Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Арҷелиаԥҳаи Малиеи аҭаҭын ахара ашьцылара бааԥс ахҟьаԥҟьақәа ртәы

Хра злоу ахҭысқәа: Арҷелиаԥҳаи Малиеи аҭаҭын ахара ашьцылара бааԥс ахҟьақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аҭаҭын ахара ашьцылара бааԥс иахылҿиаауа, ауаҩы ԥырхагас инаҭо, уи акажьразы аҽазышәарақәа рылҵшәақәа уҳәа ртәы ирылацәажәеит арадио аефир аҟны Ареспубликатә хәшәтәырҭа атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳаи Аԥсуа драматә театр актиор Адгәыр Малиеи.
Маи 31 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит аҭаҭын мап ацәкра, мамзаргьы уи аҿагылара амш. Ишдыру еиԥш, иарбанзаалак аҭатын аалыҵ агәабзиара иазеицәоуп. Агәабзиарахьаразы адунеитә еиҿкаара адыррала, есышықәса аа-миллионҩык иреиҳаны ауаа рыԥсҭазаара иалҵуеит аҭаҭын ахара ашьцылара бааԥс иахҟьаны.
"Ауаҩы игәабзиара иаԥырхагақәоу аԥхьа игылоу иреиуоуп аҭаҭын. Мызкахьы хҩы-ԥшьҩы сҭаауеит арԥҳаҟны акьыба чымазара змоу. Егьырҭ аҳақьымцәагьы ирҭаауа ачымазцәа рацәоуп, убри аҟынтәи ачымазара иаҳа амҽхак дууп ҳәа сгәы иаанагоит. Арҭ ашықәсқәа процентла иугозар, даара ирацәахеит ари ачымазара ҿаасҭа зыхьуа. Аҭаҭын ахара иахҟьаны акьыба рырԥҳақәа, рқьышә, рыхәда, рыбз иахьуеит", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аҭаҭын иахо ачымазара бааԥс дара ирывсны ицоит ҳәа рхы шыржьо.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0