Ауаҩы иҭыԥ, мамзаргьы Чагьамтәи адунеи РУСДРАМ асценаҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукРежиссерская лаборатория "Сандро". Спектакль "Рассказ мула старого Хабуга".
Режиссерская лаборатория  Сандро. Спектакль Рассказ мула старого Хабуга.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы иқәыргылаз арежиссиортә лабораториа "Сандро" илзыннажьыз ацәаныррақәа ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Иаха акыр игәианны аҩныҟа сгьежьит РУСДРАМ аҟынтәи. Аусурамш ашьҭахь инеиԥынкыланы хә-сааҭк инарзынаԥшуа атеатр аҿы аанхара имариам усуп, уздызхало арҿиара уамшьаҳауазар.

Осман Абухба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2021
Атеатр, асабрада, нас акарантин, мамзаргьы РУСДРАМ аԥкрақәа ишрықәныҟәо

Фазиль Искандер ихьӡ зху атеатр ишьҭнаххьеит ахәаԥшҩы дзырҭаслымуа атрадициа бзиақәа. Арежиссиортә лабораториа захьӡу атеатртә ескизқәа рымҩаԥгара ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Сынтәа уи Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультуратә фестиваль "Ауаҩы иҭыԥ" (Стоянка человека-аред.) актәи ахәҭа аҳәаақәа ирҭагӡоуп. Искандер джәабжьҳәаҩуп, иара иҳадигало адунеи автортә иҟынтә еиҭаҳәоу хҭысуп, насгьы ажәабжьк иахылҵуеит даҽа хҭыск, анаҩс автор иҟоуп даныгьежьуа дызлалагаз ахь.

Исҳәарц исҭаху, Искандер иҩымҭақәа рҟны иҟам ихианы, иманшәаланы асценазы иаԥҵоу арҿиамҭа ҳәа ауп. Арежиссиорцәа акырынтә иаԥшьыргахьеит иҩымҭақәа афильмқәа, аспектакльқәа рылхра, аха иҟоуп агәаанагара, уи ибызшәа апластика аԥхьаразы ишоуп, асценатә ԥсҭазаарахь аиагара мариам ҳәа. Имариам ауп аҟазацәа еснагь зынагӡара рҽыззыршәо.

Иаха РУСДРАМ иаҭааит аекспериментқәа ирызҿлымҳау ахәаԥшцәа. Ҳара иҳадгалан Урыстәылатәи арежиссиорцәа қәыԥшцәа рескизқәа ԥшьба. Аӡбаҩцәеи ахәаԥшцәеи рыбжьы зырҭо аусумҭа автор иқәашьхоит РУСДРАМ аҿы уи ақәыргылара. Аескиз арбара ашьҭахь имҩаԥыргон акритикцәеи ахәаԥшцәеи ргәаанагарақәа аилкаара хықәкыс измаз ацәажәарақәа.

Избан сзынхазеи анҵәамҭанӡа атеатр ахыбраҿ? Аиашазы, аусумҭақәа зегьы арежиссиортә хәыцра ҵаула шрыцу убоит. Атеатр ахь атекст азыӡырҩразы ахәаԥшҩы днеиуам, ус анакәха, аескиз авторс иамоу арежиссиорцәеи актиорцәеи, егьырҭ амыругақәеи рхархәарала иҳадигалароуп ҳаздызхало адунеи. Искандер ихьӡ зху атеатраҿ иаҳбаз аексизқәа ҳкультуразы шәалҟьамроуп. Аицлабра иалахәыз арежиссиорцәа ишьақәдырӷәӷәеит Искандер ипроза сценатә бызшәала иурцәажәар шауа, иҟәышу, иласу, узырлахҿыхуа, угәы хьыхьыууа уҟазҵо астильқәа рыла. Ари арҿиаратә ус иадгалан Урыстәылатәи атеатртә ҵараиурҭақәа ирылгахьоу Андреи Маник, Роман Лыков, Ленара Гадельшина, Антон Корнилов. Дара иҳадыргалеит Искандер ирҿиамҭақәа ирылху: "Ахәмарыҩцәа" (Игроки), "Чагьамтәи пушкинист" (Молния-мужчина, или Чегемский пушкинист), "Харлампои Деспинеи" (Харлампо и Деспина) иара убас, "Абырг Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" (Рассказ мула старого Хабуга). "Ахәмарыҩцәа" ада егьырҭ аескизқәа зегьы Чагьамтәи астиль иашьашәалаз роуп, ахәаԥшҩы адкылыраҿгьы еиҳа изааигәан.

РУСДАМ. Режиссерская лаборатория  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2018
РУСДРАМ аескизқәеи амшцәгьеи

Иазгәасҭарц сҭахуп, атеатр ахь ахәмарразы ааԥхьара шрымаз Аԥсуа театр актиорцәа Гәдиса Ҭодуеи Лана Џьапуаԥҳаи. Исҳәарц сылшоит дара зҭааз атеатр астиль ианааланы аус шыруаз. Аескизқәа зегьы реиҿкаашьала ахәаԥшҩы дрылахәын имҩаԥысуаз арҿиаратә-сценатә процесс. Актиорцәа азали асценеи рымҽхакны аус руан, ҩ-ескизк рҿы ахәаԥшҩы асценахь диаган. Иаҳаҳәар ауазар, иахатәи аҵх азы актиорцәеи ахәаԥшцәеи еицыхәмаруан, еицымҩаԥыргон иҵаулоу, аха зышьҭкаара уадаҩым Искандер Чагьамтәи идунеи.

Имцхарым арежиссиорцәа қәыԥшцәеи РУСДРАМ иҳадыргалаз аескизқәа рыԥшьбагьы сгәаԥхеит сҳәар, аха усгьы, ахәаԥшҩы лаҳасабла иҟоуп сыбжьы зысҭаз. Уи Антон Корнилов иусумҭа "Хабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" ауп. Избан? Абраҟа иҟалап арежиссиор егьырҭ реиҳа еиликаазар ҳара ҳжәытә театртә традициақәа. Сара уи ақәыргыламҭа исгәаланаршәеит анкьа ақыҭаҿы актиорцәа дуқәа неины ианыхәмаруазтәи аамҭа. Араҟа ахәаԥшҩы асценаҿы дыртәаны, иҿаԥхьа изаԥырҵеит атеатр маҷ. Актиорцәа акгьы рӡомызт, ахәаԥшҩы ишибоз рҽеиҭаркуан, уажәы-уажә ррольқәа рҽырыԥсахуан. Ауаҩы зны ажәабжьеиҭаҳәаҩуп, нас дыԥстәуп, акыр иблахкыганы еиҿкаауп Хабыгә игәыжь иҳаднагало ахҭысқәа. Абраҟа дызбеит аурыс театр аҿы исымбацыз актриса қәыԥш Аманда Кәарцхьиаԥҳа. Лара даара ухаҿы инхо хаҿсахьоуп, уи лҩымсаг ԥаҵа инанагӡоит еиуеиԥшым ахаҿқәа, аха лара уи иазалылхит акыр пластикала иԥсабаратәу аҟазшьа. Кәарцхьиаԥҳа иаалырԥшыз Сталин ицәаҩақәа иласу ажанр ала ишеиҿкааугьы, уи иаҵубаауеит аамҭа хьанҭа асахьа. Хабыгәраа рдунеи зеиԥшраз, иахьатәи аамҭагьы ишацәтәымым ҳдырбоит Џьамбул Жорданиа, Саид Лазба уҳәа уи аескиз иалахәыз актиорцәа неибеиԥшны. Абри аескиз ихаҭәааны инагӡаз асценатә рҿиамҭа иеиԥшын сгәанала. Иҟалап арежиссиор акыр иҽазыҟаҵаны даазар, насгьы, ихәыцрақәа ихәмаруаз актиорцәа еиҳа ирласны ишьҭыркаазар. Агармониа рымҳәои, убри ацын ари аескиз. Ула иабо еиҳа еиӷьыуп аԥхьаҩ ухаҵкы, убри аҟынтә, иаха атеатрахь имнеиз Кирилл Шишкин иажәабжьеиҭаҳәашьа зымбаз ицәыӡыз рацәоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие фестиваля им. Фазиля Искандера
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера - Sputnik Аҧсны
1/5
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера
© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие фестиваля им. Фазиля Искандера
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера - Sputnik Аҧсны
2/5
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера
© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие фестиваля им. Фазиля Искандера
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера - Sputnik Аҧсны
3/5
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера
© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие фестиваля им. Фазиля Искандера
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера - Sputnik Аҧсны
4/5
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера
© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие фестиваля им. Фазиля Искандера
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера - Sputnik Аҧсны
5/5
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера
1/5
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера
2/5
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера
3/5
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера
4/5
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера
5/5
Открытие фестиваля им. Фазиля Искандера

Раԥхьа иаҳдырбаз аетиуд "Чагьамтәи апушкинист" акәзар, зегь реиҳа иҟәышыз усумҭан сҳәар сылшоит. Араҟа ҳара ажәабжьҳәаҩны арежиссиор дҳадигалоит Сандро иакәымкәа, Сандара. Уи акыр иманшәаланы иналыгӡеит актриса Анна Гиҩргиан. Арежиссиор қәыԥш Искандер иҩымҭа Пушкин ицәа аҟәынҵаны ҩыџьа агениицәа рхәыцра ҟазарала инаигӡеит сҳәар ауеит. Чунка ироль назыгӡоз артист Емиль Петров зынӡа ҳгәы хихит иааирԥшыз иромантикатәу ацәаҩа ала. Ари аетиуд аҿы иаҳбоит иара убас Марина Сыҷынаа, Мадлена Барцыц уҳәа актиорцәа.

Аиашазы, еиҭасҳәоит, аесксизқәа ус инахараны акәымкәа, ҳара ахәаԥшҩцәа ҳрыцыхәмарыртә аҟынӡа иаҳзааигәан. Роман Лыков иусумҭа "Харлампои Деспинеи" акәзар, акыр илахҿыхыз, актиортә усумҭала еиҿкааз ескизын. Араҟа дыхәмаруан сара бзиа избо актриса Симона Спафопуло. Уи ароль лара илтәын, арежиссиор дымҩашьеит. Искандер дызлацәажәо акультурақәа реиҿхасырҭақәа ари аескиз аҿы шьахәла иаараԥшуп. Искандер урысшәала дыҩуан, аха аԥсшәаҟынтә аурысшәахь ииагоу абызшәа еиԥшуп иажәабжь еиҭаҳәашьа. Убри аҟынтә акәхап, аҭыԥантәи актиорцәа рзы уи ашьҭкаара, ахаҿқәа раԥҵара зыуадаҩымхаз. Аетиуд шеиҿкаау ала, актиорцәа Осман Абыхәба, Гәдиса Ҭодуа, Лана Џьапуа, Ирина Делба - илахҿыху кәашарк нарыгӡошәа, аӡәгьы далымкьыкьыкәа иаадырԥшуеит аескиз иазалхыз абзиабаратә мотивқәа зыдгалоу ажәытәтәи аҭоурых Искандер иҟазшьала. Асцена ашьҭахьтәи аԥарда иадаҳбалоз агагақәа ирылхаз аинтимтә сахьақәа гьама ҳаракыла инагӡан. Актиорцәа рыгагақәа рыла иаарԥшыз абзиабаратә сахьақәа хашҭшьа рымаӡам. Ари асцена угәы еихьызшьуа, ҳатрадициақәа ирԥырхагам ашәыгақәа рыла иҭыхуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукРоман Лыков иусумҭа "Харлампои Деспинеи"
Ауаҩы иҭыԥ, мамзаргьы Чагьамтәи адунеи РУСДРАМ асценаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Роман Лыков иусумҭа "Харлампои Деспинеи"

Арежиссиортә лабораториа иалахәыз Ленара Гадельшина лакәзар, ахацәа реиндаҭлара имариам усны ишыҟоу дазхәыцны акәу, лара аилыргарақәа раан "Ахәмарыҩцәа" залыбхи ҳәа ианлазҵаа "акаҳуа бзиа избоит" ҳәа иҟалҵаз аҭак иашоу здырхуада, аха лажәабжь егьырҭ аҭоурыхқәа ирышьашәалам, аха ҳара ҳаԥсҭазаара акыр иазааигәу иахьа аҳра зуа "ахәмарыҩцәа" рдунеи аалырԥшит. Арежиссиор лусумҭа егьырҭ аескизқәа раҵкыс икьаҿны, адыдмацәыс еиԥшны имҩасит. Акыр адинамика зҵаз, лашарала еиқәыршәаз усумҭан. Иазгәасҭарц сҭахуп акыр иҵаулоу усумҭоуп ҳәа, лысценографиа аиҿкаашьеи, илхәыцыз аилаҩеиласреи хшыҩзышьҭра рысҭозар.

Аԥсуа драматә театр - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2017
Атеатри аменеџьменти

Аескизқәа рҿы ихәмаруеит атеатр актиорцәа рӷьырак: Лоида Ҭыркьба, Мадлена Барцыц, Рубен Депелиан, Марина Скворцова, Дмитри Шьукин, Лиупчо Спасов. Иџьашьахәуп аамҭа кьаҿк иалагӡаны еиуеиԥшым арольқәа рышьҭкаара ахьрылшаз сҳәар сылшоит. Мадлена Барцыц лакәзар "Ахәмарыҩцәа" рҿы ахьшьыцба аҟазшьа змоу лажәабжь еиҭаҳәашьа, дышьҭыԥраауа асценатә неиааирақәа иналыгӡо ала аӡәы диламҩашьо ахәаԥшҩы ихаҿы дынхоит.

Иаха иаҳбаз аескизқәа рахьынтә атеатр иазынхо акы заҵәык ауп. Уи сгәы еихьнашьуеит, избанзар иубоит ишыҟоу алшара урҭ зегь хаз-хазы асценатә ԥсҭазаара иазынхарцаз. Сыбжьы зысҭаз "Ҳабыгә игәыжь иаҳәаз ажәабжь" акәзар, аиааира агар сгәы иахәон. Уи аескиз стильла Искандер Чагьамтәи идунеи акыр иашьашәалоуп, аспектакль ду ахь ианиаслакгьы еиҳагьы иҟаимаҭхоит сгәахәуеит.

Иазгәасҭарц сҭахуп иааидкыланы, Аурыс театр актиорцәа рыхәмарра иԥсабаратәу аҟазшьа шамоу, араҟа иҟам баша уҟьанчаҟьанбжьык, ихәмаруа актиорцәа ауаҩы ицәажәашьа, игылашьа, итәашьа уҳәа акыр иазааигәоуп аиашахаҭа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0