Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Тҟәарчал анхаҩы иԥсадгьыл иԥсахит ҳәа ашьаус хацнаркит

© Sputnik Милиция МВД
Милиция МВД - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура 28 шықәса зхыҵуа Тҟәарчал анхаҩы Даур Буаа иԥсадгьыл иԥсахит ҳәа ашьаус хацнаркит. Уажәы иара Қырҭтәыла дыҟоуп.
Заанаҵтәи ашьаусҭҵаара адыррақәа рыла, Буаа 2021 шықәса жьҭаарамзазы асоциалтә ҳа "Tik Tok" аҿы иҭеигалон иаартны, иара убас ҽымдыр ҟаҵангьы Аԥсны асуверенитет, аҵакыратә акзаара, аҳәынҭқарратә шәарҭадара, атәылахьчаратә лшара ааха рызҭашаз ааԥхьарақәа зныз авидеонҵамҭақәа.
АШәМ иазгәанаҭоит иара ианҵамҭақәа Аԥсны автономтә республика аҳасабала Қырҭтәыла иадларц, иара уи аконституциаҿы азинтә статус шьақәырӷәӷәазарц апропаганда аадырԥшуеит ҳәа.

"Авидеосиужетқәа равтор Қырҭтәыла аҵакыраҿы дахьынӡаҟаз иҟаиҵоз апропаганда иалагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Қырҭтәыла иалалар бзиарақәас иҟало ҳәа рыӡбахә иҳәон, уи алагьы аҳәаанырцәтә ҳәынҭқарра ацхыраара аиҭон аиӷаратә ҟазшьа змоу русмҩаԥгатәқәа рынагӡараҿы, Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ашәарҭадареи аҵшәаара дацхраауан", - ҳәа ануп Ашәарҭадаратә маҵзура адырраҭараҿы.

Иара убас АШәМ ишьақәнаргылеит иҳаҩсыз ашықәс ԥхынҷкәын 14 рзы Буаа 1995 шықәса рзы ииз Аԥсны атәылауаҩ Даҭо Ҳаџьымба Қарҭҟа диасны уатәи аҳәынҭқарратә программала ауаҭах иоураҿы дышицхрааз, уи алагьы иара иалаирҵәон Аԥсны атәылауаа ҳаиӷаратә ҳәынҭқарраҿы инхаразы ирзаԥҵоу аҭагылазаашьа бзиақәа рыӡбахә.
Уаанӡа Буаа иганахьала Урыстәыла аҵакыраҿы афедералтә шьҭазаара рылаҳәан мҽхакы ҭбаала анаркотикқәа раахәареи рыҵәахреи рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0