Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Херсонтәи аобласт аҟны Урыстәыла алаларазы ареферендум мҩаԥыргоит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация на границе Крыма с Украиной
Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2022
Анапаҵаҩра
Аоперациа ҷыда цонаҵы урыстәылатәи аруаа рнапахьы иааргеит Херсонтәи аобласт, Алада Украина иҟоу Запорожиатәи аобласт.
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Херсонтәи аобласт аҵакыраҿы Урыстәыла алаларазы ареферендум мҩаԥыргоит, абри атәы аҩуеит РИА Новости арегион ахада ихаҭыԥуаҩ Кирилл Стремоусов иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Азакәанԥҵаратә мчрада ҳаанхеит, уи азы ажәлар рхаҭарнакцәа злоу ауаажәларратә хеилак аԥаҳҵеит, дара роуп аӡбамҭақәагьы зыдызкыло. Сгәаанагарала, уи ареферендум акәхоит, иара мҩаԥгахоит Херсонтәи аобласт аҵакыраҿы Херсонтәи аобласт аахҳәаақәҵаразы. Анаҩстәи ашьаҿа иҭарцәу Херсонтәи аобласт аҵакыраҟны имҩаԥгахо алхрақәа роуп. Уи ашьҭахь закәанла аус ааулоит", - иҳәеит Стремоусов.

Иара иазгәеиҭеит алхрақәа ирылахәхо арегион ауааԥсыра шракәу. Ареферендум амҩаԥгара анбалшо ҳәа иҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо Стремоусов иҳәеит, аԥхьаҟа аусура рацәаны ишаҭаху.
Аоперациа ҷыда цонаҵы урыстәылатәи аруаа рнапахьы иааргеит Херсонтәи аобласт, Алада Украина иҟоу Запорожиатәи аобласт. Арегион аҟны ус руеит урыстәылатәи ателеканалқәа, арадио, Ҟрыми аобласти рыбжьара ахәҳаахәҭратә еимадарақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0