Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҿар амилаҭтә хореографиа рылазырҵәо: имҩаԥысит афестиваль-еицлабра "Аӡыхь"

© Sputnik / Наала Гумба Афестиваль "Аӡыхь"
Афестиваль Аӡыхь - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2022
Анапаҵаҩра
Есышықәса имҩаԥысуа Аԥснытәи ахьыбҿар Рреспубликатә кәашаратә еицлабра хықәкы хадас иамоуп - амилаҭтә хореографиа аҿар рыларҵәареи радԥхьалареи. Сынтәа аицлабра ҩымш имҩаԥысуеит - лаҵара 18-19 рзы.
АҞӘА, лаҵарамза 18 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Иван Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә центр XXIV афестиваль-еицлабра "Аӡыхь" актәи ахәҭа мҩаԥысит лаҵарамза 18 рзы, Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿы.
Афестиваль аицлабратә хәҭа мҩаԥган заа, уаҟа иалкаан аиааира згаз ахьыбҿар.
Афестиваль аиҿкааҩ-анапхгаҩы, И. Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа иазгәеиҭеит акәашаратә еицлабра-афестиваль "Аӡыхь" амҩаԥгара еснагь гәахәарыла ишаԥыло аиҿкааҩцәагьы алахәылацәагьы. Убас иара иҳәеит жәлар рыкәашара ҳкультура ӡырызго акәны ишииԥхьаӡо атәы.
© Sputnik / Наала Гумба Афестиваль "Аӡыхь"
Ансамбль Адзыхь  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2022
Афестиваль "Аӡыхь"
Афестиваль актәи амш азыҳәаны иқәгылеит аиҵбыратә гәыԥ, жәаҩа шықәса иреиҳам акәашацәа. Афестиваль аҩбатәи амш азыҳәаны иқәгылараны иҟоуп аиҳабыратә гәыԥқәа.
Аныҳәатә программа хацдыркит Аҟәа араион аҿы еиҿкаау ансамбль "Гәымсҭа". Урҭ инарыгӡеит "Аԥсуа ҭыԥҳацәа рыкәашара". Ақәыргылаҩ-анапхгаҩы - Марианна Арышԥҳа.
© Sputnik / Наала Гумба Афестиваль "Аӡыхь"
Ансамбль Адзыхь  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2022
Афестиваль "Аӡыхь"
Аконцерт актәи амш иалахәын акәашаратә гәыԥқәа 19. Досу инарыгӡон еиуеиԥшым жәлар рмилаҭтә кәашарақәа. Ахьыбҿар асценаҟны рхымҩаԥгашьа, рышьацәхыртәра, рымаҭәа аиҿкаашьа ҷыдала ишазнеиз мҩашьарада иубарҭан.
Афестиваль "Аӡыхь" актәи амш азыҳәаны иреиҳаӡоу аҳамҭа "Гран При" иаԥсахеит акәашаратә гәыԥқәа ҩба: Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Абаза". Анапхгаҩы - Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Циала Чкадуаԥҳа, ақәыргылаҩ - Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Алықьса Аршба. Иара убас ансамбль "Шьараҭын" ахәыҷтәы хореографиатә студиа "Иааирума". Анапхгаҩы-ақәыргылаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист - Анжела Дбарԥҳа.
Еицлабуаз рыхә ршьон аӡбаҩцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟан: Аԥсны Жәлар рартист, аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" анапхгаҩы Арвелод Ҭарба; еицырдыруа акәашаҩ, аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" ԥасатәи алахәыла-асолист Витали Кәарҷиа; иара убас Д.Гәлиа ихьӡ зху, Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ усзуҩ еиҵбы, аԥсуа хореографиа аморфологиеи асемантикеи рыҭҵааҩы Асида Гәынԥҳа.
Аконцерттә еицлабра аҩбатәи ахәҭа иацҵахоит лаҵарамза 19 рзы.
Фестиваль Раида в филармонии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Аԥсны
"Раида" гәырӷьароуп: афольклор-вокалтә ансамбльқәа рреспубликатә фестиваль мҩаԥысит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0