https://sputnik-abkhazia.info/20220519/1039168593.html
Иуаркалеиуа аргәыц ҟаԥшь: аҵыҵындраҟәшәара иаамҭоуп
Иуаркалеиуа аргәыц ҟаԥшь: аҵыҵындраҟәшәара иаамҭоуп
Sputnik Аҧсны
Уажәааны Аԥсны аҵыҵындра аҟәшәара иаамҭоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари аргәыц аарыхра иазхьаԥшуа анаплакҩцәа рацәаҩуп, уи хашәала хадас иззыҟалазгьы... 19.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-19T15:16+0300
2022-05-19T15:16+0300
2022-05-19T18:07+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/11/1039142709_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_6c5a618697f8ee3ad87fc72f3f1bcb68.jpg
Уажәааны Аԥсны аҵыҵындра аҟәшәара иаамҭоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари аргәыц аарыхра иазхьаԥшуа анаплакҩцәа рацәаҩуп, уи хашәала хадас иззыҟалазгьы ҟалеит. Иаадрыхуа аҵыҵындра ахкқәа гьамала еиԥшӡам, зегьы ирылыркаауеит "Флеита" ҳәа изышьҭоу аҵаҵындра хкы. Аҵыҵындра рыҟәшәоит ашьыжь шаанӡа, еидкыланы ирҭиуеит 130-180 мааҭ ҳәа. Драндеи, Аӡҩыбжьеи, Кациқыҭи аҵыҵындра шырыҟәшәо Sputnik афотолентаҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/11/1039142709_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_830fe1441954c821d46f8ff45a0f0a0a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, аԥсны, афотосахьақәа
фото, аԥсны, афотосахьақәа
Иуаркалеиуа аргәыц ҟаԥшь: аҵыҵындраҟәшәара иаамҭоуп
15:16 19.05.2022 (ирҿыцуп: 18:07 19.05.2022) Уажәааны Аԥсны аҵыҵындра аҟәшәара иаамҭоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари аргәыц аарыхра иазхьаԥшуа анаплакҩцәа рацәаҩуп, уи хашәала хадас иззыҟалазгьы ҟалеит. Иаадрыхуа аҵыҵындра ахкқәа гьамала еиԥшӡам, зегьы ирылыркаауеит "Флеита" ҳәа изышьҭоу аҵаҵындра хкы. Аҵыҵындра рыҟәшәоит ашьыжь шаанӡа, еидкыланы ирҭиуеит 130-180 мааҭ ҳәа. Драндеи, Аӡҩыбжьеи, Кациқыҭи аҵыҵындра шырыҟәшәо Sputnik афотолентаҟны.

Гәылрыԥшь араион, Дранда аҳабла аҵыҵындра аҟәшәара иалагеит.

Аԥхарҭаҟны ашәра зҽыназызкуа аҵыҵындра хәыҷқәа хшьуп.

Араҟа шьыжьнаҵы аусура еилашуеит.

Аусзуҩцәа аҵыҵындра хаҭабзиарала еилыԥшааны, аиашьикқәа ирҭарҵоит.

Убла хнакуеит аԥхарҭа аҩнуҵҟа аиаҵәара иагәыҵаҳәҳәа ихшьу аргәыц ҟаԥшьқәа.

Аусзуҩцәа ргәалаҟазаара бзиоуп, бзиа ибаны рус иазнеиуеит

Ҽнак 40-50 иашьик инареиҳаны аҵыҵындра зыҟәшәогьы дубап.

Аусзуҩцәа рус ирманшәалоит аиашьикқәа назга-аазго ахаҵа.

Аҵыҵындра еснагь аҳаскьын иацәыхьчалатәуп азҳара иаԥырхагамхарц азыҳәаны.

Альбина Чамиан ҳҭыхратә гәыԥ азыҳәаны аҵыҵындра лыҟәшәоит.

Амра ашәахәала иааӡоу аҵыҵындра еиҳа ихаауп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа лнапсыргәыҵа азна аҵыҵындра лыҟәшәеит.