Аԥсны ААР ЛЖәР Ареспублика амшныҳәа аҳаҭыраз адныҳәаларатә шәҟәы рзынарышьҭит

© SputnikМИД Абхазии
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Анапаҵаҩра
Аашықәса раԥхьа, 2014 шықәса лаҵара 12 азы Лугансктәи Жәлар Рреспублика Украина ишалҵыз азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Лугансктәи Жәлар Рреспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инанашьҭит ареспублика амшныҳәа аҳаҭыраз адныҳәаларатә шәҟәы ҳәа аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа асаит.
"Лугансктәи жәлар Рреспублика ажәлар ракзаара аарԥшуа рҭоурыхтә лахьынҵа рыӡбит. Иахьа ЛЖәР иалнахыз амҩа ианыланы қәҿиарала ицоит" ҳәа ҷыдала иазгәаҭоуп адныҳәалара атекст аҿы.
Агәрагара аарԥшуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи рыбжьара аусеицура аҩ-ҳәынҭқаррак ринтересқәа ишрықәшәо.
Раԥхьаӡа акәны лаҵара 12 азы Лугансктәи Жәлар Рреспублика ашьаҭаркра азгәарҭоит ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасаб ала.
2014 шықәса лаҵара 12 азы Лугансктәи Жәлар Рреспублика Украина ишалҵыз азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Аашықәса рышьҭахь, 2022 шықәса жәабран 21 азы ЛЖәРи ахьыԥшымра азханаҵеит Урыстәыла, уи инашьҭарххны, жәабран 25 азы – Аԥсны.
День республики в ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР ДЖәР Ареспублика амшныҳәа аҳаҭыраз адныҳәаларатә шәҟәы рзынарышьҭит
Ажәабжьқәа зегьы
0