Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ааԥын аҵыҵындра еилаҳаз: аргәыц ааӡареи аҟәшәареи иацу амаӡақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор клубники в поселке Дранда
Сбор клубники в поселке Дранда - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵыҵындра ихадоу хныҟәга хашәалас иԥхьаӡаны аӡәырҩы анаплакцәа аџьабаа адырбалоит, дара есышықәса рҵакыра дырҭбаауеит. Аргәыц ааӡареи аҟәшәареи иацу амаӡақәа аилкааразы Sputnik Драндеи, Аӡҩыбжьеи, Кациқыҭи иҟоу аҵыҵындра ааӡарҭақәа ирҭааит.
Ашьыжь шаанӡа, амра раԥхьатәи ашәахәа рҽаҭаны, Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан ахеилак "Альбион" аҟны аусура еилашуеит. Уаҟа уажәы аҵыҵындра аҟәшәара иаамҭоуп. Акыр шықәса раԥхьа зхатә ус еиҿызкааз Кокаииаа рҭаацәа иахьа уажәраанӡа рус бзиа ибаны иазнеиуеит, иаадрыхуа аҵыҵындра ахаҭабзиара ҷыдала иацклаԥшуеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны аҵыҵынраҟәшәара иаамҭоуп
Сбор клубники в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Аԥсны аҵыҵынраҟәшәара иаамҭоуп
Леон Кокаиа ахеилак "Альбион" ахылаԥшҩы хадас аус иуеит. Иара иажәақәа рыла, ари аус раԥхьаӡакәны иаб инапы аиркит бжьы-шықәса раԥхьа, абырзен усзуҩы дидкыланы. Раԥхьа аҵыҵындра жәла "Альбион" ларҵеит, уи Абырзентәылантәи иааган. Аҭаацәа ари аус рыцааиуа иалагеит, уи иалҵшәаны есышықәса рыҽдырҭбаартә еиԥш алшара роуит.
Сбор клубники в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Иуаркалеиуа аргәыц ҟаԥшь: аҵыҵындраҟәшәара иаамҭоуп
Леон иаб дызлагаз аус иара иациҵоит, иаб дивагылоуп, иубаратәы иҟоуп арԥыс гәыкала иус дшазнеиуа.
Иахьа аԥхарҭаҟны еиҭаҳаны ирымоуп 250 нызқь шьапы аҵыҵындра. Ҳәарада, уи иацуп аџьабаа рацәа. Есымша уи иацклаԥшлатәуп, ианахәҭоу аӡы ақәҭәалатәуп, амра аԥхара агхар, ахаҭабзиара ацәыӡуеит. Леон Кокаиа иҳәеит, ақыҭа аџьабаа шацугьы, зегьы акоуп уи алҵшәа бзиа алугар шуылшо:
"Ақыҭанхамҩатә ус еснагь аџьабаа ацуп. Адгьыл ухы иаурхәартә еиԥш алшара ануоу, ԥынгылас иумоузеи? Аха ихадароу, уаалыҵ ианаамҭоу аҭыԥ ианузықәымҵа, уаҵәы ибашахоит. Уџьабаа иацу абзабаа иаразнак иануԥымла, баша уааԥсоит. Убри зегьы еилкааны, ԥсшьарада ҳус амаҵ азаҳуеит", - иҳәоит Леон Кокаиа.
Араҟа иазҳауеит еиуеиԥшым аҵыҵындра ахкқәа, аха зегьы иаарылукаартә иҟоуп "флер" зыхьӡу ахкы.

"Ҳазхыҽхәо иреиуоуп голландиатәи аҵыҵындра хкы "флер". Егьырҭ ахкқәа зегьы излареиԥшым ,уи ианамҭоу ишәуеит, даараӡа излоуп, знык агьама збаз ауаҩы ихашҭраны дыҟаӡам",- азгәеиҭоит Леон.

Аҵыҵындра аԥхарҭа амаҵ азыруеит уи иадыԥхьало аусзуҩцәа. Аусутә рацәазар, 30- 35 ҩык рҟынӡа ауаа аус руеит. Урҭ рхыԥхьаӡара есыҽны аҽеиҭанакуеит, аҭаххара шыҟало еиԥш. Урҭ ашьыжь шаанӡа инеины, аҵыҵындра ҟәшәара рҽыназыркуеит, рнапы еилаԥсаны рус ианаамҭоу иалгоит.

Ауадаҩра зцым ус ыҟам

Аԥхарҭа уанныҵало, улаԥш нарықәшәоит иҟаԥшь-ҟаԥшьӡа ихшьу аҵыҵындрақәа. Акәша-мыкәша зегьы пашәӡа ирыцқьаны иҟоуп, аха уи шаҟа аџьабаа ацу, шаҟа ачҳара аҭаху ибзианы еилкааны ирымоуп уи знапы алаку аԥшәмацәа.
Ҵыԥх амшцәгьақәа ирыхҟьаны, аԥхарҭа иаиуит аԥхасҭа. Аԥша иасуаз ӷәӷәала иаԥырхагахеит, аӡхыҵра иҟалаз аҵыҵындра ашьапқәа арбааит. Аҵыҵындра еснагь амра аҭахуп, амра ашәахәа анагха, аԥхасҭахара иалагоит.Леон иажәақәа рыла, уи иахҟьаны раалыҵ акырынтә еиҵахеит егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны иугозар:
Сбор клубники в поселке Дранда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Аԥсны
Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿ ирҳәеит сынтәа аҵыҵындра аҽаҩра шеиҵахо
"Амшцәгьа инаҷыданы, аӡынра цәгьа иахҟьаны заа ҳаалыҵ ҳазцәрымгаӡеит. Абжьааԥны мшаԥымзазы аизгара ҳалагозҭгьы, сынтәа мызкы иахыԥеит, лаҵарамзазы напы аҳаркит. Уи иахҟьаны егьырҭ анаплакцәа иҳаԥыргеит. Заа уаалыҵ анузӡырымга, ахәгьы аҽеиҭанакуеит ҳәарада. 250-200 мааҭ иҳазтәеит ахә, уаанӡа 400 мааҭ иаҳзаԥсаз", - иҳәоит Леон Кокаиа.
Урыстәыла имҩаԥысуа арратә ҭагылазаашьа иахҟьаны, ишдыру еиԥш, зегьы рыхә акырынтә ишьҭыҵит. Уи еиҳа ирныԥшит зхатә ус знапы алаку ауаа. Леон иажәақәа рыла, аҵыҵындра ахәшәтәразы иахәҭоу ахәшә хкқәа аахәатәуп, уи ахә ахалара инаҷыданы, аԥшаара цәгьахеит.
Дмитрий  Абухба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2019
Арадио
Абыхәба еиҭеиҳәеит аҵыҵындра ааӡара иацу ауадаҩрақәа ртәы
"Сынтәа ҳаалыҵ хынтә раасҭа еиҵоп, иҳаҩсаз ашықәсқәа ирҿырԥшны иаҳҳәозар. Уи зегьы зыхҟьо, раԥхьа инаргыланы, амш цәгьақәа , убас излаҳахәшәтәуа ахәшәқәа аҳәаа рахыгара иацу ауадаҩрақәа нарылаҵаны. Аха ҳгәы каҳажьӡом, ԥшьала ҳус ҳаҿуп, аамҭа бзиа шыҟало агәра ҳгоит"- иҳәоит иара.

Ухы уамыцхраар, аӡәгьы дуцхраауам

Гәылрыԥшь араион, Дранда аҳабла аҵыҵындра аԥхарҭа аграном хада Аҳмед агәра ганы дыҟоуп, усда ухы шузныҟәымго.
Фышықәса раԥхьа анаплакҩы Баҭал Аҩӡбеи иареи ирыӡбеит рхатә ус аԥшьгара. Идыргылеит аҵыҵындра аԥхарҭа, иаадрыхуа иалагеит аҵыҵындра еиуеиԥшым ахкқәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны аҵыҵынраҟәшәара иаамҭоуп
Сбор клубники в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Аԥсны аҵыҵынраҟәшәара иаамҭоуп
Иахьа уаҟа аус руеит 60-ҩык инарзынаԥшуа аусзуҩцәа. Урҭ араҟа ирзыршәоит ҿнак зықь мааҭ. Аусура нап адыркуеит ашьыжь асааҭ быжьба инаркны, аԥхын аамҭазы русура асааҭ хәба рзы иалагоит. Урҭ дреиуоп Инесса Ҷедиаԥха. Лара жәохә мшы ҵуеит аԥхарҭаҟны аус луеижьҭеи. Лара лажәақәа рыла, аусутә ыҟоуп ҳәа анлаҳа гәахәарыла илыдылкылеит, нхарҭалагьы акыр илзааигәоуп:
"Агәылара сынхоит. Ашьыжь ашҭа сынҭыҵны арахь ааира уадаҩра сзаҵаӡам. Ҳазҿу ҳус ҷыдала ахылаԥшра аҭаны ҳазнеиуеит. Ҽнак иҟалалоит 40-50 иашьык аҵыҵындра анаҳаҟәшәо", - лҳәоит лара.
Егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, араҟа аҵыҵындра аалыҵ еиҳа имаҷхеит, уи зегьы зыхҟьаз амшцәагьақәеи ахьҭақәеи роуп. Аҵыҵындра анышәҭшаз аамҭа иахыԥеит амшцәгьақәа ирыхҟьаны. Ахмед иажәақәа рыла, 40 % аалыҵ ԥхасҭахеит.
Араҟа адгьыл аҵакыра 25 гектар ыҟоуп. 11 гектар азалхуп аҵыҵындра ахьеиҭаҳау иаарту аҭыԥ, 14 гектар -арԥхарҭаҟны еиҭаҳауп. 20% аҵыҵындра аалыҵ Аԥсны ирҭиуеит, иаанхо 80% аҳәаа иахыргоит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны аҵыҵынраҟәшәара иаамҭоуп
Сбор клубники в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Аԥсны аҵыҵынраҟәшәара иаамҭоуп
Хышықәса раԥхьа егьырҭ ауҭраҭых хкқәа раарыхра иалагеит. Аҵыҵындра инаҷыданы, арԥхарҭаҟны еиҭаҳаны ирымоуп: апомидор, анаша ,апатырџьан, апырпыл.
Аграном хада Аҳмед иажәақәа рыла, сынтәа раалыҵ ахә акыр еиҵахеит, ҳәарада, уи рматериалтә ҭагылазаашьа ианыԥшит:
"Ҵыԥх аҵыҵындра аԥсан 300 мааҭ, зегь реиҳа еиҵаз ахә 250 мааҭ акәын. Сынтәа даараӡа ахә лаҟәит. Иааидкыланы 120-130 мааҭ ҳәа иаҳҭиуеит, ҳәарада , уи ҳаргәырӷьом, избан акәзар аџьабаа иацу рацәоуп, абзабаа ахә шьаӡамкәан", - иҳәоит игәы иаланы Ахмед.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны аҵыҵынраҟәшәара иаамҭоуп
Сбор клубники в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Аԥсны аҵыҵынраҟәшәара иаамҭоуп
Убас араҟа уадаҩрас ирԥылон афымцалашара арцәара. Аҵыҵындра ессааҭ аӡы ақәууҭәалароуп, мамзар иканӡоит. Афымцалашара иахҟьаны сааҭла аӡы анаимыуаз ҟалалон , уи амшала иазҳауа аҵыҵындра ссахеит. Аграном Ахмед иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟаз аԥынгылақәа риааира рылшеит, афымцалашара азҵаатәы анышьақәгыла инаркны:
"Анцәа иџьшьоуп шьҭа ас еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа риааира амҩа ҳахьықәлаз. Усҟан еиԥш лассы-лассы афымцалашара дырцәаӡом. Уи даараӡа ҳус арманшәалоит", - иҳәоит иара.

Напеилаԥса уаҩ дааӡоит

Гәылрыԥшь араион, ақыҭа Кациқыҭ аҟны инхо Альбина Чамиан тәамҩахә лымамкәан акыршықәса адгьыл дықәаарыхоит. Лара длывагылоуп лԥа Альберт. Уажәы рымш зегьы азкуп аҵыҵындра аҟәшәара. Аҭаацәа аҵыҵындра ааӡара напы адыркит хышықәса раԥхьа. Альбина лажәақәа рыла, акыр дааԥсозаргьы, рџьабаа алҵшәа анацу ргәы шьҭнахуеит, иҵегьы аусутә гәацԥыҳәара роуеит:
© Sputnik / Томас Тхайцук

Альбина Чамиан аҵыҵындра лыҟәшәоит

Альбина Чамиан аҵыҵындра лыҟәшәоит - Sputnik Аҧсны
1/3

Альбина Чамиан аҵыҵындра лыҟәшәоит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Альбина Чамиан иаалрыхыз аҵыҵынра

Альбина Чамиан иаалрыхыз аҵыҵынра - Sputnik Аҧсны
2/3

Альбина Чамиан иаалрыхыз аҵыҵынра

© Sputnik / Томас Тхайцук

Зегь бзиа ирбо аҵыҵындра

Зегь бзиа ирбо аҵыҵындра - Sputnik Аҧсны
3/3

Зегь бзиа ирбо аҵыҵындра

1/3

Альбина Чамиан аҵыҵындра лыҟәшәоит

2/3

Альбина Чамиан иаалрыхыз аҵыҵынра

3/3

Зегь бзиа ирбо аҵыҵындра

"Ашьыжь шаанӡа ҳҩагыланы, дасу ҳнапынҵақәа рахь ҳаихоит. Уажәы аҵыҵындра аҟәшәара ауп ҳазҿу. Аиашазыҳәаны даара ҳааԥсоит, аха ҳхы ҳанамыцхраа аӡәгьы ҳаибом", - лҳәоит лара.
Лԥа Альберт иажәақәа рыла, сынтәеиԥш рнаплакы аҟны ауадаҩрақәа ирықәымшәацт. Егьыр анаплакыҩцәа реиԥш , даргьы ирԥырхагахеит амшцәгьақәа, ишьҭыҵыз абзазаратә маҭәахәқәа рыхә русура ӷәӷәала ианыԥшит:
© Sputnik / Томас Тхайцук Альберт Каракиан
Альберт Каракян  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Альберт Каракиан
"Аҵыҵындра аиҭаҳаразы ҳхы иаҳархәоз амыругақәа , излаҳхәшәтәуаз ахәшәқәа акыр рыхә халеит, уимоу, зынӡа иузымыԥшуаауа иҟоугьы ҟалеит. Ҳаалыҵ ахә маҷуп, иақәҳарӡуа ахарџь аасҭа", - иҳәоит иара.
Ауадаҩрақәа шыҟоугьы, аҭаацәа ргәы карыжьӡом, уимоу, ԥхьаҟа ргәы иҭоуп рнаплакы аиҵыхра.
Жәытәнатә аахыс аԥсуа пату изақәын адгьылқәаарыхра, уи акәын хныҟәгагас имаз. Угәы иамыхәарц залшом иахьа уи атрадициа еихаҳаны иахьаарго ақыҭанхаҩцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0