Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лыхны ақыҭаҿы акриптоферма шыҟаз аадырԥшит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалареи акриптавалиута арҳаразы амаининг фермақәа афымцамч рхархәареи рзин ааннакылеит ашықәс нҵәаанӡа.
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра (ААР) аекономикатә шәарҭадареи аҵарҭышагара аҿагылареи русбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭстандарт аҟазауаа рыцны Гәдоуҭа араион, Лыхны ақыҭаҿы ирбеит закәаншьаҭада аус зуаз амаининг-ферма.
Ахыбраҿы аус руан 21 шьақәгыла, 47 кВт афымцамч зхы иазырхәоз. Акриптоферма ихатәын Анри Цәеиба, 1977 шықәса рзы. Иара иганахь ала административтә ԥкаанҵа шьақәыргылоуп. Амаининг-хархәага Аԥсны ААР аҵәахырҭа ҷыдахь инагоуп.
Аԥсны акриптовалиутақәа рмаининг азы хәажәыра 31, 2022 шықәсанӡа азин ыҟам афымцаҳақәа ахьажәуи афымцамч ахьазымхои иахҟьаны.
Лаҵара 12 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аенергетикеи акриптавалиута амаининги рызҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит. Ахада иазгәеиҭеит амаининг ҿагылараз имҩаԥгоу ауснагӡатәқәа шазымхо, ареспубликаҿ афымцамч ахархәара шыҳараку. Иара анапынҵа ҟаиҵеит акриптавалиута арҳара алзмыршараны иҟоу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа рҭакԥхықәра шьақәдыргыларц, иахәҭоу алеишәатә ӡбарақәа рыдыркыларц.
Майнинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2022
Аԥсны
Аҟәа араион аҟны амаининг-ферма рыԥшааит Аԥсны амилициа
Ажәабжьқәа зегьы
0