https://sputnik-abkhazia.info/20220612/moskvati-asua-diaspora-akhada-dalyrkhit-1039525053.html
Москватәи аԥсуа диаспора ахада далырхит
Москватәи аԥсуа диаспора ахада далырхит
Sputnik Аҧсны
Москва имҩаԥысит ауаажәларратә еиҿкаара "Москватәи аԥсуа диаспора" аҳасабрба-алхратә еизара. Аизараҿ далхын ахантәаҩы, 2018-2022 шықәсқәа рызтәи аҳасабырба... 12.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-12T09:25+0300
2022-06-12T09:25+0300
2022-06-12T13:02+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/0b/1039523662_3:0:1278:717_1920x0_80_0_0_2e8c5bdd4b3c1aee5da03c792ec0ada8.jpg
МОСКВА, рашәара 12 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Москватәи аԥсуа диаспора ахадас ҩаԥхьа еицҿакны далырхит Беслан Агрба.2012 шықәса раахыс Беслан Агрба Москватәи аԥсуа диаспора ахадас дыҟоуп. Иара зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит ҩаԥхьа ирҭаз агәрагаразы. Иҳәеит Москва иҟоу аԥсуаа реидгылара иабзоураны, Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны анҭыҵ иӡырызго апроектқәа анагӡара шроуз."Москватәи аԥсуа диаспора – арҭ рыԥсадгьыл ишацәыхароугьы змилаҭтә-етникатә акзаара аиқәырхара иашьҭоу уаауп. Абарҭ ацәаныррақәа узцәырҵуазар, адиаспора уахәҭакуп", - иҳәеит Агрба.Иара иазгәеиҭеит, аԥхьаҟа аиҿкаара гәҭакыс ишамоу аҿари аекспертцәеи реиԥылара аиҿкаара."Ҳара иҳамоуп аҵарауаа, анаплакыҩцәа рацәаҩны, аҿар ак разҳәаша. Аинтерес зҵоу проектк шәымазар, ҳара еснагь ҳаартуп. Исҭахын аус еицааурц афондқәа реиԥш. Адиаспора шәганахьала аԥшьгарақәа рацәазарц", - иҳәеит аиҿкаара ахада.Иара убасгьы дазааҭгылеит 2018-2022 шықәсқәа рзы инарыгӡаз аусқәа ртәы, иаликааит адиаспора рзын акыр зҵазкуаз апроектқәа.Агрба иҳәеит аиҿкаара имҩаԥнагаз акультура-арккаратәи агәыҳалалратәи аусқәа. Ҿырԥштәыс иааигеит аԥсуа культуратә фестиваль "Аԥсны", аинтеллектуалтәи аспорттәи хәмаррақәа, есышықәсатәи аиԥыларақәеи егьырҭ еиуеиԥшым акциақәеи рпроектқәа.Иалкаан, COVID-19 Аԥсны алмарҵәаразы агәыҳалалратә цхыраара - амедицинатә маругақәеи ахәшәқәеи раахәараз иҟаҵаз аԥареизгара. Аԥсны ацхыраараз иааизакны еизган 8 713 500 мааҭ, хазы иазааҭгылан аԥареизгараҿ зыхьыӡ ҳәам афранцыз 470 евро шааишьҭыз."Ари маҷк Аԥсны аибашьра аналагаз раԥхьатәи амшқәа сгәаланаршәеит, Москва ианеизыргоз зегьы. Иҟалап, ари зегь аҭахымызҭгьы, аха ихадаз аидгылара акәын", - иҳәеит Агрба.Москватәи аԥсуа диаспора анагӡаратә директор Даур Барганџьиа иргәалаиршәеит ихадоу апроектқәа ишыруаку онлаинла аҵара.2021 шықәсазы Москватәи аԥсуа диаспореи StemLab ашколи рыцхыраарала аԥышәаратә усурала иаԥҵан арҵаратә проект, хықәкыс иаман IT ахырхарҭала аҟазацәа разыҟаҵара, аусурҭатә ҭыԥқәа раԥҵара, ареспублика ауааԥсыра онлаинла адунеи зегь аҟны аус руртә алшара рзаԥҵара.Иара убасгьы иҳәеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҿар даара агәцаракра шаадырԥшуа, ирылшо зегь шыҟарҵо.Ахыԥхьаӡара атәы ҳҳәозар, ари аамҭаз иныхын 34 миллион мааҭ, аизараҟны ишазгәаҭаз еиԥш урҭ рҟынтәи 31 миллион мааҭ Беслан Агрба ихатә ԥарақәа роуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20200414/Moskvati-asua-diaspora-atskhyraara-Asnya-iaanashit-1029896207.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220208/onlain-ausura-asny-ararat-proekt-yts-alargaleit-1037485608.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/0b/1039523662_162:0:1118:717_1920x0_80_0_0_e556c1841f69defa1b4ec625803a9614.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Москватәи аԥсуа диаспора ахада далырхит
09:25 12.06.2022 (ирҿыцуп: 13:02 12.06.2022) Москва имҩаԥысит ауаажәларратә еиҿкаара "Москватәи аԥсуа диаспора" аҳасабрба-алхратә еизара. Аизараҿ далхын ахантәаҩы, 2018-2022 шықәсқәа рызтәи аҳасабырба ҟаҵан, иалацәажәеит аԥхьаҟатәи руснагӡатәқәа.
МОСКВА, рашәара 12 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Москватәи аԥсуа диаспора ахадас ҩаԥхьа еицҿакны далырхит Беслан Агрба.
2012 шықәса раахыс Беслан Агрба Москватәи аԥсуа диаспора ахадас дыҟоуп. Иара зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит ҩаԥхьа ирҭаз агәрагаразы. Иҳәеит Москва иҟоу аԥсуаа реидгылара иабзоураны, Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны анҭыҵ иӡырызго апроектқәа анагӡара шроуз.
"Москватәи аԥсуа диаспора – арҭ рыԥсадгьыл ишацәыхароугьы змилаҭтә-етникатә акзаара аиқәырхара иашьҭоу уаауп. Абарҭ ацәаныррақәа узцәырҵуазар, адиаспора уахәҭакуп", - иҳәеит Агрба.
Иара иазгәеиҭеит, аԥхьаҟа аиҿкаара гәҭакыс ишамоу аҿари аекспертцәеи реиԥылара аиҿкаара.
"Ҳара иҳамоуп аҵарауаа, анаплакыҩцәа рацәаҩны, аҿар ак разҳәаша. Аинтерес зҵоу проектк шәымазар, ҳара еснагь ҳаартуп. Исҭахын аус еицааурц афондқәа реиԥш. Адиаспора шәганахьала аԥшьгарақәа рацәазарц", - иҳәеит аиҿкаара ахада.
Иара убасгьы дазааҭгылеит 2018-2022 шықәсқәа рзы инарыгӡаз аусқәа ртәы, иаликааит адиаспора рзын акыр зҵазкуаз апроектқәа.
Агрба иҳәеит аиҿкаара имҩаԥнагаз акультура-арккаратәи агәыҳалалратәи аусқәа. Ҿырԥштәыс иааигеит аԥсуа культуратә фестиваль "Аԥсны", аинтеллектуалтәи аспорттәи хәмаррақәа, есышықәсатәи аиԥыларақәеи егьырҭ еиуеиԥшым акциақәеи рпроектқәа.
Иалкаан, COVID-19 Аԥсны алмарҵәаразы агәыҳалалратә цхыраара - амедицинатә маругақәеи ахәшәқәеи раахәараз иҟаҵаз аԥареизгара. Аԥсны ацхыраараз иааизакны еизган 8 713 500 мааҭ, хазы иазааҭгылан аԥареизгараҿ зыхьыӡ ҳәам афранцыз 470 евро шааишьҭыз.
"Ари маҷк Аԥсны аибашьра аналагаз раԥхьатәи амшқәа сгәаланаршәеит, Москва ианеизыргоз зегьы. Иҟалап, ари зегь аҭахымызҭгьы, аха ихадаз аидгылара акәын", - иҳәеит Агрба.
Москватәи аԥсуа диаспора анагӡаратә директор Даур Барганџьиа иргәалаиршәеит ихадоу апроектқәа ишыруаку онлаинла аҵара.
2021 шықәсазы Москватәи аԥсуа диаспореи StemLab ашколи рыцхыраарала аԥышәаратә усурала иаԥҵан арҵаратә проект, хықәкыс иаман IT ахырхарҭала аҟазацәа разыҟаҵара, аусурҭатә ҭыԥқәа раԥҵара, ареспублика ауааԥсыра онлаинла адунеи зегь аҟны аус руртә алшара рзаԥҵара.
"IT ахырхарҭала аусурҭатә ҭыԥқәа раԥҵаразы апроект ҳадыргалеит. Ҳара ҳашкол аҟны аҵара рҵоит апрограммаҟаҵара ашьаҭала. Ари апроект алҵшәа аиуит – ҩыџьа аусурҭа ҭыԥ роуит. Ҳгәы иҭоуп ҩаԥхьа аартра, уажәнатә агәаҳәара змоу 20-ҩык ыҟоуп. Ари даара хаҳара злоу акоуп, Аԥсны амшын аԥшаҳәаҿы утәаны уусгьы ҟаҵо, аԥарагь уоуеит", - иҳәеит Барганџьиа.
Иара убасгьы иҳәеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҿар даара агәцаракра шаадырԥшуа, ирылшо зегь шыҟарҵо.
Ахыԥхьаӡара атәы ҳҳәозар, ари аамҭаз иныхын 34 миллион мааҭ, аизараҟны ишазгәаҭаз еиԥш урҭ рҟынтәи 31 миллион мааҭ Беслан Агрба ихатә ԥарақәа роуп.