Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аракетақәа рыла иҭархоуп ЗРК С-300, ЗРК "Бук-М1"

© Sputnik / Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУничтоженные позиции дивизиона ЗРК С-300 ВСУ
Уничтоженные позиции дивизиона ЗРК С-300 ВСУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 24 рзы излагаз Украина абџьархыхразы урыстәылатәи арратә операциа ҷыда мҩаԥысуеижьҭеи 85-мшы ҵуеит.
АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Урыстәылатәи аракетақәа рыла иҭархоуп ЗРК С-300 УАМ адивизион Николаевтәи аобласт аҿы, ЗРК "Бук-М1" адивизион ҭархоуп ДЖәР Славианогорск аҿы ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Ииасыз аҵх азы иҭархан УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа быжьба, аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа 11, ари арратә техникеи ргыларҭақәа 26 ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәылатәи авиациа ааха рнаҭеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩба, ари атехникеи ргыларҭақәа 58, иҭархоуп 340-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, 62 ак арратә техника.
Аракетатә ари артиллериеи ааха рырҭеит анапхгараҭаартә ҭыԥқәа 6, ари атехникеи ргыларҭақәа 295, 43 артиллериатәи аминаршәгатәи аҟәша, арадиоелектронтә ҿагылара астанциақәа 2.
Аҳауахьчаратә амчрақәа иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 15, "Байрактар-ТБ2" назлоу. Харкови Херсони аобластқәа рҿы иаанкылоуп асистема "Смерч" иатәу 12 украинатә реактивтә хеиҵаҵа.
Возобновление штурма Азовстали - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Хымш рыҩнуҵҟа "Азовсталь" иҭыҵит забџьар шьҭазҵаз 1730-ҩык аукраин еибашьцәа
Ажәабжьқәа зегьы
0