Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Дҭахеит ҳәа ашәҟәы аахьан": Арзаабеи Смыр иеибашьратә нысымҩа

© Sputnik / Anatoliy Garanin / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОбучение бойцов перед отправкой на фронт
Обучение бойцов перед отправкой на фронт - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Анапаҵаҩра
Абар иааҳадгылеит 77-тәи Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аҟны игоу Аиааира амшгьы. Рыцҳарас иҟалаз, ари агәырӷьаратә рыцхә здаҳныҳәалаша аветеранцәа рхыԥхьаӡара зынӡа имаҷхеит, аха дара ргәалашәара ҳацнаҵы урҭ ԥсра рықәым.
Иахьатәи анҵамҭаҿы иӡбахә шәзеиҭасҳәоит "дҭахеит" ҳәа зҭаацәа адырра зоуз, аха машәыршәа зыԥсы еиқәхаз, аконцлагер "Освенцим" аҟнытә ибналаз Арзаабеи Муҭы-иԥа Смыр.
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага 20 шықәса зхыҵуаз аҭаацәара иреиҳабыз Арзаабеи Смыр иаразнак иҩызцәа драԥхьагыланы азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Иан Алсабед Арындԥҳаи иаб Муҭыи аҩны инхаз хәҩык иашьцәеи иаҳәшьцәа рыхҩыкгьи акыр шықәса ирыздыруамызт рашьа гәаҟьа ашәхымс данахыс ашьҭахь илахьынҵахаз, ҽнак зны дышҭахаз атәы зҳәоз ашәҟәы аанӡа.
© Foto / предоставлено Арзаабейом СмырАрзаабеи Смыр
Арзаабеи Смыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2022
Арзаабеи Смыр
Арзаабеи Асовет ар дахәҭакны Европа атәылақәа жәпакы рҟны деибашьуан. Анаҩс Польша ианазааигәаха, аҳәааҟны аӷацәа аҿагылара ӷәӷәа рырҭоит. Убраҟа ишьызи ихәызи рацәаҩхоит. Арзаабеи иакәзар ахыԥҽыхақәа имахәар иалалоит, руакы изблак ҭнахуеит. Дшьабо дахьынӡашьҭаз имчқәа анилшәшәа, "дыԥсит" ҳәа анемецәа рнапаҵаҟа иҟаз арратә госпиталь иатәыз аԥсышьҭаҵарҭахь (морг) дыргоит.
"Ҳаб аԥсышьҭаҵарҭаҟны аус зуаз, милаҭла иполиакыз асанитар ԥҳәыс машәыршәа иԥсахәа шҭаз лбоит. Аӡәы лыҽимырбаӡакәа раԥхьатәи ацхыраара иҭаны, ианааилахәла дырҳәазо мацара дӷьычны дганы, агәрагаҩцәа ахьлымаз агоспиталь апалатахь диалгоит. Уи нахыс ишьапы дықәгылаанӡа лылаԥш ихын", - ахҭыс еиҭалҳәоит Арзаабеи иԥҳа Грета Смырԥҳа.
Машәыршәа зыԥсы еиқәхаз аибашьра аветеран, аԥсҭазаарахь дзырхынҳәыз асанитар ԥҳәыс лахь абзиабара изцәырҵоит, иагьеиразҟхоит, аԥҳагьы дырхылҵуеит. Аха уи зегьы аамҭалатәихеит. Асолдаҭ ирратә уалԥшьақәа рахь дгьежьуеит.
Радион Чамагәуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Аԥсны
Асахьаҭыхра бџьарла изыԥсахыз аибашьҩы: Радион Чамагәуа иҭоурых
"Ҳаб, иҩызцәа реиҳараҩык реиԥш бзиа ибаӡомызт аибашьра алацәажәара. Убри аҟнытә уи иадҳәаланы иаадыруа ахҭыс маҷқәа иреиуоуп аконцлагер "Освенцим" аҟны дышҭакыз, аха хәҩык аҭҟәацәа иара данрылаҵаны еибыҳәаны рыҽӡаны ицеит. Усҟан аҭҟәара иақәшәоз Сталин рыԥсы рыманы аконцлагер иҭыҵыргьы "иԥсахыҩцәоуп" ҳәа рырратә еихьӡарақәа дырмыхәаԥшкәа ма ҩаԥхьа аҭакра рықәиҵон, мамзар иҭаирхон. Убри аҟнытә, ҳаб "Освенцим" дызлаҭакыз атәы зырҵабыргуаз инапы ианыз ахыԥхьаӡарақәа имаӷра лашьҭны иҵәахуан", - ҳәа азгәалҭоит аԥҳа.
Арзаабеи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду анеилга, 1946 шықәсазы дахьииз иқыҭахь Арсаулҟа (Приморск) дгьежьуеит. Ичемодан иманы иаб иҩны ашҭа данааҭала иан лыԥсы лылшәшәаны иаԥхьа дкаҳауеит. Усҟан иара иабаидыруаз "дҭахеит" ҳәа ашәҟәы шроухьаз, иԥсхәы уны дшеинырххьаз. Арзаабеи иаара ныҳәа дук еиԥш ирыдыркылеит иӡбахә здыруаз зегьы. Иҭаацәа ачара ду изыруит, хара имгакәагьы аԥҳәыс дизааргеит. Аибашьҩы диразҟхоит Ниура Шьониаԥҳа. Ирхылҵуеит ҩыџьа аԥацәеи, фҩык аԥҳацәеи.
Великая Отечественная война 1941-1945 годов. Советские танкисты радуются победе. Берлин, май 1945 года. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2022
Аԥсны
"Берлинынӡа днаӡеит": аимадаҩ Риза Аџьба изкны
Арзаабеи акыр шықәса игәаӷьны изыҳәомызт Польша дышҭаацәарахахьаз. Анаҩс игәакьацәа џьоукы рҿы ихы иргамеит. Излеилкаахаз ала, аконцлагер аҟнытә иҽаниӡа, иԥшәмеи иԥҳаи рахь гьажьышьа имамызт, избанзар ихатә ԥсҭазаара адагьы, даргьы ашәарҭара иҭаиргылон. Уи нахыс "уаҳа исымбаргьы, рыԥсы ҭазааит" ҳәа игәы ҿаҳәаны иԥсадгьыл ахь дааит.
"Егьараан ани аԥҳаи рыӡбахә аилкаара ҳашьҭалахьан. Аха иҳақәымҿиеит. Иахьагьы сгәы сыхьоит саб иажәақәа "Раиеи лареи еиԥшын" ҳәа уахь инхаз иԥҳаи ҳаҳәшьеиҳаби рзы ииҳәоз ажәақәа анысгәалашәо", - лажәа иацылҵоит Грета Смырԥҳа.
Арзаабеи Муҭы-иԥа, Сталин данԥсы ашьҭахь ауп иҽцәыриго даналага. Есышықәса ихьӡала аорденқәеи амедалқәеи аауан.
Арзаабеи Смыр иԥсҭазаара зегьы иқыҭаҟны имҩасит. Арахә ааӡарҭаҿы еиҳабыс дыҟан. Иуаажәлар рыбжьара ҳаҭыр иқәын, иажәа иазҵаауан.
© Foto / предоставлено Арзаабейом СмырАрзанбей Смыр
Арзанбей Смыр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2022
Арзанбей Смыр
Ажәабжьқәа зегьы
0