https://sputnik-abkhazia.info/20220531/aala-s-ashshkha-naala-aya-lfotoykhymaa-rtsyrgaa-aatit--1039322008.html
"Ақалақь С." аԥшшәхәқәа: Наала Аҩӡыԥҳа лфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа аатит
"Ақалақь С." аԥшшәхәқәа: Наала Аҩӡыԥҳа лфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа аатит
Sputnik Аҧсны
Афотоҭыхыҩ Наала Аҩӡыԥҳа Аҟәа иазку лцәыргақәҵаҿ еизгоуп аҵыхәтәантәи ҩышықәса еидылкылоз лусумҭақәа. 31.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-31T09:00+0300
2022-05-31T09:00+0300
2022-05-31T09:34+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/1e/1039321166_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_0c65d6f4b3d684bac955ca64eac8f9b2.jpg
АҞӘА, лаҵара 31- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы лаҵара 30 рзы иаатит афотоҭыхыҩ Наала Аҩӡыԥҳа лцәыргақәҵа "Ақалақь С."Аусумҭақәа рҿы Аҟәа ԥшшәырацәала иаарԥшуп – ашьыжьтәи ашәаԥшь, ахәылԥазтәи аҟәандара, амшын аилыџьџьаара, ацәқәырԥақәа "рыбжьы", аҭыԥантәи ауааԥсыра, аԥсыӡкыҩцәа, ахыбрақәа реиҟәышьшьарақәа. Ахәаԥшҩы бзиа иибо ақалақь афотоҭыхыҩ лыблақәа рыла дахәаԥшуеит.Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит Наала Аҩӡыԥҳа Аҟәа иазку лцәыргақәҵаҿ ишеизгоу аҵыхәтәантәи ҩышықәса еидылкылоз лусумҭақәа."Наала лцәыргақәҵақәа асахьаҭыхыҩ, аҭҵааҩы, анаԥшҩы ирымоу аинтерес ауп. Ақалақь лара бзиа илбо ҵакыроуп. Дахьиз, дахьааӡаз, аҭоурых ҿыцқәа ахьылԥылоз ҭыԥуп. Сгәы иаанагоит ахәаԥшҩы изы аинтерес ду аиушт ҳәа иибо", - лҳәеит лара.Ацәыргақәҵа аҭааҩцәагьы анырра ду рынаҭеит.Автор лакәзар, ажәа мыцхә лҳәаӡом. Лара лгәы шыҟанаҵо азгәалҭеит фотосахьак акәзаргьы, асасцәа ргәаҿы иаанхазар.Ацәыргақәҵа амчыбжь нҵәаанӡа иаартуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20200519/Akarantin-azti-Aa-atsaa-laaramza-Asny-anyala-any-1030168575.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/1e/1039321166_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_be2f4dcd0e66c65278390e5fe1032c98.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
"Ақалақь С." аԥшшәхәқәа: Наала Аҩӡыԥҳа лфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа аатит
09:00 31.05.2022 (ирҿыцуп: 09:34 31.05.2022) Афотоҭыхыҩ Наала Аҩӡыԥҳа Аҟәа иазку лцәыргақәҵаҿ еизгоуп аҵыхәтәантәи ҩышықәса еидылкылоз лусумҭақәа.
АҞӘА, лаҵара 31- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы лаҵара 30 рзы иаатит афотоҭыхыҩ Наала Аҩӡыԥҳа лцәыргақәҵа "Ақалақь С."
Аусумҭақәа рҿы Аҟәа ԥшшәырацәала иаарԥшуп – ашьыжьтәи ашәаԥшь, ахәылԥазтәи аҟәандара, амшын аилыџьџьаара, ацәқәырԥақәа "рыбжьы", аҭыԥантәи ауааԥсыра, аԥсыӡкыҩцәа, ахыбрақәа реиҟәышьшьарақәа. Ахәаԥшҩы бзиа иибо ақалақь афотоҭыхыҩ лыблақәа рыла дахәаԥшуеит.
Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит Наала Аҩӡыԥҳа Аҟәа иазку лцәыргақәҵаҿ ишеизгоу аҵыхәтәантәи ҩышықәса еидылкылоз лусумҭақәа.

Наала Аҩӡыԥҳа лфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа

Наала Аҩӡыԥҳа лфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа

Наала Аҩӡыԥҳа лфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа
Наала Аҩӡыԥҳа лфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа
Наала Аҩӡыԥҳа лфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа
Наала Аҩӡыԥҳа лфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа
"Наала лцәыргақәҵақәа асахьаҭыхыҩ, аҭҵааҩы, анаԥшҩы ирымоу аинтерес ауп. Ақалақь лара бзиа илбо ҵакыроуп. Дахьиз, дахьааӡаз, аҭоурых ҿыцқәа ахьылԥылоз ҭыԥуп. Сгәы иаанагоит ахәаԥшҩы изы аинтерес ду аиушт ҳәа иибо", - лҳәеит лара.
Ацәыргақәҵа аҭааҩцәагьы анырра ду рынаҭеит.
"Сара сааизар, Аҟәа сынхоит, аха иара аԥшӡарақәа зегьы еснагь улаԥш иҵашәом. Наала уи лылшеит. Ацәыргақәҵатә зал аҿы акәымкәа, ақалақь аҭыԥ ԥшӡарақәа унеиааиуа урылоушәа ухы убоит", - лҳәеит аҭааҩцәа руаӡәк.
Автор лакәзар, ажәа мыцхә лҳәаӡом. Лара лгәы шыҟанаҵо азгәалҭеит фотосахьак акәзаргьы, асасцәа ргәаҿы иаанхазар.
Ацәыргақәҵа амчыбжь нҵәаанӡа иаартуп.