Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Делба аԥсабаратә рыцҳарақәа аԥхасҭа зырҭаз рахьтә заҟаҩы акомпенсациа рыҭоу иҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Владимир Делба
Владимир Делба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2022
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс ԥхынгәы-нанҳәа рзы аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны аԥхасҭазы акомпенсациа зауз абанк аҿы ахаҭалатә ԥхьаӡамҭа аадыртыроуп.
АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба адырра ҟаиҵеит ииасыз ашықәс ԥхынгәы-нанҳәа рзы аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны аԥхасҭа зауз 664-ҩык рахьтә иахьазы аматериалтә цхыраара 616-ҩык ишрыҭоу. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Делба иҳәеит аԥарашәара ҩ-етапкны ишымҩаԥсуа. Актәи аетап аан 100 000 мааҭ еиҳамкәа изықәнагоу аԥара рызшәахоит. Аҩбатәи аетап актәи анхыркәшахалак ашьҭахь иалагоит.
Актәи аетап аан ишәахоит 54,8 миллион мааҭ. Аԥарақәа аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи игахоит.
Зынӡа ари аус иазоужьуп 284,8 миллион мааҭ. 109 миллион мааҭ материалтә цхыраагӡак аҳасабала ишәахоит, 175,5 миллион мааҭ аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирзырхахоит.
Аиҳарак аԥхасҭа роуит Аҟәа ақалақьи Гәдоуҭа араиони руааԥсыра. Гәдоуҭа араион аҿы 310-ҩык аԥхасҭа зауз рҟынтәи аԥхьаӡамҭақәа аадыртхьеит 292-ҩык, Аҟәа - 266-ҩык рҟынтәи 190-ҩык.
Делба иҳәеит аминистрра ашәарақәа ԥхынгәы 1 азы инагӡахарц азы аԥыза-министр иқәҵараҿ иарбоу аҿҳәарақәа ишырхырымго, атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ахаҭалатә ԥхьаӡамҭақәа аамҭа мгакәа иаадыртырц.
Дбар аӡхыҵрақәа рзы: есааира иџьбарахо усуп, ҳҽазыҟаҳҵароуп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Арадио
Дбар аӡхыҵрақәа рзы: есааира иџьбарахо усуп, ҳҽазыҟаҳҵароуп
Ажәабжьқәа зегьы
0