Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Џьынџьалԥҳаи Урыстәыла Аҳәынҭдума ахада ихаҭыԥуаҩи ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаша иазааҭгылеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМузей городского хозяйства Москвы
Музей городского хозяйства Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсни ахәыҷқәа рзы омбудсменцәа (ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩцәа-аред.) русеицура ҳәаақәнаҵоит 2021 шықәса рашәарамза 15 рзы Џьынџьалԥҳаи Кузнецови рнапы зҵарыҩыз Амеморандум.
АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи Урыстәыла Аҳәынҭдума ахада ихаҭыԥуаҩ Анна Кузнецови реиԥылараҟны ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара иазааҭгылеит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
2016 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа ахәыҷқәа рзы омбудсменс иҟаз Кузнецова Мактина Џьынџьалԥҳа лԥышәа лымалдеит, дазааҭгылеит Аҳәынҭдумаҿы лнапы злаку, хылаԥшра зылҭо апроектқәа ртәы.
Иара убас, Анна Кузнецова абацәа аҭаацәараҿ рроль ашьақәырӷәӷәареи, аҭаацәара иамоу аҵакы аиқәырхареи рзы иаԥҵаз "Ауаажәларратә абацәа рхеилак" аидгыла аӡбахә еиҭалҳәеит, ари ахшыҩҵак Аԥсны аларҵәаразы ажәалагала ҟалҵеит.
Мактина Џьынџьалԥҳа Анна Кузнецова илзеиҭалҳәеит ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы ҳтәылаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, лнапы злалкраны иҟоу апроектқәа ртәы.
Ажәабжьқәа зегьы
0