Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Наҷҟьебиа: апантеон аидеиа аԥсуаа иҳацәтәымуп, аха иҟоу ишахәҭоу амҩа иқәҵатәуп

Хра злоу ахҭысқәа: Даур Наҷҟьебиа аҟәатәи апантеон иазкны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа арадио Sputnik аефир аҿы аҟәатәи апантеон аҿы иҟалаз ахҭыс ахҳәаа аиҭеит, избан апантеон аԥсуаа изҳацәтәыму атәы далацәажәеит, иҳәеит уи ахылаԥшыҩ дшаҭаху.
Идырым џьоукы аҟәатәи апантеон аҿы абаҟақәа иакәым ала ирызныҟәеит. Арбгаҩцәа аԥхасҭа рырҭеит еицырдыруа аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩцәа Аслан Оҭырба, иԥшәмаԥҳәыс Татиана Конџьариаԥҳа, акультура аминистрс иҟаз Ҭемыр Қьецба рбаҟақәа. Абаҟақәа ирымхуп аџьазлыхҩырақәа.
"Аҭыԥ ишахәҭоу еиԥш ахылаԥшра амазҭгьы, ҳәарада, ас еиԥш иҟалаӡомызт. Ауаа рыхдырра аус аурцаз, аҭыԥ ишахәҭоу еиԥш еиҿкаатәуп. Иагәыдыԥшыло иаразнак еиликаауазароуп ари иԥшьоу шҭыԥу, ажәлари аҳәынҭқарреи рзы шгәадуроу. Иакәыршаны аанда амазҭгьы, ахылаԥшҩы дыҟазҭгьы, уи аҩыза ҟаломызт. Иара апантеон ахьӡуп, аха уи ажәа аидара азышьҭнахӡом. Аидеиа ахаҭа рацәак аус ауӡом, аханатәгьы ииашаӡамызт ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа иҳәеит Наҷҟьебиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0