Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Адоуҳатә млашьра": аԥсуа хәыҷтәы литературеи ахәыҷтәы фольклори рҭагылазаашьа иазкны

© Sputnik / Леон Адлейба Первое сентября в Абхазии
Первое сентября в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы аԥсуа хәыҷтәы сахьаркыратә литературеи ахәыҷтәы фольклори рҭагылазаашьазы лгәаанагара ҳамалдоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
"Ҳара ҳхаан ахәыҷқәа ҽакала иҟан, уажәтәи ахәыҷқәа ҽакала иҟоуп" ҳәа аџьашьара иаԥсоума? Иацтәи амши иҟалашеи узеидкылома? Уажәтәи, иахьатәи амш аҿы инхалатәуп иахьатәи аҭахрақәа ирықәыршәаны. Иацтәи амш ҽакы еиԥшны ишыҟамыз еиԥш, иахьатәи, уаҵәтәи амшқәагьы даҽакы еиԥшхом.
Иацы, жәацы зхәыҷра аиҳарак ақыҭараҿы изхызгоз ирбоз, ираҳауаз хазын. Урҭ злахәмаруаз инапылаҟаҵараз амҿтәы хәмаргақәа ракәын, мамзаргьы рнапала ирӡахыз акьанџьа. Раамҭа ахьырхыргозгьы аиҳарак анхара-анҵыра иадҳәалаз аусқәа рҿы акәын. Ирбоз, излахәыз аԥсуа чараҵәҟьа акәын, аҽырхәмаррақәа ракәын, ақьабзтә ныҳәарақәа ракәын. Дрылахәума абарҭ зегьы иахьатәи ахәыҷы? Дрылааӡоума? Нас иацтәи амш дызладукылари уи иалааӡам ауаҩы?!
Работа детского сада. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2019
Аҩны бызшәеи адәахьтәи абызшәеи – ахәыҷы ишьклаҧшра аҟынтәи
Аха иацтәи амш аазырԥшыша, урҭ рыԥсы рхазҵаша, атрадициатә культура еиқәзырхаша ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи роуп.
Иаахтны иаҳҳәозар, Таиф Аџьба иажәақәа рыла, иахьатәи ахәыҷқәа "доуҳала имлашьуп". Ахәыҷқәа абызшәа рыздырӡом, аԥсуара рыздырӡом ҳәа ҳааҟәымҵӡакәа ҳцәажәоит, аха иаҳҳәаӡом урҭ ԥсыуала иҳааӡарц азы иҟаҳҵеи?!.
Фонтан в парке на набережной махаджиров. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2020
Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара
Иахьатәи ахәыҷы шьыжьы инаркны аахәлаанӡа имш хҭыс рацәала еиларсуп. Аҵара, еиуеиԥшым азыҟаҵарақәа, аспорт уҳәа. Иԥсшьара аамҭа акәзар аҭел, ателербага, адәы акырӡа ԥхьаҟа ицахьеит, ҳара ҳаԥсуареи ҳбызшәеи ашәышықәсақәа рышьҭахь иахьыҟаз иаанхеит, иахьатәи ахәыҷы ихьӡаӡом.
Иҳамоума ҳара ахәыҷтәы литература, ахәыҷтәы фольклор иахьатәи ахәыҷы иааӡара иацхрааша? Ҳара ҳаибажьеит ҳәа уи џьаргьы ҳашкылнамго аргама иаҳбоит. Ааи, ҳара иҳамоуп аԥсуа шәҟәыҩҩцәа иаҧырҵаз ахәыҷтәы жәеинраалақәа, ажәабжьқәа. Урҭ разымхара шыҟоу ахәыҷбаҳча ааӡаҩцәеи арҵаҩцәеи унразҵаар ирҳәоит. Дара урҭгьы еидкыланы иҟоу аизгамҭақәа маҷӡоуп, иԥсаҟьаны ана-ара иалаԥсоуп, мамзаргьы ажурналқәа рҟны иуԥылоит аамҷыдарахаз. Ахәыҷқәа ирызку адырраҭарақәа ракәзаргьы убасҵәҟьа.
Детская игра цици-куакуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2021
"Чабракаршә", "Ҵи-ҵи, кәа-кәа": ахәыҷыхәмаррақәа рхархәашьа иаци иахьеи
Ахәыҷтәы фольклор акәзар, Римма Арсени-иԥҳа Аҳашба лаамышьҭахь, иахьа уи хықәкыла иазку, иҭызҵаауа дҳамаӡам. Аԥсуа лакәқәа ракәзар, иахьатәи ахәыҷы ишидаагало урысшәала ауп. Избан аԥсуа хәыҷы аԥсуа лакә аԥсышәала иаҳаанӡа аԥхьа урысшәала еиҭаганы изидаҳгало? Аԥсуа лакәқәа зну ашәҟәы ахы даннықәыԥшлак ахәыҷы, уи ашьҭыхра игәаԥхаӡом, избанзар иҭахрақәа ирықәыршәаны еиқәыршәаӡам.
Абас еиԥш доуҳала имлашьуа иқәҳархаз ахәыҷы, уи аамҭаз иара даҽа бызшәак, даҽа культурак илалара ианаҿу, иҿыцу аԥсуаа рықалақьтә қьабзқәа рыда ҽак имбозар, дзыԥхьаша иаҳмыркызар, нас изхарада уи ибызшәеи икультуреи дрыцәтәымны дызҳар? Иахьатәи ахәыҷқәа рҭаацәагьы "доуҳала имлашьуа" изызҳаз ракәзар, урҭ ирааӡо ирыдыргало рымамзар, уаҵәы зеиԥшрахои?
Иаҳԥырхагада ҳхәыҷқәа рааӡараҿ?
Аԥсуа шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Аԥсны
Ахатәы бызшәа хыхьчагоуп, атәым бызшәа чарҳәара узнаур анауа
Дырмит Гәлиа ҳдоуҳатә культура аӡыргара даназгыла аамышьҭахь 148 шықәса ҵуеит. 148 шықәса ҵуеит "ҳбызшәа ыӡуеит, ҳаԥсуара ыҟам, еиқәаҳмырхар ҳаӡуеит" ҳәа ацәажәара ҳаҿуижьҭеи, иҳаҩуеижьҭеи, зны-зынла ак ҟазҵо аацәырҵуеит (уи аҟаҵахагь раҳҭар). 148 шықәса иаҳцәажәоз аасҭа иҟаҳҵоз еиҳазҭгьы, иахьатәи ахәыҷқәа рҭаацәа доуҳала имлашьуаз иреиуахомызт, рхәыҷқәа ирыдыргалашазгьы роуан. Иҟаҵоу шыҟоугьы, иҟаҵатәу еиҳагьы еиҳауп.
"Напеибаркы ауаҩы дааӡоит"!
Акәашацәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.01.2020
Аҟазареи амилаҭтә доуҳаи, мамзаргьы аԥсуа кәашарақәа бызшәас излацәажәо
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0