00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

11 шықәса зхыҵуа Николь Џьинџьолиа лыхәшәтәразы аԥареизгара иалагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Подопечная фонда "Ашана" Николь Джинджолия
Подопечная фонда Ашана Николь Джинджолия - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2022
Анапаҵаҩра
Николь Џьинџьолиа дшыхәыҷӡаз илзықәдыргылеит агенетика шьҭралатәи ачымазара муковисцидоз.
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" 11 шықәса зхыҵуа Николь Џьинџьолиа лыхәшәтәразы аԥареизгара иалагеит. Лара муковисцидоз захьӡу ачымазара лымоуп.
Муковисцидоз - агенетика шьҭралатәи ачымазарақәа зегь раасҭа аларҵәара змоу чмазароуп, арԥҳақәеи афатәырсаратә системеи ааха анаҭоит.
Аҳақьымцәа ари ачымазара гәарҭеит ахәыҷы дани ахԥатәи амш азы. Николь деиӷранакуан, убри аҟнытә иаразнак дԥырҟеит, аха алҵшәа ыҟамызт, аҩбатәи аԥҟара ашьҭахь лкьатеиқәа шьақәгылеит.
Сухумская набережная  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Аԥсны
Агәабзиара змоу абиԥара: Аԥсны апроект ҿыц аусура иалагоит
Аха ауадаҩрақәа араҟа иаанымгылеит, ахәыҷы аимҳәара далагеит лыԥсыԥ лагаҩагарагь лцәыуадаҩын. Анализқәа анарҭа ашьҭахь ишьақәдырӷәӷәеит муковисцидоз.
Уажәы ахәыҷы 11 шықәса лхыҵуеит, арҭ ашықәсқәа зегьы Николь лҭаацәа ирылшо зегь ҟарҵоит ахәыҷы лгәабзиара аиӷьтәразы.
Иахьа Николь лыԥсҭазаара зегьы ахәшәтәра иазкуп.
"Санҿыхалак ашьҭахь аингалиациа ҟасҵоит, анаҩс ателербага сахәаԥшуеит, нас сыԥсы сшьоит", - ҳәа лҳәоит Николь.
Николь дшычмазҩгьы ашкол ахь дцоит, бзиа илбоит акәашара, ақәҵара.
"Ахәыҷқәа зегьы реиԥш деилҟьоуп, дыҩуеит, дыԥоит. Бзиа илбоит аспорт, акәашара, ақәҵара. Арԥшьшьара маҷ лнапы алакуп. Аҵара бзиа илҵоит. Аҳәыҷқәа зегьы реиԥш", - ҳәа лҳәеит ахәыҷы лан Хатуна Ҵулукьиа.
Николь лыԥсҭазаара аиӷьтәра алшоит, уи азы Израиль лҽылхәшәтәроуп. Ахәыҷы израильтәи ацентр “Шаарей Цедек” аҟны илзыԥшуп. Уи азы еизгатәуп 222 нызқь мааҭ. Џьинџьолиаа рҭаацәа ари аҩыза алшара рымам.
"Афонд "Ашана" иабзоураны ҳара ирлас ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рзы аԥара еизаҳгоит. Уажәазы ҳаидгыланы ҳацхыраара лҭахуп Николь Џьинџьолиаԥҳа. 222 нызқь мааҭ усҟак ирацәам, аидкылара ҳалшоит. Ҳтәыла ауааԥсыра зегь рахь аҳәара ҟасҵоит ацхыраара ҟарҵарц, аԥареизгара ирлас ихҩаны ахәыҷы лгәы бзиахарц", - лҳәеит афонд ахылаԥшратә Хеилак алахәыла Шьарида Ҭыжәԥҳа.
Ахәыҷы лыцхыраара шалшо атәы арбоуп афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0