Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ашана" хышықәса зхыҵуа Таисиа Ҳагԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Таисия Хагба подопtчная фонда "Ашана"
Таисия Хагба  подопtчная фонда Ашана - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2022
Анапаҵаҩра
АГәФ "Ашана" хылаԥшра знаҭо Таисиа Ҳагԥҳа аҳақьымцәа илыдырбалеит ачымазара - асенсомотортә алалиа. Атерапиахысратә курсқәа ҩба рыхәԥса – 542 550 мааҭ ыҟоуп.
АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хышықәса зхыҵуа Таисиа Ҳагԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит.
Ахәыҷы даниз, акгьы лыдрымбалеит, аха илызҳацыԥхьаӡа лҩызцәа дышрыҵахоз, леизҳара ак шаԥырхагаз рбо иалагеит. Аҭаацәа аамҭа мгакәа Таисиа лыхәшәтәра нападыркит.

"Ҳара иаразнак илыхьыз ҳзеилымкааит. Аԥхьаҵәҟьа зегь реиԥш илызҳауазшәа аабон, маҷк ианлызҳауп илыгыз закәу лыдаабало ҳаналага: иаалыкәыршан иҟаз ауаа дрызхьаԥшуамызт, акы улыҳәар иналыгӡомызт, улзеилкаауамызт", - ҳәа еиҭалҳәоит ахәыҷ лан Анастасиа Коровиакова.

Таисиа акыр ауадаҩрақәа лԥылоит, избанзар илзеилкаауам илыхьуа, иҟаҵатәу, иларҳәо лзеилкаауам.
"Аԥхьанатә ииашамыз адиагноз лзықәдыргылеит – аутизмтә спектр. Уи иашамызт, аха уеизгьы уи мҩакы ҳақәнаҵеит. Аамҭагьы ҳцәыӡит. Лара дшыхәыҷу, шықәсык аҩнуҵҟа ацхыраара лыҭатәуп", - лҳәоит Анастасиа.
Ан лажәақәа рыла, аӡӷаб диагнозк амацара акәым илзықәыргылоу, аха ихадараны ишьоу – асенсомотортә алалиа ауп.
Подопечная фонда Ашана Николь Аргун  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2022
Аԥсны
"Ашана" жәашықәса зхыҵуа Николь Аргәынԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит
"Илоуҳәо лзеилкааӡом. Лхала лгәы ишланаҳәо еиԥш илыдылкылоит. Интонациала уанеилылкаауагьы ыҟоуп. Даара нап лыдаҳкылоит, иахьеи уахеи ҳалҿуп", - лҳәоит Таисиа лан.
Уажәы ахәыҷы Санкт-Петербург ИАЕ "ПрогнозМед" аневрологиатә Центр аҿы ахәшәтәра дахысроуп.
Атерапиатә курсқәа ҩба 542 550 мааҭ иаԥсоуп. Аҭаацәа рзы ари уадаҩуп, рхала ирызшәаӡом. Таисиа дааижьҭеи ажәак лзымҳәацт. Аҭаацәа аҳәара ҟарҵоит ацхыраара лырҭарц.
Ахәыҷы лыцхыраара шалшо атәы арбоуп афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.
Аҭаацәара иалалахьоугьы ҳамоуп: Ашана аусура аихшьаала ҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Аҭаацәара иалалахьоугьы ҳамоуп: "Ашана" аусура аихшьаала ҟанаҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0