Урыстәыла

Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы аԥыррақәа аамҭалатәи аԥкрақәа иацырҵеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие терминала С аэропорта Шереметьево
Открытие терминала С аэропорта Шереметьево - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥкрақәа ирыҵанамкыз урыстәылатәи аҳаирбаӷәазақәа зегьы абжьааԥаны еиԥш аус руеит.
АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Урыстәыла аладатәии агәҭантәии ахәҭақәа рҳаирбаӷәазақәа рҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп рашәара 6 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Росавиациа.
"Урыстәыла 11 ҳаирбаӷәазаҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп рашәара 6 асааҭ 03:45 инаркны москватәи аамҭала", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵаркуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Апассаџьырцәа рырманшәаларазы урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа еиҿыркаауеит даҽа хырхарҭамҩақәак рхы иадырхәарц, иаҳҳәап, Шәача, Волгоград, Аминералтә ӡқәа, Ставрополь, Москва.
Уи адагьы, Ҟрым ахырхарҭала ибжьаҵахоит изыцҵоу апассаџьыртә дәыӷба.
Росавиациа аԥкрақәа аланагалеит жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь, уи аахыс изныкымкәан аҿҳәара иацырҵахьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0