Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пустовалов аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара азҵаарақәа рзы аусбарҭабжьаратә еилацәажәара мҩаԥигеит

© Foto / МЧС АбхазииМежведомственная рабочая встреча
Межведомственная рабочая встреча - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2022
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы Аԥсны АШәМ иазгәанаҭеит 11 миллион ҳәаахысра. Сынтәа ари арбага иҵегьы иацлоит акурорттә ԥсшьара аамҭазы ҳәа иазыԥшуп.
АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов акурорттә ԥсшьара аамҭазы иҟалар зылшо аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥырҟәҟәааразы аусбарҭабжьаратә еилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аилацәажәара иалахәын Атуризм аминистрра, Агәабзиарахьчара аминистрра, Аԥсны ААР, АҶА, АШәМ, аекологиаз Аилак рнапхгаҩцәа.
Аиԥылараҿы иазгәаҭан аҭагылазаашьа ҷыдақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы иаку амеханизм аус адулара.
Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа иҳәеит 2020 шықәсазы Аԥсны ҩыџьа шыӡааҟәрылаз, 2021 шықәсазы – 20-ҩык. Убри азы азҿлымҳара рыҭан аплиажқәа, урҭ реиҿкаара, аиқәырхаҩцәа рҭыԥқәа аԥҵара уҳәа.
Иара убас ихадароу зҵааран иалацәажәан, ашәҟәы иҭагалам атуристтә гәыԥқәа ашьхаҟа рныҟәара. Иҟалоит атуристцәа АҶА, Атуризм аминистрра адырра рымҭакәа, рымҩа ахырхарҭа азгәамҭакәа ныҟәара ианцо. Усҟан ак ҟалар аиқәырхаҩцәа мчыбжьыла ауаа ирышьҭоуп. Асеиԥш ауадаҩрақәа ыҟоуп аспелеологиатә туризм аҿгьы. Ирацәаҩуп иахьцо азы дыррак ҟазымҵо.
Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба ажәалагала ҟаиҵеит асеиԥш иҟоу ахҭысқәа, агәыԥқәа хылаԥшра рызҭаша атуристтә полициа аԥҵазарц.
Состоялось совещание, посвященное подготовке к курортному сезону - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2022
Аԥсны
Аҟәа ахадараҿ акурорттә сезон аҽазырхиара иалацәажәеит
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи АҶА аминистри Лев Кәыҵниеи ирҳәеит ишхымԥадатәиу ақалақьқәа рынҭыҵ – амҩа иахьаԥну, аӡиа Риҵаҿы, Кәыдрытәи аиҩхааҿы амедусзуҩцәеи аиқәырхаҩцәеи рзы амодультә пунктқәа аԥҵазарц. Уи иалнаршон еиҳа ццакрыла ацхыраара аҟаҵара. Аха уи аиҿкаараз анагӡара иахәҭоу аԥаразоужьра ахьыҟам азы макьана инагӡам.
Аиԥылара аихшьаала ҟаҵо Сергеи Пустовалов иазгәеиҭеит ари аҩыза аилацәажәаратә формат алҵшәа шаанарԥшуа, ԥхьаҟагьы инҭкаау аӡбамҭақәа рыдкылара ишахәо.
Ажәабжьқәа зегьы
0