Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Леиԥҳа еиҭалҳәеит ашколтә библиотека ахәыҷқәа арҵага шәҟәқәа рыла ишеиқәнаршәо

Леиԥҳа еиҭалҳәеит ашколтә библиотека ахәыҷқәа арҵагашәҟәқәа рыла ишеиқәнаршәо
Анапаҵаҩра
Ашколтә библиотекақәа ирыдыркылахьоу аҵаҩцәа злеиқәыршәахо арҵага шәҟәқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит абиблиотека аусзуҩ Емма Леиԥҳа.
Аҵара аминистрра ашколқәа злеиқәнаршәо ашәҟәқәа ашколтә библиотекақәа рҟынӡа инеихьоума? Ирацәаҩума аҭаацәа рҟынтәи ас еиԥш ацхыраара шыҟаҵахо змаҳац, иарбан шәҟәқәоу ашколхәыҷқәа злеиқәыршәахо, дара рхылаԥшра знапы ианыда? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак ҟалҵеит Аҟәатәи актәи абжьаратә школ абиблиотека аусзуҩы Емма Леиԥҳа.
"2022-тәи ашықәс ҿыц алагамҭазы Урыстәыла Афедерациа аҟынтәи иааган 2 500 инарзынаԥшуа ашәҟә ҿыцқәа ахәбатәи, афбатәи, абыжьбатәи аклассқәа рзы. Аҭаацәа иаархәахьан рнапаҿы, аӡәык-ҩыџьак абиологиа згыз абыжьбатәи акласс аҟны ирысҭеит акәымзар, ашықәс азбжазы рызшара ҳалагар, иаҳцәеиԥхьыттоит сҳәан, исымшаӡеит. Сынтәа аҵарашықәс ҿыц азы ажәытә шәҟәқәа ааныжьны аҿыцқәа зегьы сшоит. Аҭаацәа ирдыруеит, ахәыҷқәа ирасҳәеит ицқьаны иныҟәыргарц. Ирыҟьшьыр иахьырҭаху ирыԥшаар акәхоит ацымхәра. Аграфик ҟасҵеит ашәҟәқәа анаҳшо зегьы ирбаратәы. Аиҵбыратә классқәа Аԥсны иҭрыжьуа ашәҟәқәа рырҭоит аҟынтә, урҭ аклассқәа рнапхгаҩцәа ирзыршоит", - лҳәеит Леиԥҳа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0