Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәыҳалалратә акциа "Иқьиоу акартош" 120 нызқьмааҭ еизнагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Выставка на театральной площади
Выставка на театральной площади - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2022
Анапаҵаҩра
Есышықәса Ахәыҷқәа рыхьчара амш – рашәара 1 аҽны имҩаԥысуа акциа "Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы имҩаԥган.
АҞӘА, рашәара 2– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агәыҳалалратә акциа "Иқьиоу акартош" аҳәаақәа ирҭагӡаны 120 нызқьмааҭ еизгоуп ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз, ауснагӡатә аиҿкааҩ, акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Акциа фынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Еизгоу аԥарақәа афонд иаҭахоит Таисиа Ҳагԥҳа лыхәшәтәразы", - лҳәеит лара.

Сынтәа, иара убасгьы "Ашана" адәаҿы еиҿнакааит напыла иҟаҵоу аалыҵ аҭира, агәыҳалалратә лотареиа, анапылалых аҭира акциа. Алотареиа 30 ԥхьахә ықәҵан имҩаԥган. Аԥхьахә иоур алшон дарбанзаалак аахәаҩ.
Выставка на театральной площади - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
Аԥсны
Ахәыҷра аныҳәа: Аҟәа Рашәара акы шымҩаԥысыз
Традициа ҳасабла ари акциа иадрыԥхьалоит Аԥсны еицырдыруа артистцәа, аекранқәа рҟны лассы-ласс ицәырҵуа ауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, афонд апартниорцәа. Урҭ акассаҿы игыланы ихәаахәҭуеит. Сынтәа аилахәыра "А-Мобайл" адиректор хада Борис Барцыц, Апарламент адепутат Инар Гыцба, аԥсихолог Елана Кортуаԥҳа, актиор Џьамбул Жорданиа уҳәа ирацәаҩны иалахәын.
Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Таисиа Ҳагԥҳа лзы еизгатәуп 542 000 мааҭ, аԥареизгара рылаҳәан лаҵара 18 азы. Уажәазы аиҳарак еизгоуп акциа ацхыраарала.
Ахәыҷқәа рыхьчара амш аҽны акциа "Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" мҩаԥысит Афонд "Ашанеи" змаҵзура ццаку ақьафурҭақәа рҳа "ABURGERи".
Зегьы иреиӷьу ахәыҷра: Гәыма аҿы Ахәыҷқәа рыхьчара амш шазгәарҭаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
Аԥсны
Зегьы иреиӷьу ахәыҷра: "Гәыма" аҿы Ахәыҷқәа рыхьчара амш шазгәарҭаз
Ажәабжьқәа зегьы
0