https://sputnik-abkhazia.info/20220520/shoigu-azovstal-iyyz-amilaeilykhytsa-rkhykhaara-aty-ieit-1039180769.html
Шоигу "Азовсталь" иҭыҵыз амилаҭеилыхыҩцәа рхыԥхьаӡара атәы иҳәеит
Шоигу "Азовсталь" иҭыҵыз амилаҭеилыхыҩцәа рхыԥхьаӡара атәы иҳәеит
Sputnik Аҧсны
Аминистр иазгәеиҭеит киевтәи арежим аибашьарҿы қәҿиара шамам, еиуеиԥшым араионқәак рҿы иамоу аԥыжәарақәа акыр рыҵаркуаны ишаладырҵәо. 20.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-20T13:11+0300
2022-05-20T13:11+0300
2022-05-20T13:11+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
украина
джәр
лжәр
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/1c/1037842258_0:0:1643:924_1920x0_80_0_0_c34055c26a9eac2153a3bc73eca0c449.jpg
АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. 1900-ҩык рҟынӡа украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа, урыстәылатәи аруаа Мариуполь, аметаллургиатә зауад "Азовсталь" аҿы зҽыҩнакны иҟаз рабџьар шьҭарҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу аминистрра аколлегиаҿ иқәгылара ааго.Аминистр далацәажәеит Украина урыстәылатәи ар рықәҿиарақәа ахьынӡаҟоу, иҳәеит ЛЖәР аҵакыра ахақәиҭтәра хара ишгамхо.Шоигу уи адагьы иазгәеиҭеит Урыстәыла мраҭашәаратәи аҳәааҿы ашәарҭарақәа шыҟоу, аиҳаракгьы Швециеи Финлиандиеи НАТО алахәылахара иашьҭалеижьҭеи. Уи аҭакс Урыстәыла иахәҭаны иашьо аҿагылара мҩаԥнагоит, 2022 шықәса нҵәаанӡа Мраҭашәаратәи арратә округ аҿы иаԥҵахоит 12 архәҭеи аҟәшеи ҳәа иҳәеит иара.Мшаԥымзазы аминистрра адыррақәа рыла рабџьар шьҭарҵахьан 1387-ҩык украинатәи аруаа 36-тәи амшыншьаҟауаа рыбригадаҟынтә. Ахәрақәа змаз зегьы амедицинатә цхыраара рыҭан.Мариуполь ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь, Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит ҩ-нызқьҩык рҟынӡа амилаҭеилыхыҩцәа рҽыҵәахны иахьыҟаз азауад "Азовсталь" ажәлара аанкылазарц, амацәаз иҭаркырц ааглыхратә ҵакыра. Уахьынтә анаҩс иаанкылан ирымаз аҭынч уааԥсыра рықәгара еиҿкаан.
https://sputnik-abkhazia.info/20220519/urystylati-araketaa-ryla-iarkhoup-zrk-s-300-zrk-buk-m1-1039167050.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220519/azovstal-aibashtsa-reiarayk-ykheit-ieit-pushilin-1039165671.html
украина
джәр
лжәр
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/1c/1037842258_135:0:1555:1065_1920x0_80_0_0_c9de748d0f979d6841ca436fb8a29449.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, украина, джәр, лжәр
ажәабжьқәа, украина, джәр, лжәр
Шоигу "Азовсталь" иҭыҵыз амилаҭеилыхыҩцәа рхыԥхьаӡара атәы иҳәеит
Аминистр иазгәеиҭеит киевтәи арежим аибашьарҿы қәҿиара шамам, еиуеиԥшым араионқәак рҿы иамоу аԥыжәарақәа акыр рыҵаркуаны ишаладырҵәо.
АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. 1900-ҩык рҟынӡа украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа, урыстәылатәи аруаа Мариуполь, аметаллургиатә зауад "Азовсталь" аҿы зҽыҩнакны иҟаз рабџьар шьҭарҵеит ҳәа аанацҳауеит
РИА Новости Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу аминистрра аколлегиаҿ иқәгылара ааго.
""Азовсталь" макьанагь иҭахкаауп. Азауад аҵакыраҟынтә иқәгоуп аҭынч уааԥсыра украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа мчыла иаанкылан ирымаз. Еиқәырхоуп 177-ҩык: 85-ҩык аҳәсеи 47-ҩык ахәыҷқәеи. Зегьы иахәҭаз амедицинатәи аԥсихологиатәи ацхыраара рыҭоуп. Амилаҭеилыхыҩцәа ракәзаргьы рхы ҳарҭо иалагеит. Уажәазы рабџьар шьҭарҵахьеит 1908-ҩык", - иҳәоит Шоигу.
Аминистр далацәажәеит Украина урыстәылатәи ар рықәҿиарақәа ахьынӡаҟоу, иҳәеит ЛЖәР аҵакыра ахақәиҭтәра хара ишгамхо.
Шоигу уи адагьы иазгәеиҭеит Урыстәыла мраҭашәаратәи аҳәааҿы ашәарҭарақәа шыҟоу, аиҳаракгьы Швециеи Финлиандиеи НАТО алахәылахара иашьҭалеижьҭеи. Уи аҭакс Урыстәыла иахәҭаны иашьо аҿагылара мҩаԥнагоит, 2022 шықәса нҵәаанӡа Мраҭашәаратәи арратә округ аҿы иаԥҵахоит 12 архәҭеи аҟәшеи ҳәа иҳәеит иара.
Мшаԥымзазы аминистрра адыррақәа рыла рабџьар шьҭарҵахьан 1387-ҩык украинатәи аруаа 36-тәи амшыншьаҟауаа рыбригадаҟынтә. Ахәрақәа змаз зегьы амедицинатә цхыраара рыҭан.
Мариуполь ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь, Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит ҩ-нызқьҩык рҟынӡа амилаҭеилыхыҩцәа рҽыҵәахны иахьыҟаз азауад "Азовсталь" ажәлара аанкылазарц, амацәаз иҭаркырц ааглыхратә ҵакыра. Уахьынтә анаҩс иаанкылан ирымаз аҭынч уааԥсыра рықәгара еиҿкаан.