Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла адларазы ареферендум амҩаԥгара иалацәажәоит Москва

© Sputnik / Алексей МайшевМосковский Кремль и Покровский собор
Московский Кремль и Покровский собор - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2022
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада напхгара зиҭо Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа урыстәылатәи аҳҭнықалақь ахь амҩа иқәлеит.
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев Урыстәыла адларазы ареферендум амҩаԥгара аилацәажәаразы Москва даҭааит, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Аилацәажәара мҩаԥгахоит рашәара 14 рзы. Аделегациа иалахәуп Апарламент ахада Алан Тадтаев, Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы Олесиа Кочиева, АКХ ахантәаҩы Емилиа Гагиева, адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Медоев, Ахада аҳәынҭқарратә иабжьгаҩ Константин Кочиев", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Хәажәкырамза анҵәамҭазы ареспублика уаанӡатәи ахада Анатоли Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит, Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла адларазы иахәҭоу ашьаҿақәа шыҟанаҵо, уи ашьҭахь Нхыҵи Аахыҵи реидылара хымԥадазароуп ҳәа.
Бибилов иажәақәа рыла, атәыла изныкымкәа Урыстәыла адларазы аҽазышәарақәа ҟанаҵахьан, ахықәкы- ажәлар ргәазыҳәароуп. Бибилов иусԥҟала Урыстәыла адларазы ареферендум амҩаԥгара азгәаҭан лаҵара 17 рзы.
Второй тур президентских выборов в Южной Осетии - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2022
Гаглоев Уаԥстәыла Урыстәыла алалараз ареферендум амҩаԥгаразы аусԥҟа амчра ааникылеит
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада ҿыц Алан Гаглоев ареспублика Урыстәыла алалараз ареферендум амҩаԥгаразы аусԥҟа Москвеи Цхинвали рконсультациақәа хыркәшахаанӡа амчра аанкылазааит ҳәа адҵа ҟаиҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0