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысраны иҟоуп асааҭ 9:30 рзы.
Асааҭ 11:00 рзы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны арратә парад ҟалоит.
11:40 рзы Аиааира ашҭаҿы "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩасуеит.
11:50 рзы аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа ианыланы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҟынӡа гәырӷьаратә шьаҿеиқәшәарыла имҩасуеит.
Празднование Дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2022
Аԥсны
"Ԥсра зқәым архәҭа", аконцертқәа, акинорбарақәа: Аԥсны Аиааира Ду амш шазгәарҭо
Асааҭ 11:00 рзы "Гәыма" аҿы иаатуеит афотоцәыргақәҵа "Ҳара ҳгәалашәара".
Асааҭ 13:00 рзы Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатуеит XX ашәышықәса иатәу еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа, уи аартызаауеит лаҵара 15 рҟынӡа.
Асааҭ 13:00 - 15:00 рзы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еиҿкаахоит аконцерт ахәыҷтәы ҟазаратә школқәа алархәны. Иара убас ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программа еиҿкаахоит. Иӡыргахоит аҟазаратә школқәа ирҭоу ахәыҷқәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.
Асааҭ 15:00 рзы агәашьаркыра аҿаԥхьа ашахматқәа, ашашкақәа, адомино, атеннис маҷ рзы абзиабаҩцәа ртурнир иалагоит.
Асааҭ 16:00 рзы Сергеи Багаԥшь иашҭаҿы даҽа концерткгьы ҟалоит. Асааҭ 17:00 рзы аплатформа "Гәыма" аҿы Аиааира иазку ажәеинраалақәа рыԥхьарақәа еиҿкаахоит.
Асааҭ 18:00 рзы астадион "Динамо" аҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ашьапылампылтә хәмаррақәа мҩаԥыргоит.
Асааҭ 18:00 рзы адәыӷбаангыларҭа "Гәыма" аҟны лаҵара 9 1945 шықәса рзы иҟаз аҭагылазаашьа аԥҵара рҽазыршәоит. Иадгылоит "Аиааира адәыӷба". Аусмҩаԥгатә иахьӡуп "Аибашьра ашьҭахь асааҭ 6 рзы".
Ԥыҭрак ашьҭахь иара уаҵәҟьа асааҭ 19:30 рзы асовет фильмқәа ддырбалоит.
Лаҵара 9 асааҭ 13:00 рзы "Москва аҩны" аҿаԥхьа идәықәлоит авелоеиԥхныҩлара "Иҭабуп Аиааиразы". Уи алахәылацәа Аҟәа-Гәылрыԥшь-Аҟәа" амаршрут ианысуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0