Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иреиҵаӡоу ахныҟәгага шықәсыбжак аҩнуҵҟа зықьмааҭ еиҳаны иацлеит

© Sputnik / Владимир ТрефиловМонеты номиналом один рубль
Монеты номиналом один рубль - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Рашәара 1 азтәи аамҭала тәылауаҩык изы иреиҵаӡоу ахныҟәгага иартәеит 9343,4 мааҭ ҳәа аанацҳауеит ареспублика аҳәынҭстатистика.
Арахь иаҵанакуеит:
Ааглыхратә тауарқәа – 6390,9 мааҭ,
Иааглыхратәым атауарқәа – 1831,3 мааҭ,
Зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа, ихымԥадатәиу ашәарақәа – 1121,2 мааҭ.
Ииасыз ашықәс абри аамҭа иаҿурԥшуазар, иреиҵаӡоу ахныҟәгага ахәԥса 22,3% иазҳаит.
Хәажәкырамза 1 азтәи аамҭазы иреиҵаӡоу ахныҟәгага ахәԥса 8529,2 мааҭ ыҟан, мшаԥы 1 азы – 9137,6 мааҭ, 2021 шықәса абҵарамзазы - 8202 мааҭ. Абас ала еиҵаӡоу анхаралшара шықәсыбжак аҩнуҵҟа зықьмааҭ иацлеит.
Аусбарҭаҿы ахархәаратә хәԥсақәеи атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхәԥсақәеи реихшьалатә индекс 110,5% ыҟоуп ҳәа азгәарҭоит ашықәс иалагазар: ааглыхратә тауарқәа – 111,0%, иааглыхратәым атауарқәа – 111,4%, зыхә ршәо амаҵзурақәа – 110,2%. 2022 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥы рызтәи ахәԥсақәа риндекс 111,9% ыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0