https://sputnik-abkhazia.info/20220529/atyla-akhada-asharytsa-aaatsa-reiaby-sergei-bagash-igalasharaz-1039304802.html
Атәыла ахада, ашәарыцаҩ, аҭаацәа реиҳабы: Сергеи Багаԥшь игәалашәараз
Атәыла ахада, ашәарыцаҩ, аҭаацәа реиҳабы: Сергеи Багаԥшь игәалашәараз
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иаамҭаӡамкәан иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда. 29.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-29T17:10+0300
2022-05-29T17:10+0300
2022-05-29T17:17+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/1d/1039305156_0:206:2048:1358_1920x0_80_0_0_d9216cdd34dac3022a5612bc14f07d50.jpg
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәсазы Аҟәа. Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ даналга дҭалеит Қырҭтәылатәи асубтропикатә институт. 1972 шықәсазы далгоит "агроном" изанааҭ иманы.Сергеи Багаԥшь иполитикатә мҩа хациркит СССР аамҭақәа рзы, 1979-1980 шықәсқәа рзы Қырҭтәылатәи акомсомол Аԥснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩс дыҟан, анаҩс Очамчыратәи апартиа араиком актәи амаӡаныҟәгаҩс. Асовет Еидгыла анеилаҳа Сергеи Багаԥшь Очамчыра араион адепутатцәа жәлар рхеилак ахантәаҩыс аус иуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит.2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара. 2009 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас деиҭалхын.Сергеи Багаԥшь ихьӡ адҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура. Иара илшарақәа ирыбзоураны 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны азханаҵеит.Сергеи Багаԥшь иаамҭаӡамкәан иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/1d/1039305156_0:14:2048:1550_1920x0_80_0_0_b465f66aa06b4c329ce39dd235c0e792.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Атәыла ахада, ашәарыцаҩ, аҭаацәа реиҳабы: Сергеи Багаԥшь игәалашәараз
17:10 29.05.2022 (ирҿыцуп: 17:17 29.05.2022) Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иаамҭаӡамкәан иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәсазы Аҟәа. Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ даналга дҭалеит Қырҭтәылатәи асубтропикатә институт. 1972 шықәсазы далгоит "агроном" изанааҭ иманы.
Сергеи Багаԥшь иполитикатә мҩа хациркит СССР аамҭақәа рзы, 1979-1980 шықәсқәа рзы Қырҭтәылатәи акомсомол Аԥснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩс дыҟан, анаҩс Очамчыратәи апартиа араиком актәи амаӡаныҟәгаҩс. Асовет Еидгыла анеилаҳа Сергеи Багаԥшь Очамчыра араион адепутатцәа жәлар рхеилак ахантәаҩыс аус иуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит.
2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара. 2009 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас деиҭалхын.
Сергеи Багаԥшь ихьӡ адҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура. Иара илшарақәа ирыбзоураны 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны азханаҵеит.
Сергеи Багаԥшь иаамҭаӡамкәан иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.
© Foto / из архива семьи БагапшСергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәсазы Аҟәа.
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәсазы Аҟәа.
© Foto / из архива семьи Багапш1972 шықәсазы Қырҭтәылатәи асубтропикатә институт далгоит "агроном" изанааҭ иманы.
1972 шықәсазы Қырҭтәылатәи асубтропикатә институт далгоит "агроном" изанааҭ иманы.
© Foto / Владимир Попов Сергеи Багаԥшь Аԥсны Апарламент раԥхьатәи ааԥхьара рыгәҭа. Ари аамҭақәа рзы иара Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Сергеи Багаԥшь Аԥсны Апарламент раԥхьатәи ааԥхьара рыгәҭа. Ари аамҭақәа рзы иара Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
© Foto / предоставила Сангулия ИрмаСергеи Багаԥшьа ахәыҷы иниаркны аду иҟынӡа арацәажәашьа дақәшәон. Убри азын ауаҩы лаша, ауаҩ гәыҭбаа ҳәа ишьҭан.
Сергеи Багаԥшьа ахәыҷы иниаркны аду иҟынӡа арацәажәашьа дақәшәон. Убри азын ауаҩы лаша, ауаҩ гәыҭбаа ҳәа ишьҭан.
© Foto / Владимир Попов Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иҭоубашьҭаҵара.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иҭоубашьҭаҵара.
© Foto / Владимир ПоповАтәыла ахада Сергеи Багаԥшь диԥылоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Атәыла ахада Сергеи Багаԥшь диԥылоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
© Foto / Владимир Попов Аԥсны анапхгара Владислав Арӡынба игәалашәара иазку аусмҩаԥгатә аҟны.
Аԥсны анапхгара Владислав Арӡынба игәалашәара иазку аусмҩаԥгатә аҟны.
© Sputnik / Дмитрий Астахов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла ахада Дмитри Медведев, Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Едуард Кокоиты Кремль аҩызареи, аусецуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.
Урыстәыла ахада Дмитри Медведев, Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Едуард Кокоиты Кремль аҩызареи, аусецуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.
© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны ахада Сергеи Багаԥшьи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Едуард Кокоитыи Урыстәыла Аҳәынҭдума аилатәараҟны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рызхаҵара азҵаара алацәажәараан.
Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшьи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Едуард Кокоитыи Урыстәыла Аҳәынҭдума аилатәараҟны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рызхаҵара азҵаара алацәажәараан.
© Foto / Владимир ПоповСергеи Багаԥшь ашколхәыҷқәа инапынҵамҭа риҭоит.
Сергеи Багаԥшь ашколхәыҷқәа инапынҵамҭа риҭоит.
© Sputnik / Владимир Федоренко2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара.
2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара.
© Foto / Владимир Попов Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи.
© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны ахада Сергеи Багаԥшь Амшынеиқәатә флот аракетатә креисер "Москва" Аҟәа абаӷәаза аҟны.
Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь Амшынеиқәатә флот аракетатә креисер "Москва" Аҟәа абаӷәаза аҟны.
© Foto / из архива семьи БагапшСергеи Багаԥшь даара бзиа ибон ашәарыцара.
Сергеи Багаԥшь даара бзиа ибон ашәарыцара.
© Foto / из семейного архива Багапш Сергеи Багаԥшь иҭаацәара ду рыгәҭа.
Сергеи Багаԥшь иҭаацәара ду рыгәҭа.